Агуманитартә коридор ала Аԥсныҟа 900-ҩык рҟынӡа ауааԥсыра хынҳәит

Егры аӡиас ала Агуманитартә коридор аадыртит рашәара 22 рзы. Раԥхьатәи ԥшь-сааҭк ирылагӡаны аҳәаа иахысит 102-ҩык. Рашәара 24 рзы акоридор аркын.
Sputnik

АҞӘА, рашәара 26 – Sputnik, Сариа Кәарцхьиаԥҳа. Агуманитартә коридор аус ауанаҵы ақырҭуа-аԥсуа ҳәаа иахысит 907-ҩык ауааԥсыра ҳәа Sputnik иазеиҭарҳәеит Аԥсны АШәМ апресс-маҵзураҿы.

"Урҭ рҟынтәи 200-ҩык хәыҷқәоуп. Дара Аԥсны иатәылауаауп, ма ара инхоит. Рызегьы аҳәаа ахысразы азинқәа рыман", - ҳәа азгәарҭеит амаҵзураҿы.

Аԥсны АШәМ аинформациала аҵыхәтәантәи аамҭазы Қырҭтәыла аҵакыраҿы иаанханы иҟан Аԥсны атәылауаҩра змоу реиԥш анхараз азин змоугьы жәпаҩны. Ҳтәылауаа рыԥсадгьыл ахь рыхынҳәраз алшара роурц азы еиҿкаан агуманитартә коридор.

Латипов еиҭеиҳәеит Егры аҳәаа аамҭала аартраан аус шауло

Қырҭтәыла иҟоу Аԥсны атәылауааи Аԥсны инхои рзы Аԥсны агуманитартә коридор еиҿнакаан 2020 шықәса рашәара 22 рзы, есыҽны асааҭ 9:00 -19:00 рыбжьара ауаа аҳәаа иахысуан, рашәара 24 рзы акоридор аркын.

Қырҭтәылантәи Аԥсныҟа иаауа зегьы ргәабзиара аҭагылазаашьа аилкааразы амедицина-санитартә гәаҭара хымԥада иахысроуп. Уи адагьы ҩымчыбжьатәи акарантин рхыргароуп. Аҳәааҿы иааиԥмырҟьаӡакәа амедусзуҩцәа гылан.

Егры аӡиас ала Аԥсны аҳәынҭқарратә ҳәаа ахысра аанкылан рашәара 1 инаркны. Уаанӡа, лаҵара 26 рзы аҳәаа аадыртит акарантин иахҟьаны Қырҭтәылантәи Аԥсныҟа изыхнымҳәуаз ауаа аарц азы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: