Аҟәа ақалақь ахадара Индоевропатәи ателеграфшьаҟақәа ареставрациа рзыруеит

© Sputnik / Томас ТхайцукСтолбы Индоевропейского телеграфа в парке "Сказка"
Столбы Индоевропейского телеграфа в парке Сказка - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҟәатәи апарк "Алакә" аҿы рашәарамза иаалагазар, аусурақәа мҩаԥысуеит. Убасҟан иҵхын Индоевропатәи ателеграфтә шьаҟақәа.

АҞӘА, рашәара 23 - Sputnik. Аҟәа ақалақь ахадара Индоевропатәи ателеграфшьаҟақәа ареставрациа рзыруеит, нас иахьдыргылашазы Акультура аминистрреи дареи еилацәажәоит ҳәа аанацҳауеит аусбарҭа апресс-маҵзура.

Акультура аминистрра апресс-маҵзура Facebook аҟынтәи анҵамҭаҿы иазгәанаҭеит ақалақь азы арҭ ашьаҟақәа аҭоурыхтә ҵакы шрымоу, убри азы ақалақь ахадара адырра анаҭеит абаҟақәа рыхьчаразы аусбарҭеи дареи еинырларц.

Уи адагьы иазгәаҭоуп апарк "Алакә" аҵакыра аҭоурых-культуратә ҭынха аобиектқәа ишрыҵаку.

Столбы Индоевропейского телеграфа в парке Сказка - Sputnik Аҧсны
Асклад ахь иҳашьҭит: апарк "Алакә" аҟны иҵарсыз ателеграф шьаҟақәа рҭоурых

Ателеграф цәаҳәа Лондон – Калькутта афирма Siemens ишьақәнаргылеит Британиатәи аимпериа иҟанаҵаз аҿаҵала. Иара мҩаԥган аимпериа XIX ашәышықәсазы Индиа имҩаԥысуаз ақәгыларақәа ахьазымхәаҽуаз иахырҟьаны. Аколониа напхгараҭара уадаҩхеит аимпериа аҳҭнықалақь аҟынтәи адҵаҟаҵарақәа ирласны раашьҭра алмыршакәа. Убри азы акралԥҳәыс Викториа дақәшаҳаҭхеит 10 000 километр инаӡоз ателеграфтә цәаҳәа амҩангара. 1867 шықәса абҵарамзазы ацәаҳәа мҩаныргон Ҟрым, Ҟәбан, Аԥсны, Қырҭтәыла, Ермантәыла рыдгьылҵакыра иалганы.

Вернер фон Сименс аусурақәа ахьцоз аҭыԥқәа дырҭаауан. Дыҟан Аԥсынгьы. Анзор Агәмаа ишәҟәы "Старый Сухум" аҟны иарбоуп Сименс иахьатәи Аидгылара амҩаду аҿы адгьыл шааихәаз, нас, 1869 шықәса рзы Индоевропатәи ателеграф аусҳәарҭа ширгылаз.

1877–1879 шықәсқәа рзы аурыс-аҭырқәа еибашьраан аусҳәарҭа рбган, ашьаҟақәа ыҵхын, ацәаҳәақәагьы ԥыҵәҵәан.

1912 шықәса рзы Ҷоҷуа имҩаҿы аусҳәарҭа ахыбра ҿыц шьақәыргылан. Иахьазы иара архитектуратә баҟаны ишьоуп.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0