Арадио

Гәымба: ҳашьцәа нхыҵааи ҳареи ҳаицәыхьшәашәара атәамбареи аԥагьареи ирыхҟьоит

Аҭоурыхҭҵааҩ Гәырам Гәымба арадио Sputnik аефир аҟны игәаанагара иҳәеит Нхыҵ Кавказ иқәынхо ҳаиашьаратә жәларқәеи ҳареи ҳабжьара аицәыхьшәашәара зыҟалаз ҳәа ииԥхьаӡо.
Sputnik

Аԥсни Нхыҵ Кавказ иқәынхо аиашьаратә жәларқәеи реимадара иазкны Жәлар Реизараҟны рашәара 25 рзы аиԥылара мҩаԥысит. Апарламентбжьаратә еимадарақәа рзы аилак иалоу адепутатцәеи, аҭоурыхҭҵааҩцәеи, ауаажәларратә усзуҩцәеи ирылацәажәеит ашәышықәсақәа иргәылсны иаауа аиашьаратә еизыҟазаашьақәа рҟны аԥынгылақәеи аилыбамкаарақәеи рцәырҵра зыхҟьо, урҭ рыӡбаразы иҟаҵатәу. Иазгәаҭан ари азҵаара хадаратәла актуалра шаҵоу арегион аҟны еиҳа-еиҳа знырра ӷәӷәахо ақырҭуа дипломатиа ҳасаб азуны.

 

Гәымба: ҳашьцәа нхыҵааи ҳареи ҳаицәыхьшәашәара атәамбареи аԥагьареи ирыхҟьоит

"Ари азҵаара иалацәажәатәуижьҭеи даара акрааҵуеит, иахьа уажәраанӡа уи ахьыҟаҳамҵаз иҽеим ҳәа сыԥхьаӡоит. Нхыҵ Кавказ иқәынхо ажәларқәеи Аԥсны инхои ҳаизыҟазаашьақәа ажәакала рҭак ҟауҵар ҟалоит - ихьшәашәахеит. Абарҭ ҩажәа шықәса рыҩнуҵаҟа уамашәа ихьшәашәахеит, ақырҭцәа, хымԥада, уи рхы иадырхәоит ҳәа иалагеит. Ҳашьцәа Нхыҵ Кавказаа ҳавагыланы бџьаршьҭыхла аибашьра ҳаиааит, аха уи анаҩс аинформациатә, аидеологиатә политикаҟны ҳаҵахеит. Ҳашьцәеи ҳареи ҳаизыҟазаашьа иахәҭакыз акультуратә еимадараҟынгьы аԥыжәара рго иалагеит ақырҭцәа", - ҳәа азгәеиҭеит Гәымба.

 

Шәазыӡырҩы аудио. Инеиҵыху анҵамҭа шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: