Аиааира 75-шықәса ахыҵра ахьӡала маланыҟәала аиԥхныҩлара мҩаԥган Аҟәа

Акциа "Сабду аиааиразы ҭабуп ҳәа иасҳәоит" мҩаԥысит Аԥсны иҟоу Урыстәыла Ацҳаражәҳәарҭа, Аԥсны иҟоу Россотрудничество ахаҭарнакра рыдгыларала, жәларбжьаратәи аиҿкаара "Аиааира аволантиорцәеи" Москва Аҩни рлахәыларала.
Sputnik

АҞӘА, рашәара 25 – Алиса Адлеиԥҳа. Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аҟны Аиааира 75-шықәса ахыҵра ахьӡала маланыҟәала аиԥхныҩлара мҩаԥган Аҟәа. Акциа рҽаладырхәит 30-ҩык рҟынӡа ареспублика ауааԥсыра, Аԥсны иҟоу Урыстәыла Ацҳаражәҳәарҭеи, Аԥсны иҟоу Россотрудничество ахаҭарнакреи русзуҩцәа.

"Ахаан иаҳхашҭуам": Ашҭа ҟаԥшь аҿы Аиааира апарад мҩаԥысит

Акциа хацыркын Москва Аҩны аҿаԥхьаҟынтә Москва имҩаԥысуаз Аиааира апарад аамҭа иақәыршәаны.

Акциа "Сабду аиааиразы ҭабуп ҳәа иасҳәоит" алахәылацәа аҭааит 429-ҩык аибашьцәа Агәыӡератәи Рмемориал ахь инеиит, уаантәи Гәылрыԥшь иҟоу 1992-1993 шықәсқәа рзтәи Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраан иҭахаз рбаҟахьы инеиит.

Акциа хыркәшахеит Амҳаџьыраа рыԥшаҳәаҿы иҟоу Кавказ ахьчаҩцәа рбаҟаҟны.

"Раԥхьатәи амаршрут Алада Ешыра иалсны Афонынӡа инаӡон. Аха ари амаршрут амч ӷәӷәа аҭахын алахәылацәа рҟынтәи уи адагьы алахәылацәа рымҩаҿы аԥсыжырҭақәеи абаҟақәеи ыҟамызт азы амаршрут еиҭакын", - иҳәеит Аԥсны иҟоу Россотрудничество анапхгаҩы ицхырааҩ Евгени Павлов.

Аиԥхныҩлара иалахәыз зегь иреиҵбыз 7-шықәса ихыҵуан. Иҟан зымч мхаз, афиниш аҟынӡа изымнаӡаз.

Иҿыцны автоеиԥхныҩлара иалахәхеит жәаҩык рҟынӡа. Егьырҭ алахәылацәа уаанӡагьы иалахәхахьан.

Аиааира 75-шықәса ахыҵра ахьӡала маланыҟәала аиԥхныҩлара мҩаԥган Аҟәа

"Сара исгәаԥхеит. Ҵыԥх аасҭа сынтәа аинтерес ацын. Ауаагьы еиҳа ирацәан", - иҳәеит алахәылацәа руаӡәк.

Акциа ахыркәшамҭаз Москва Аҩны аҿаԥхьа алахәылацәа зегьы аҳамҭақәа рзыԥшын.

"Сабду аиааиразы ҭабуп ҳәа иасҳәоит" ҳәа зыхьӡу маланыҟәала аиԥхныҩлара аантәуп Аԥсны имҩаԥыргоижьҭеи.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: