Абџьар ҵәахны иахьимаз азы Гал араион ауаҩԥсы даанкылоуп

Абџьар ҵәахны иахьимаз азы Гал араион Шьашьикәара ақыҭа ауаҩԥсы даанкылоуп. Иара ҩышықәса инаркны хәышықәсанӡа иқәҵахар алшоит 25 000 мааҭ ахараԥса ацҵаны, ма иацымҵакәа.
Sputnik

АҞӘА, рашәара 25 - Sputnik. Абџьар ҵәахны иахьимаз азы Гал араион Шьашьикәара ақыҭа инхо Оҭари Басариа даанкылоуп ҳәа аанацҳауеит Аԥсны АШәМ асаит.

"Уажәазы Аԥсны АШәМ агәаҭара мҩаԥнагоит Басариа ауаа рӷьычра, аԥара мчыла рыцәгара, ақәыларақәа уҳәа реиԥш иҟоу ацәгьоурақәа дрылахәуп ҳәа иҟоу аинформациа", - аҳәоит адырраҭараҿы.

Басариа инхарҭаҩны агәаҭараан ҵаҟатәи аихагылаҿы иԥшаан автомат АК-74,  апатронқәа 30, аграната Ф-1.

Гал араион апрокуратура ашьаус хацнаркит Басариа иганахь ала Аԥсны АЗ ахәҭаҷ 217 ахәҭа 1 (закәаншьаҭада абџьари аџьаԥҳани раахәареи, рыҵәахреи, рымазаареи, рныҟәгареи) инақәыршәаны. Басариа Аԥсны ААР Галтәи ахәҭа аамҭалатәи аанкыларҭахь днагоуп.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: