Арепатриациа

Еџье Џьаԥра: сара саԥсыуоуп, уи азы Ҳазшаз ҭабуп ҳәа иасҳәоит

Ҭырқәтәыла инхо ҳџьынџьуаа рыԥсадгьыл, рбызшәа, рҵас-рқьабз еснагь иазҿлымҳауп, аиҳабыратә абиԥарақәа инарываргыланы, згәы былуа аҿарацәагьы рацәоуп. Урҭ дреиуоуп ажурналист Сырма Ашәԥҳа дзыҿцәажәаз Еџье Џьаԥра, уи лаԥсшәа ааџьоушьаратәы иҟоуп.
Sputnik

Сырма Ашәԥҳа, Sputnik

Ишдыру еиԥш, Ҭырқәтәыла инхо аԥсуаа иахьа уажәраанӡа имырӡӡакәа иааргоит рмилаҭтә культура, рҵас, рқьабз. Ахатәы бызшәа аганахьала акәзар, аиҳабыратә абиԥарақәа аԥсышәала ицәажәозар, аҿар рыҩнуҵҟа ашәара ыҟоуп ирцәыӡыр ҳәа. Ажәытә аамҭа еиқәнархаз рацәоуп, аҿатә аамҭа иаԥсахызгьы маҷым.

Омар Хагəышь: Аԥсныҟа саара – илабҿабахаз аԥхыӡ исзаҩызахеит

Аԥсуа қыҭақәа рҿы аԥсы шҭоу еиԥш аԥсуара, убас еиԥш аԥсы ҭоуп абызшәагьы. Ҭырқәтәыла инхо аҿаргьы ирҳәо убри ауп: "Усҟан ақыҭақәа рҿы инхон ҳандуцәа, ҳабдуцәа, аԥсшәа бзианы ирдыруан, аҩнгьы излеицәажәоз иарала акәын, ҳарҭ иаҳдыруа ахәыҷгьы урҭ ирҿаҳҵааз ауп. Ашьҭахь, ақалақьқәа рахь ҳаниас, маҷ-маҷ иаҳхашҭуа ҳалагеит", - ҳәа. Егьа ус акәзаргьы, рҽазыршәоит рбызшәа аиқәырхара, аҵара. Ақалақьқәеи ақыҭақәеи рҿы еиҿкааны ирымоуп акультуратә дернеқьқәа (ахеидкылақәа), уахь иныҟәоит, рҽазыршәоит раԥсуара ирыднаҵо ақьабзқәа рықәныҟәара, рҵара.

Убас еиԥш иахьа зыӡбахә сымоу аҭыԥҳа Еџье Џьаԥра ҳазҭагылоу аамҭазы дынхоит Ҭырқәтәыла, Диузџьа иаҵанакуа Мыҷқьои (Амҷаа рқыҭа) аҟны, уа аҭаацәара далоуп, лыԥшәма Агрбоуп, Аныл ихьӡуп, илызҳауеит ҩышықәса зхыҵуа рыԥҳа хәыҷы Гәында.

Орҳан Хəырхəмал: аԥсуараҿы аԥхьа игылоуп аԥхашьара

Арҭ аҭаацәа ԥшӡа рыӡбахә салҳәеит Ҭырқәтәыла инхо, Аԥснынтә уа изыҩнрахаз Мануелла Хәырхәмалԥҳа. Зегь раԥхьа ахшыҩзышьҭра ззылуз, аҩнаҭаҿы аԥсышәала иахьцәажәо, лыԥҳа хәыҷы аԥсшәа ада даҽа бызшәак ала лан дахьылмацәажәо, даара иҿырԥшыгоу шҭаацәароу ауп. Хымԥада, ас еиԥш иҟаз ажәабжь бзиа саҩсыжьуамызт, Мануелла илыбзоураны аҭел сылзасит, ҳаибадырит, аҷҷаҳәа аԥсышәалагьы ҳаицәажәеит Еџье Џьаԥреи сареи.

"Сара саб иқыҭа Енегиоль иаҵанакуа Ҵабалаа рхылҵшьҭра ахьынхо Мезиҭ ақыҭоуп. Ари ақыҭаҿы даара ибзианы аԥсышәала ицәажәоит. Сара сандуцәеи сабдуцәеи сырхаануп, сан лҭаацәа рыԥсы ҭоуп, саб иани иаби рдунеи рыԥсаххьеит. Саб иан Бганԥҳан, Фаиқа лыхьӡын, сан лан даҭырқәан. Схәыҷаахыс санду лҟынтә исаҳауаз алакәқәа, ахәмаррақәа, "Ҵиҵикәакәа маахырџьаџьа" инаркны исгәалашәақәо ыҟоуп. Сабду ацәажәара рацәак бзиа ибаӡомызт", - лҳәеит гәыблыла леиҳабацәа рыӡбахә дазааҭгылауа Еџье Џьаԥра.

Џьулетта Сабуаԥҳа Омер Кәаӡба изы: иаб иуасиаҭ анагӡаразы Аԥсныҟа дааит

Ҳаиҿцәажәараҿы излеилкаахаз ала, 1994 шықәса рзы жәашықәса зхыҵуаз Еџье, быжьшықәса зхыҵуаз лашьа Ерџьуменҭ лани лаби ирыцны ҭаацәала Аԥсныҟа иааит. Араҟа ҩышықәса инхон, аха аҭаацәаратә мзызқәа ирхырҟьаны Ҭырқәтәылаҟа ихынҳәыр акәхеит.

"Ҩышықәса Аԥсны сыҟазаара сара сзы ԥсҭаазаара дук иаҩызахеит. Бзыԥҭатәи абжьаратә школ ахь сныҟәон, сҩызцәа реиԥш амаҭәарқәа аԥсышәалеи урысшәалеи исҵон, ажәеинраалақәа срыԥхьон, уимоу ашәақәагьы сҳәон. Ҭырқәтәылаҟа ҳанаа, адунеи сакуамызт, Есқьишьеҳир адернеқь ахь сныҟәо салагеит, уа истәарҭан, исгыларҭан, исышьҭаларҭан, уаҟа имҩасуан сыԥсҭазаара аӷьырак", - дҳацәажәон Аԥсны лыҟазаара хьаагауа Еџье Џьаԥра.

Аԥснынтә Ҭырқәтәылаҟа дышнеиз здыруаз Еџье лҩызцәа еснагь лааигәа иҟан, рыԥсадгьыл ахабарқәа иразҵаауан, хымԥада Еџье ирзеиҭалҳәашазгьы лыман.

Еџье Џьаԥра: сара саԥсыуоуп, уи азы Ҳазшаз ҭабуп ҳәа иасҳәоит

"Аԥсны ҳашнеиз еиԥш, саб ижәлантәқәа иашьцәа рыԥшаара далагеит. Гәыԥ ақыҭаҿы Џьаԥариа зыжәлаз ҭаацәарак нхон, убарҭ дрықәшәеит, иахьынхоз дрызцеит. Сыжәла ашьҭа аганахьала макьана издыруа абри ауп, аилкаара сашьҭоуп, Ҭырқәтәыла инхо Џьаԥраа ҳмаҷҩым, Аԥсны амҳаџьырра иқәнахызар акәхап..." - дҳацәажәон Еџье Џьаԥра.

Иульқьиу Ашәԥҳа: Аԥсны шәҭык ахы ланарҟәыр Ҭырқәтәыла ҳахьыҟоу иаҳныруеит

Еџье Џьаԥра Аԥснытәи лҩызцәеи лареи аимадара рыбжьоуп. Акыр дрызгәыдуны рыӡбахә лҳәон Есқьишьеҳир ақалақь аҿы Аԥснынтә иреиҳау аҵараиурҭақәа рҿы аҵара зҵоз, иахьа ҳҳәынҭқарра еиуеиԥшым азаанаҭкәа рыла амаҵ азызуа лҩызцәа рыӡбахә. Урҭ ируаӡәкуп: Адамыр Ҭаниа, Ахра Гьерхьелиа, Гәдиса Ебжьноу, Мураҭ Мықәба, Мурман Ҷокәуа, Нури Барцыц, Алан Тапаӷәуа уҳәа. Еџье Џьаԥра излалыԥхьаӡо ала, агәыбылра иахылҿиаауа рацәоуп, иара убри азоуп хымԥада лыԥҳа хәыҷы аԥсуа хьӡы Гәында злыхьӡырҵазгьы, аԥсышәала ацәажәара лырҵара изаҿугьы.

"Сыԥҳа лыхьӡ Гәында лаб иоуп илыхьӡызҵаз, саргьы даараӡа исгәаԥхеит. Ахьӡ ахаҭагьы ԥшӡоуп, аҵакгьы амоуп. Анана-Гәында, Ашьхақәа рынцәахәы, иара убас 99-ҩык Нарҭаа аишьцәа раҳәшьазаҵә Гәында ԥшӡа лоуми, ларгьы лыхьӡ даԥсахароуп, аԥсшәа лҵароуп, дшаԥсыуоу лдырроуп. Абызшәа иалнаршо рацәоуп амилаҭтә хдырра аганахьала", - лҳәеит Еџье Џьаԥра, лыԥҳа хәыҷы длеигәырӷьауа.

Еџье Џьаԥра: сара саԥсыуоуп, уи азы Ҳазшаз ҭабуп ҳәа иасҳәоит

Еџье Џьаԥра иахьатәи аамҭазы Диузџьатәи ауниверситет аҩбатәи акурс аҿы дтәоуп, уа ачерқьез бызшәеи алитературеи дырхысуеит. Абас еиԥш аԥсуа бызшәеи алитературеи рганахьала алшара ҟалар, хымԥада урҭ хықәкыла рҵара лыҽшазылкуа лҳәеит ҳџьынџьуаҩ. Иара убас лара даара ҭабуп ҳәа ралҳәоит аԥсуа бызшәа арҵаразы ажәарқәа еиқәзыршәаз, насгьы аԥсуа бызшәа арҿиара, аиқәырхара знапы алаку зегьы.

"Ҳара ҳхы иаҳархәоит Сариа Амҷыԥҳаи Октаи Ҷкотуеи еиқәдыршәаз аҭырқәа-аԥсуа, аԥсуа-аҭырқәа жәар, Ирфан Ахәаџьба авторс дызмоу ажәар, акырӡа ицхыраагӡоуп абызшәа аҵараҿы аԥсышәала еиҭагоу амультфильмқәа, урҭ рхыԥхьаӡара иҵегьы ирацәазар ҳҭахуп. Схәыҷы аԥсшәа лырҵара аус аҟны даара дсыцхрааит сҩыза Мануелла Хәырхәмалԥҳа, лара лыԥҳа хәыҷы Мранагьы аԥсшәоуп илҳәаӡо. Ҳахьыҟазаалак ҳбызшәа ҳмырӡроуп, ашколқәеи аҵараиурҭақәеи ыҟам зҳәо срықәшаҳаҭым, ҿырԥштәыс иаҳгозар, акәырдқәеи ацыганқәеи ишахәҭоу еиԥш ашколқәа рымам, аха рбызшәа мырӡӡакәа иааргоит", - ҳәа азгәалҭоит Еџье Џьаԥра.

Еџье Џьаԥра амедицинатә усзуҩ изаанаҭ ала аус луан ахәшәқәа рыҭирҭаҿы, лыԥшәма Аныл Агрба иакәзар, дзиндырҩуп. Шықәсқәак раԥхьа иара Аԥсныҟа дааит, аԥсшәа бзианы иҳәоит, аҩышьеи аԥхьашьеи идыруеит. Арҭ аҭаацәа ԥшӡа гәаҳәарас ирымоуп рыԥҳа хәыҷы Гәында ԥшӡа дрыманы рыԥсадгьыл ахь иаарц. Ҳаиҿцәажәара ахыркәшамҭазы, Еџье Џьаԥра ус азгәалҭеит:

Еџье Џьаԥра: сара саԥсыуоуп, уи азы Ҳазшаз ҭабуп ҳәа иасҳәоит

"Сара саԥсыуоуп, уи азы сызшаз Анцәа ҭабуп ҳәа иасҳәоит. Саԥсуара сгәаҟынтә иаауеит, сшьа-сда иалоуп, ҳаԥсуа бызшәа акәзар шаҟа иԥшӡоузеи, шаҟа ибеиоузеи?! Аԥсны сгәы азыбылуеит, гәаныла еснагь уа сыҟоуп. Амҩақәа рганахьала аиҭанаиаарақәа мариахар, ҳаибабарагьы, ҳаимадарагьы хымԥада акырӡа еиӷьхоит. Гәыблыла асаламқәа насҭиуеит Аԥсныҟа", - абас еиԥш лхәыцрақәа ҳацеиҩылшеит Ҭырқәтәыла инхо, аԥсуареи аԥсуа бызшәеи нҭырҳәыцааны аҵара иазгәышьуа ҳџьынџьуаҩ Еџье Џьаԥра.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: