Латипов еиҭеиҳәеит Егры аҳәаа аамҭала аартраан аус шауло

© Foto / предоставлено Рустамом ЛатиповымРустам Латипов
Рустам Латипов - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны ашәарҭадаратә маҵзура ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ, аҳәааахьчаратә маҵзура аиҳабы Рустам Латипов арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы еиҭеиҳәеит Қырҭтәылантә Аԥсныҟа ихынҳәуа ауааԥсыра рзы Егры аҳәаа ахысра аус шеиҿкаау атәы.
Раионк аԥсҭазаараҟынтә: Латипов Егры аҳәаа аамҭала аартра иазкны

Рашәара 22 инаркны 24-нӡа Егры аҳәаа аартуп. Қырҭтәыла иҟоу Аԥсны атәылауаа азин рымоуп аҩныҟа аара.

"Аԥсны атәылауаҩра змоу иара убас Гал араион иқәынхо, анхаразы азин рызҭауа ашәҟәы змоу, аҳәаанхыҵ иҟоу, зыҩныҟақәа рахь иааратәы алшара змам рхыԥхьаӡара рацәахеит, урҭ рзинқәа рыхьчаразы иазыӡбан арахь раара азҵаара аӡбара. Асааҭ жәба инаркны зеижәынӡа аҳәаа аартхоит, рашәара 22 инаркны 24-нӡа. Иахьа асааҭ акынӡа иахысхьан 102-ҩык Аԥсны атәылауаа. Убри аан Қырҭтәылаҟа ацара азин ыҟаӡам, Егры афымцамчтә станциеи жәларбжьаратәи аиҿкаарақәа рхаҭарнакцәеи рыда. Аҳәаа ахыҵра азин ыҟоуп Егры ацҳа мацарала, егьырҭ аушьҭырҭатә ҭыԥқәа зегьы аркуп. Аԥсныҟа иаауа зегьы ишахәҭоу еиԥш амедицианатә гәаҭарақәа ирхысуеит. Анаҩс дара акарантинтә ԥҟарақәа рыла ҩымчыбжь рхы ԥхьаркуеит", - ҳәа еиҭеиҳәеит Латипов.

Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩы аудио аҿы, мамзаргьы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0