Ақалақь ахаҿра арԥшӡара ахатә харџьқәа алоуп иҳәеит Ешба

Аҟәа ақалақь ахадара аусурақәа мҩаԥнагоит Амҳаџьыраа рыԥшаҳәаҿи ақалақь апаркқәа руак аҿи.
Sputnik

АҞӘА, рашәара 24 - Sputnik. Аҟәа ақалақь Амҳаџьыраа рыԥшаҳәаҿи ақалақь апаркқәа руак аҿи ахаҿрарԥшӡаратә усурақәа мҩаԥыргоит ахатә харџьқәа рыла ҳәа аҳәамҭа ҟаиҵеит аҳҭнықалақь ахада Беслан Ешба уаанӡа атәыла ахадарахьы зкандидатура ықәгылаз Адгәыр Арӡынба Аԥсуа телехәаԥшра аефир аҿы ицәажәара ашьҭахь.

Ацәхыԥқәа рыда, алашара ақәырԥханы: Аҟәа аԥшаҳәаҿы абульвар мҩа шьҭарҵоит

Рашәара 22 рзы Аԥсуа телехәаԥшраҿы Адгәыр Арӡынба иҳәеит ишизеилымкаауа ҳазҭагылоу аамҭа цәгьазы аӡыршәқәа рремонт аԥара ахшәаара, ақыҭауаа адгьылқәа зларцәаӷәо аԥарақәа анрымам аамҭазы.

"Аҳҭнықалақь арԥшӡаразы ҳаԥшьгамҭақәа рыхәҭак ақалақь абиуџьет аҟынтәи аԥара рхаҳшәаауеит – атротуартә плитақәа, ажәытә плитақәа рырҽеира, "Брехаловка" аҿы астол ҿыцқәа. Егьырҭ аусурақәа – аплитақәа рышьҭаҵара, Багаԥшь ихьӡ зху ашҭаҿы ашәҭтә клумба ақәыргылара, амҩакырҭақәа рыргылара, Адраматә театр аҿаԥхьа аӡыршәқәа ррыцқьара, апарк "Алакә" аҿы аусурақәа – арҭ зегьы ахатә ԥарақәа роуп ирыхшәаау", - иҳәеит Ешба. Абри атәы аанацҳауеит ақалақь ахадара асаит.

Беслан Ешба иазгәеиҭеит Аҟәа ахадара ауалафахәқәеи акоммуналтә маҵзурақәеи рганахьала рхыдҵақәа шынарыгӡо.

"Апандемиа инадҳәаланы ақалақьтә биуџьет ахь алагалақәа ыҟоуп, аха урҭ ианаамҭоу инеиуам. Уи иахьмырԥшыкәа иҳалшо ҟаҳҵоит аҭыԥ аҿы ҳамгылакәа ԥхьаҟа ацаразы", - иҳәоит Ешба.

Иара убасгьы иҳәеит иахьатәи аамҭа уадаҩ азгьы ақалақь ауааԥсыреи асасцәеи аамҭахгаразы ргәы ҟазҵаша аҭыԥқәа рымазароуп ҳәа.

Амҳаџьырқәа рыԥшаҳәаҿы лаҵарамзазы аусурақәа ирылагеит аҵладацқәа рыԥҟареи ашьаҟамҩатә хаҳәқәа рышьҭаҵареи рзы. Иара убасгьы аресторан "Амра" инаркны аресторан "Аԥра" аҟынӡа ишьҭыхым аныҟәарҭамҩа ҟаҵахоит. Атранспорт аныҟәара аҭышәныртәаларазы амҩакыгақәа хԥа ргылахоит Амҳаџьырқәа рыԥшаҳәаҿы.

Рашәарамза иалагазар арҽеиратә усурақәа мҩаԥысуеит апарк "Алакә" аҿгьы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: