Абџьар хьшәашәа Урыстәылантәи Аԥсныҟа аиагара аҳазалхыҩцәа иаԥдырҟәҟәааит

© Пресс-служба Сочинской таможниНезаконно перевозимый кастет
Незаконно перевозимый кастет - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Шәачатәи аҳазалхыҩцәа абџьар хьшәашәа Урыстәыла-Аԥснытәи аҳәаала аиагара аԥдырҟәҟәааит.

АҞӘА, рашәара 23 - Sputnik. 19 шықәса зхыҵуа Аԥсны атәылауаҩ лшәыраҿы шәачатәи аҳазалхыҩцәа акастет рыԥшааит лара Урыстәылантәи Аԥсныҟа даниасуаз ҳәа аанацҳауеит Шәача Аҳазалхырҭа апресс-маҵзура.

Амаҭәар рбеит арентгентә шьақәгылала.

© Пресс-служба Сочинской таможниПрохождение таможенного контроля на Сочинской таможне
Абџьар хьшәашәа Урыстәылантәи Аԥсныҟа аиагара аҳазалхыҩцәа иаԥдырҟәҟәааит - Sputnik Аҧсны
Прохождение таможенного контроля на Сочинской таможне

Иара убасгьы Аԥснынтәи Урыстәылаҟа ицоз Амуртәи аобласт ауаҩԥсы идбалан "штык-нож" ҳәа изышьҭоу америкатәи авинтовка М-16 ахәҭа. Ахаҵа ихымҩаԥгашьа агәыҩбара зызцәырнагаз аҳазалхыҩцәа аҳәаа иахысраан иеидара инарҵауланы игәарҭеит.

"Штык-нож" аура - 32 сантиметра, анапкырҭа - 12,5 сантиметра, аҿы - 19,5 сантиметра.

Арҭ ззин ыҟам амаҭәарқәа рганахьала аҳазалхратә рбага дыррак анымызт, иныҟәыргар шыҟало азгьы зинк рымамызт. Абџьар хьшәашәа аекспертизахь инашьҭуп.

Ажәабжьқәа зегьы
0