"Ахәыҷқәа ргәы ҟаҳҵап ҳәа, ақыҭаҿы аӡәи-аӡәи еибабап ҳәа ҳаилацәажәан иазыҳаӡбеит аныҳәа аиҿкаара. Егьырҭ ақыҭақәагьы Баслахә, Кәтол, Акәасқьа, Река уҳәа инхо ахәыҷқәагьы ааԥхьара раҳҭеит, мап ҳцәырымкит. Иаҳҭахуп адәаҿы аныҳәа аиҿкаара, амш иаҳнаҭар. Ахәыҷқәа рзы еиҿкаахоит ахәмаррақәа, иҟазаауеит ақьачақьцәа, ргәы ҟазҵаша ахаақәагьы ҟалоит, абасала ргәы аҟаҵара ҳгәы иҭоуп. Аҳамҭақәагьы ҟалоит", - ҳәа еиҭеиҳәеит Акаба.
Ақыҭаҿы ахәыҷқәа усҟак ирацәам, ҩ-школк ыҟоуп, аха аҵаҩцәа маҷҩуп. Сара санҭаз аамҭазы 100-ҩык рҟынӡа ахәыҷқәа аҵара рҵон, уажәы 30 инацны роуп иҟоуп ҳәа азгәеиҭеит Акаба.
"Ахәыҷқәа аспорт ишахәҭоу рҽазыҟарҵартә еиԥш алшара рымам. Ааигәа ашьапылампыл асразы ахәмарырҭатә ҭыԥ аргылара иалагеит, аха аусурақәа аанкылан, инагӡам. Ҿыц иргылоу ашкол аҿы аспортзалгьы ыҟам. Ажәытә школ акәзар, зынӡагьы аиҭашьақәыргылара аҭахны иҟоуп. Ахәыҷқәеи, арҵаҩцәеи, аҭаацәеи рхала еицхырааны ак ҟарымҵозар, ус еиҿкааны рҽахьазыҟарҵо ҳәа акгьы ыҟам", - ҳәа азгәеиҭеит Акаба.
Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩы аудио аҿы, мамзаргьы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
Барганџьиа: аарҩараан Ԥақәашь ҳҵеиџьқәа ҭабоит, азеиԥш ӡымҩангага ҳамам
Какалиа Кәтол асоциалтә проектқәа рынагӡаразы: ақалақь ахь нхара ицо рхыԥхьаӡара маҷхоит