Агуманитартә коридор: Аԥсны аамҭала Қырҭтәылеи иареи рҳәаа аанартуеит

© Sputnik / Михаил Мордасов / Амедиаҵәахырҭахь аиасраПограничная застава на абхазско-грузинской границе
Пограничная застава на абхазско-грузинской границе - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Қырҭтәылантәи Аԥсныҟа иаауа зегьы ргәабзиара аҭагылазаашьа аилкааразы амедицина-санитартә гәаҭара хымԥада иахысроуп.

АҞӘА, рашәара 19 – Sputnik. Қырҭтәыла иҟоу Аԥсны атәылауааи Аԥсны инхои рзы Аԥсны агуманитартә коридор еиҿнакаауеит 2020 шықәса рашәара 22-24 рзы. Абри атәы аанацҳауеит атәыла Ашәарҭадаратә маҵзура асаит аҟны.

Агәаҭара-аушьҭратә ҭыԥ "Егры" аҟны есҽны асааҭ 9:00 инаркны 19:00 рҟынӡа ауаа аурышьҭуеит. Қырҭтәылантәи Аԥсныҟа иаауа зегьы ргәабзиара аҭагылазаашьа зеиԥшроу аилкааразы амедицина-санитартә гәаҭара хымԥада иахысроуп.

Аҳәынҭқарратә ҳәаа ахысра ҟалоит анаҩстәи адокументқәа рымазаараан:

  • ҳтәыла анҭыҵ ауаҩы ихаҿра шьақәзырӷәӷәо Аԥсны атәылауаҩ итәылауаҩшәҟәы;
  • Аԥсны атәылауаҩ иҩнуҵҟатәи азеиԥшуаажәларратә тәылауаҩшәҟәы (2016 шықәсазтәи);
  • Аԥсны аҵакыраҿы иааиԥмырҟьаӡакәа инхо аҳәаанырцә тәылауаҩ ма атәылауаҩра змам ахаҿы анхарҭа аиуразы ишәҟәы;
  • Аԥсны Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра ирынаҭаз аформа №9 ала аилыркаага;
  • 14 шықәса рҟынӡа зхыҵуа ахәыҷқәа ирымазароуп аиразы аршаҳаҭга.

Егры аҳәаа иаԥну Аԥсны аҳәынҭқарратә ҳәаа ахысразы иаркын рашәара 1 инаркны. Уаанӡа, лаҵара 26 рзы аҳәаа аадыртит акарантин иахҟьаны Қырҭтәылантәи Аԥсныҟа изыхнымҳәуаз ауаа алаларц азы. Уи аамҭа иалагӡаны атәылахь иааит 532-ҩык ауааԥсыра.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0