Здание репатриации - Sputnik Аҧсны
Арепатриациа
Аԥсадгьыл ахь архынҳәразы аҳәынҭқарратә еилакы аинформациала 11 нызқьҩык рҟынӡа ҳџьынџьуаа Аԥсны атәылауаҩра рымоуп. Рыԥсадгьыл ахь ихынҳәит хә-нызқьҩык рҟынӡа.

Илдыз Папааԥҳа: Аԥснынтə аԥсыуак ибла аҭаԥшра ҳара ҳзы ԥсҭазаароуп

© Foto / предоставлено Сырмой АшубаИлдыз Папааԥҳа
Илдыз Папааԥҳа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ҭырқəтəыла инхо ҳџьынџьуаҩ Илдыз Папааԥҳа (Апыгəԥҳа) лыԥсадгьыли лыуаажəлари рахь илымоу ахəыцшьа атәы шәаԥхьа Сырма Ашәԥҳа иазлырхиаз анҵамҭаҿы.

Сырма Ашәԥҳа, Sputnik

Ҭырқəтəыла, Ефҭениа ақыҭаҿы инхо Илдыз Папааԥҳа (Апыгəԥҳа) лабшьҭра Аԥснынтə ихҵəаны Ҭырқəтəылаҟа иқəнагалақəаз иреиуоуп. Уа иахьнеиз рыԥсадгьыл еиԥшыз аԥсабара аҭыԥқəа ԥшааны анхара иалагеит, рқыҭақəа ракəзар, аԥсуа хьыӡқəа рхырҵеит. Илдыз лабдуцəа Гəдоуҭа араион Бармышь ақыҭа иалҵит, Апыгə иԥацəа ирхылҵшьҭроуп.

Хасан Бутба - Sputnik Аҧсны
Ҳасан Быҭəба: насыԥ сымоуп сгəылацəа аԥсыуак дҳаванхоит ҳəа ахьысзырҳəо

"Папба Апыгə иаԥиҵаз ҳабла дук ыҟоуп иахьагьы. Апыгə иԥацəа Мҷышьҭа аӡиас авараҿы инхоит рҳəоит Аԥсны. Ҭырқəтəыла инхо Апыгə иԥацəа ртəарҭа Бармышь ахьӡуп, ҳара ҳаҩны азааигəарагьы ӡиас хəыҷык ыҟоуп, Мҷышьҭа ҳəа ахьӡаҳҵеит. Ҳабацəа еснагь гəыҵхас ирыман Аԥснаа рашьцəа, рыжəлантəқəа рбара. Аԥсныҟа аӡə даауама, дцома, еснагь рнапы ианырҵон рхабар аилкаара", - дҳацəажəон Илдыз Папааԥҳа.

Илдыз Папааԥҳа лабду иаб иоуп амҳаџьырра аамҭазы Аԥснынтə Ҭырқəтəылаҟа ахҵəара зықəшəаз. Иара Лаз ихьӡын, Лаз иаб Апыгə ихьӡын. Апыгə ихылҵшьҭрақəа роуп иахьа Апыгəиԥацəа ҳəа изышьҭоу Папаа рыжəла.

 Бурджу Амичба - Sputnik Аҧсны
Бурџьу Амҷԥҳа: сабду иабду Саалиҳ Џьгьардантəи дыхҵəеит

"Сан Ҭаркьылԥҳауп. Ҭаацəарак роуп Ҭырқəтəыла иҟаз Ҭаркьылаа, урҭ рԥацəа ҩыџьа ыҟан, Илмази Орҳани, ҩыџьа аҭыԥҳацəеи. Илмаз ӡӷабк диман, машəырла данҿаз дыԥсит. Орҳан хҩык аҷкəынцəа имоуп, ҩыџьа Ҭырқəтəыла инхоит, аӡəы Аԥсныҟа нхара ҳəа днеит, Ердал Ҭаркьыл. Ердал иабдуи сара сани иашьеи иаҳəшьеи роуп. Аԥсны инхо Саид Ҭаркьыл ишьҭреи ҳара ҳашьҭреи акуп. Урҭ рабдуи сара сабдуи иашьарак иатəуп", - ҳəа азгəалҭоит ҳџьынџьуаҩ.

Ефҭениа ақыҭа акəзар, аԥсыуа қыҭа дууп, еиднакыло хəқыҭак рҟынӡа ыҟоуп. Урҭ зегьы дара рхатə ҭоурыхи рхатəы хьыӡқəеи рымоуп. Бзыԥынтəи ицақəази Ҵабал иалҵызи роуп Ефҭениа ақыҭаҿы инхақəо. Иҟоуп уантə нас зхатə қыҭақəа еиҿызкааз, ишьақəзыргылазгьы.

Аԥсуа қыҭа - Sputnik Аҧсны
Нураи Ашəԥҳа: Аԥсны - сара сдунеи, саԥсыуаны сзыхшаз сыԥсадгьыл гәакьа

"Маан Албузбеи ишьақəирӷəӷəаз ақыҭа ыҟоуп, сара сахьиз ақыта. Ашəы Сулеиман иқыҭа ыҟоуп, уи еиҳа идууп. Уантə еиҳа ашьхарахь уҿынаухар, сааҭыбжак аҟара набжьаны уагь даҽа қыҭак ыҟоуп - Ашəы Зеқьериа иқыҭа. Аӡиас хəыҷык ыҟоуп, Чаи ахьӡуп, убри азааигəарагьы қыҭак ыҟоуп, иара убас Қəрақма ҳəа даҽа қыҭагьы ыҟоуп, аҭырқəа хьӡы амоуп аха, уаҟагьы аԥсуаа нхоит. Арҭ ақыҭақəа рҿы аԥсуаа иҳаиуам тəым милаҭк дагьҳалаҳҵом. Аԥсуа ҳəа ӡиаск ыҟоуп, убри аӡиас наҟ-ааҟ ауп ақыҭақəа зегьы ахьыҟоу", - лҳəоит ҳзыҿцəажəоз.

Ефҭениа инхо аԥсуа жəлақəа маҷым. Урҭ рахь иҟоуп: Кəпалаа, Хышаа, Џыџаа, Аҭеиаа, Апыгəаа, Қаԥаа, Гəыбзаа, Ҟалӷьаа, Ҷанаа уҳəа. Илдыз Папааԥҳа Аԥсныҟа дмааӡац, иҟоуп арантə Ҭырқəтəылаҟа инеины дзықəшəахьоу, илбахьоу аԥсуаа. Илдыз лаб Шьаабан ихьӡын. Уи иан Чаақыр лыхьӡын, Аҩӡԥҳан.

Аҭрышба Ҭалиаҭ  - Sputnik Аҧсны
Ҭалиаҭ Аҭрышба: апатуеиқəҵара иахылҿиаауеит аидгылареи агəыбылреи

"Сара сан лан сылхаануп, аха саб иан сылхаанӡам. Сеиҳабацəа сара сызхаану еснагь Аԥсны аӡбахə рҿыҵакын, уажəоуп уи ззырҳəоз схаҿы ианаазго. Усҟан ҳхəыҷқəан, иаҳзеилкаауамызт, иџьаҳшьозаргьы ҟаларын. Аԥсныҟа акəын иахьыҟаз ргəыкра, рхы-рыԥсы. Мчымхарак иақəшəан иаагəышьеит, Аԥсны рхашҭуа иҟазма? Сара схəыҷаахыс ҳаҩнаҭаҿы аԥсышəала ҳаицəажəон, аџьџьаҳəа ҳаицынхон. Аҭырқəшəагьы ҳдыруан, аха уи зымҩа инышьҭаҵаны иаҳҳəоз аԥсшəа акəын", - аԥсышəацқьала дҳацəажəон Илдыз Папааԥҳа.

Ажəытəан иныҟəыргоз аԥсуара ибзианы дахаануп Илдыз Папааԥҳа. Лара излалҳəо ала, дара рхаан иныҟəыргоз аԥсуара ӷəӷəан, ибзиан, иԥшӡан. Алеишəа пату ақəҵаны иныҟəыргон, имчын, аха иацԥыҳəаны иахаҵгылон.

"Аамҭа цацыԥхьаӡа, аԥсуарагьы аццоушəа збоит. Аха иҟоуп агəыцə, аԥсуаа ҳшаԥсацəоу ҳзырдыруа. Аԥсуаа адгьыл иқəаарыхуан, анхара рыԥсы аҿҳəаран. Даара бзиа еибабон, аиҳабы-аиҵбы ныҟəыргон, ҳаҭыр еиқəырҵон, рысасдкылара хазын. Ҳаби ҳаб иашьеи ахьеидтəалаз ҳнеины ҳрыдтəалаӡомызт, ҳаб ҳиацəажəаӡомызт, илақəа ҳархыԥшылон, уи ала еилаҳкаауан иҟаҵатəыз", - гəыблыла аԥсуара лгəалалыршəон Илдыз Папааԥҳа.

Намық Арсҭаа - Sputnik Аҧсны
Намық Арсҭаа: унапы злаку аус гəыла-ԥсыла уазнеиуазароуп

Илдыз Папааԥҳа аԥсуа ԥҳəыс лҟазшьа аҷыдарақəа ирылылкаауеит аԥхашьара. Аҭаацəара бзиа иалҵыз аҭыԥҳа дахьнанагаз аҩнаҭа лырлашоит, дызну лымҩа лырԥшӡоит, дызланагаз рҳəатəы халҵоит. Лара ҳаҭырқəҵарыла данрызныҟəа, лнаҩсан иааиуа ларгьы убас илызныҟəоит. Илдыз Папааԥҳа, аԥсуа чысқəа рыҟаҵара бзиа илбоит. Шамахамзар, бысҭаԥхак мукəа, аҭаацəа еиллыргаӡом.

"Саб ԥшьҩеишьцəа иман, саб ихшаз хəҩык аԥҳацəа ҳаҟан, хҩык ԥсгəышьахьеит. Иаҳхылҵыз-иаҳԥылҵыз ҳаиҵаҩҩы ҳаҟоуп. Ҳанааизо, ҳаԥсуа чыс ҟамҵакəа ҳаидтəалаӡом. Ҳҟəыдыршьшьы, ҳхəылчаԥа, ҳакəтысыӡбал, ҳбысҭа, ҳашə, ах, шаҟа игьамоузеи!", - дҳацəажəон ҳаҭыр зқəу Илдыз.

Аԥсуаа аныҳəара пату ақəырҵоит. Аныҳəаԥхьыӡ амч ӷəӷəоуп рҳəоит жəытəаахыс. 70 шықəса зхыҵуа Илдыз Папааԥҳа, Аԥсныҟа асаламқəа рацəаны иаалышьҭуеит, аԥсуаа дрықəныҳəоит.

Али Ашәба - Sputnik Аҧсны
Иԥсадгьыл ала игәы ирҭәырц: Аԥсны зынасыԥ зыԥшааз ҳџьынџьуаҩ Али Ашәба иҭоурых

"Сара саҳəшьаԥацəа рҩыџьагьы Алии Беиқьыри Ашəаа уа аибашьра иалагылан, рыԥсқəа ҳзеиқəхеит. Иахьа Али иԥсадгьыл аҿы дынхоит, ааигəа аҭаацəара далалан, даара гəахəас иҳамоуп. Сыԥсынҵры Али ила Аԥсны хазына аӡбахə лассы-лассы исаҳалоит, аԥсуаа шəшыбзиаз ҳаиҳəеит, сшəыкəыхшоуп. Шьак исыцалҵыз сашьцəа зегьы сгəыдсыҳəҳәалоит, рылақəа срыгəӡуеит. Аԥснынтə аԥсыуак ибла аҭаԥшра, аԥсышəала ажəак аҳара атəым жəҩан аҵаҟа иҟоу ҳзы ԥсҭазаарак иаҩызоуп. Аныҳəаԥхьыӡ бзиақəа зегьы шəара ишəызкызааит, сызкəыхшоу аԥсуаа", - ҳəа дныҳәоит Илдыз Папааԥҳа.

Аԥсуа ԥҳəыс, аԥсуа ан, аԥсуа аҳкəажə Илдыз Папааԥха илзеиӷьаҳшьоит агəабзиара, лара гəҭакыс илымоу Аԥсадгьыл абара ҳазшаз илаҭəеишьааит. Ҳаиҿцəажəаразы иҭабуп ҳəа ласҳəоит. Хымԥада, ҳалзыԥшуп лыԥсы зыҿҳəароу лҭоурыхтə ԥсадгьыл аҿы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0