Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Какалиа Кәтол асоциалтә проектқәа рынагӡаразы: ақалақь ахь нхара ицо рхыԥхьаӡара маҷхоит

© Foto / предоставлено Демуром Какалия Демур Какалия
Демур Какалия - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Агәыҳалалратә фонд "Кәтол ақыҭа аҿиара ацхыраара" анапхгаҩы Демур Какалиа арадио Sputnik аефир аҟны арубрика "Раионк аԥсҭазаараҟынтә" аҿы еиҭеиҳәеит ақыҭаҟны ашьапылампыл маҷ адәы аргылара шаԥшьыргаз, рфонд ахықәкы атәы.
Раионк аԥсҭазаараҟынтә: Какалиа Кәтол ашьапылампылтә дәы аргылара иазкны

"Афонд алахәылацәа ақыҭаҟны инхо аҷкәынцәа роуп зегьы: Џьон Тапаӷәуа, Авҭандил Шьенгьелиа, Гена Ҵлаииа. Еиду амилаҭқәа реиҿкаара Аҿиара апрограмма асоциалтә проектқәа ирыдҳәалоу ахь ашәҟәы алаҳҵеит. Астадион аргыларазы ҳапроект ргәаԥхеит, ирҳәеит аԥара шәаҳҭоит ҳәа. Аргылара ҳалагеит, иаагозар, иацы ахаҳә ҭаҳаԥсон астадион иахьаҵанакуа. Ацхыраара ҳарҭоит ҳқыҭа иалахәу аҷкәынцәа. Аӡәы абылтәы ҳаиҭоит, ҽаӡәы - аԥара, досу ишилшо еиԥш. Апроект анагӡаразы аԥара аноурыжьуаз Еиду амилаҭқәа реиҿкаара Аҿиара апрограммала иҳарҳәеит ахә зегьы шахырымшәаауа. Ҳара иаҳҳәеит иазымхо аԥара, аргыларатә материалқәа роума, ишҳалҳаршо. Ахаҳә акәзар, Тамшьтәи аҵхырҭаҟынтәи иҳаиҭеит ҳқыҭаҟны инхо Асҭамыр Саӡба, иара ибзоурала иахәҭаз ҭаҳаԥсеит", - иҳәеит Какалиа.

Иара иажәақәа рыла, Кәтол ақыҭа аҿиаразы афонд аԥҵан жәабранмзазы, хықәкыс ирымоуп еиуеиԥшым асоциалтә проектқәа аԥсҭазаара раларҵәара.

"Зегьы ижәдыруеит ақыҭақәа рҟны аҭагылазаашьа зеиԥшроу, иҟаӡам иақәнагоу аспорттә ҽазыҟаҵарҭақәа, еиуеиԥшым асекциақәа. Ҳәарада, арҭқәа зегьы зныкала иҳалшаӡом аҟаҵара, аха шьаҿа-шьаҿала ҳамч ақәхоит ҳәа сгәы иаанагоит", - иҳәеит Какалиа.

Иара иазгәеиҭеит ақыҭақәа рҟны еиуеиԥшым асоциалтә проектқәа зынагӡахар, ақалақь ахь нхара ицо рхыԥхьаӡара иаҳа имаҷхон ҳәа.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0