Сҭампыл Кавказ акультура ӡырызго: ҳџьынџьуаҩ Сабаҳаҭ Саӡԥҳа лҭоурых

© Foto / предоставлено Саидой ЖибаСабахат Садзба
Сабахат Садзба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Кавказ жәлар рашәақәеи рыкәашарақәеи назыгӡо, еиуеиԥшым амузыкатә инструментқәа рарҳәара иазҟазоу Сабаҳаҭ Саӡԥҳа иахьа Ҭырқәтәыла ҳџьынџьуаа рыбжьара лҟазара ихнамххьоу дыҟамзар ҟалап. Уи илызку анҵамҭа ҳадылгалоит Саида Жьиԥҳа.

Аубыхаа рҭаца, ҩыџьа аԥацәа ран, зҭеиҭԥши зычаԥашьеи еинаалоу, аԥсуаа аҳкәажә ҳәа ззырҳәо аԥҳәыс ссир лыхәаԥшреи лзыӡырҩреи акыр иаԥсоуп.

Sputnik, Саида Жьиԥҳа

Арҭ амшқәа рзы Сҭампыл сыҟазаара иалагӡаны сымҩахыҵит аԥсуа культуратә центр ахь. Уи аҽны араҟа имҩаԥысуан аԥсуа кәашара згәаԥханы изҵарц зҭаху рзы еиҿкаау агәыԥ азыҟаҵара. Ақәра еилых ҟамҵакәа, змилаҭтә хаҿра акультурала аӡыргара иашьҭоу гәыԥҩыуаак даарылыскааит еихатаруа, зыԥшра, зсахьа, зыхцәы ԥшӡа сыхнахыз аԥҳәыс. Лареи сареи ҳанеибадыр, лџьынџьдгьыли лыуаажәлари рахь лгәаҵа иҭаҵәахыз абзиабара иаразнак иснырит.

Саида Жьиԥҳа лышәҟәы Амра ашәахәақәа Сҭампыл аӡыргараан - Sputnik Аҧсны
Агәыбылра амца еиҳагьы иацлеит: "Амра ашәахәақәа" Ҭырқәтәыла ишӡыргаз

Сабаҳаҭ Саӡԥҳа дшыхәыҷызнатә лаб Ҭалаҭ аԥсуа музыкахь агәыбылра лиркхьан.

"Ҳҭаацәараҟны саб даара амузыка дазҟазан. "Азари" "Аураашьеи" рҳәараҿы ицназгоз дмаҷҩын. Исгәалашәоит иара изыӡырҩырц ҳаҩны асасцәа рацәаҩны ишаҭаауаз, иҿызҵаазгьы ыҟоуп", - еиҭалҳәоит аԥҳа.

Ҭырқәтәыла инхо ҳџьынџьуаа ируа ачарақәа рҿы ароль ду налыгӡоит аҭацаҩыза. Лара амырзакан арҳәауа, аԥсуа кәашара ахы алыркуеит, уи алагьы аҿар амҩа рылҭоит. Убас Сабаҳаҭ изныкымкәа дҭацаҩызаны аԥсуа чарақәа лырԥшӡахьеит. Лассы-лассы Ҭырқәтәыла ҳмилаҭ иазгәарҭо аныҳәақәа раангьы аҳкәажә лмырзакан арҳәауа, дықәԥраа дкәашоит, дшәаҳәоит.

© Foto / предоставлено Саидой ЖибаСабаҳаҭ изныкымкәа ҭацаҩызак лаҳасабала аԥсуа мырзакан арҳәо Ҭырқәтәыла аԥсуа чарақәа лырԥшӡахьеит
Сҭампыл Кавказ акультура ӡырызго: ҳџьынџьуаҩ Сабаҳаҭ Саӡԥҳа лҭоурых - Sputnik Аҧсны
Сабаҳаҭ изныкымкәа ҭацаҩызак лаҳасабала аԥсуа мырзакан арҳәо Ҭырқәтәыла аԥсуа чарақәа лырԥшӡахьеит

"Сара сыԥсҭазаара аԥсуа ашәақәа рыла иҭәызароуп. Урҭ ацәанырра ԥхақәа сызцәырыргоит. Аиҳарак сгәы аҵанӡа инеиуеит "Ахәрашәа", насгьы абзиабара иазку "Бысзыԥшыз" захьӡу", - еиҭалҳәоит лара.

Сабаҳаҭ аԥсуа ашәақәа рыдагьы иналыгӡоит адыгеи ачечени жәлар рашәақәа. Амырзакан инаваргыланы, Кавказ амелодиа ссирқәа рхылҵуеит иалырҳәо аккордеони адаули. Имаҷҩым илҿызҵаахьоу, убас змузыкатә дыррақәа хазырҭәаахьоугьы.

"Даара сеигәырӷьоит аҿар рыбжьара амырзакан арҳәара зҵарц зҭаху анызбо. Саргьы еснагь сазыхиоуп агәаҳәара змоу аус рыдулара. Ҳара иахьа ҳаԥсадгьыл ҳацәыхараны атәым дгьыл аҿы ҳаҟоуп. Аха иаҳҭахуп ҳхаҿра аиқәырхара. Убри аҟнытә Ҭырқәтәыла инхо ҳауаажәлар лассы-лассы аԥсуеи Кавкази акультуратә центрақәа рахь ҳнеиуеит. Араҟа ахатәы бызшәа ззымдыруа рзы еиҿкаауп акурсқәа, убас аԥсуа культура аиқәырхареи аӡыргареи рзы амузыкатә ансамбльқәеи ахаԥшьгаратә гәыԥқәеи", - еиҭалҳәоит Сабаҳаҭ.

Сабаҳаҭ Саӡԥҳа мчыбжьык ахь ҩынтә аԥсуа дернеқь даҭаауеит, убас ҩынтә Кавказ акультуратә центр. Араҟа лара ахкы налыгӡоит ашәаҳәаратә гәыԥ "Сиуаред" аҟны. Далоуп аҳәса рхеилак "Саҭанеи".

© Foto / предоставлено Саидой ЖибаСабаҳаҭ Саӡԥҳа аԥсуа культуратә хеидкылаҟны еиҿкаау ансамбль "Сиуаред", иара убас ахеилак "Саҭанеи" дрылоуп, урҭ аконцертқәа мҩаԥыргоит, лара ахкы налыгӡоит
Сҭампыл Кавказ акультура ӡырызго: ҳџьынџьуаҩ Сабаҳаҭ Саӡԥҳа лҭоурых - Sputnik Аҧсны
Сабаҳаҭ Саӡԥҳа аԥсуа культуратә хеидкылаҟны еиҿкаау ансамбль "Сиуаред", иара убас ахеилак "Саҭанеи" дрылоуп, урҭ аконцертқәа мҩаԥыргоит, лара ахкы налыгӡоит

"Кавказ акультуратә центр аҿы иаԥҵоу ашәаҳәаратә гәыԥ "Сиуаред" шықәсык ахь ҩынтә ҳауаажәлар рзы аконцертқәа мҩаԥнагоит. Инаҳагӡоит Кавказ жәлар рашәақәа. Аҳәса рхеилак "Саҭанеи" аҿаԥхьа иқәгылоуп аибабара арӷәӷәара, ҭаацәала агәыбылра рыбжьаҵара. Абарҭқәа ирыбзоураны миллионҩыла ауаа ахьынхо ақалақь ду аҟны ҳаӡӡом", - инаҵылшьит ҳџьынџьуаҩ.

Санлыхәаԥшуа, аҳкәажә ҳәа ззысҳәарц исҭаху аԥсуа ԥҳәыс аубыхаа дырҭацоуп, лыԥшәма Рыдуан Уасса лассы-лассы Аԥсныҟа даауеит. Сабаҳаҭи Рыдуани ҩыџьа аԥацәа рааӡоит, урҭ уажәшьҭа истудентцәоуп.

Сабаҳаҭ Саӡԥҳа лашьцәа Мураҭи Суаҭи Аԥсныҟа нхара ицеит. Аубых ҭаацәарагьы урҭ рҿырԥштәы иацныҟәарц ргәы иҭоуп.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0