Аԥсни Нхыҵ Кавказ иқәынхо аиашьаратә жәларқәеи реимадара иазкны Жәлар Реизараҟны рашәара 25 рзы аиԥылара мҩаԥысит. Апарламентбжьаратә еимадарақәа рзы аилак иалоу адепутатцәеи, аҭоурыхҭҵааҩцәеи, ауаажәларратә усзуҩцәеи ирылацәажәеит ашәышықәсақәа иргәылсны иаауа аиашьаратә еизыҟазаашьақәа рҟны аԥынгылақәеи аилыбамкаарақәеи рцәырҵра зыхҟьо, урҭ рыӡбаразы иҟаҵатәу. Иазгәаҭан ари азҵаара хадаратәла актуалра шаҵоу арегион аҟны еиҳа-еиҳа знырра ӷәӷәахо ақырҭуа дипломатиа ҳасаб азуны.
"Ари азҵаара иалацәажәатәуижьҭеи даара акрааҵуеит, иахьа уажәраанӡа уи ахьыҟаҳамҵаз иҽеим ҳәа сыԥхьаӡоит. Нхыҵ Кавказ иқәынхо ажәларқәеи Аԥсны инхои ҳаизыҟазаашьақәа ажәакала рҭак ҟауҵар ҟалоит - ихьшәашәахеит. Абарҭ ҩажәа шықәса рыҩнуҵаҟа уамашәа ихьшәашәахеит, ақырҭцәа, хымԥада, уи рхы иадырхәоит ҳәа иалагеит. Ҳашьцәа Нхыҵ Кавказаа ҳавагыланы бџьаршьҭыхла аибашьра ҳаиааит, аха уи анаҩс аинформациатә, аидеологиатә политикаҟны ҳаҵахеит. Ҳашьцәеи ҳареи ҳаизыҟазаашьа иахәҭакыз акультуратә еимадараҟынгьы аԥыжәара рго иалагеит ақырҭцәа", - ҳәа азгәеиҭеит Гәымба.
Шәазыӡырҩы аудио. Инеиҵыху анҵамҭа шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
-
Гәымба: амилаҭтә зҵаарақәа рыӡбара ҳаламгар, аҳәынҭқарратә система ҳахәаҽуеит
-
Аҳәатәи аҳәашьеи: имҩаԥысит Аԥсуа милаҭтә конференциа