Арадио

Аҩӡба: аҭыԥҳацәа ахысшьа иаҳа ирлас ирыцааиуеит, аԥаҭԥаҭра рылаӡам

Ачадара иҟоу "Аԥсуа хысратә клуб" ашәарҭадаратә маҵзура аиҳабы Алиас Аҩӡба арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы еиҭеиҳәеит аҭыԥан ашәарҭара шеиҿкаау, насгьы избан аҭыԥҳацәа ахысраҿы алҵшәа бзиақәа заадырԥшуа.
Sputnik
Аҩӡба: аҭыԥҳацәа ахысшьа иаҳа ирлас ирыцааиуеит, аԥаҭԥаҭра рылаӡам

"Ахысҩы данаалаик, аинструктор раԥхьа атеориатә курс дахижьуеит, уи сааҭк инарзынаԥшуа ицоит. Акласс аҿы икыдуп афотоматериалқәа, урҭ рыла ахысҩы иҳамоу абџьар хкы аҟнытә иалихыр илшоит иара ииҭаху, уи аимыхшьа, аибыҭашьа ирбаны, акышьа, агылашьа иеилыркааны ахысырҭахь диаргоит. Уаҟагьы иара дицуп аинструктор. Ахысра аҽазыҟаҵара сааҭки, сааҭки бжаки аамҭа агоит. Абри аус зегьы аан ашәарҭадаратә маҵзура ахаҭарнакгьы дрыцуп. Араҟа ус баша ахысшьа ада, абџьар аныҟәгашьа, уи ахархәашьа акультурагьы аҭыԥ амоуп. Иааџьаушьаратә, иаауа рахьтә аҭыԥҳацәа рацәоуп. Иҟоуп лассф-лассы иаҳҭаауа. Шьоукы ахысра спортк аҳасабала иазнеиуеит, абџьар бзиа ирбоит. Иҳәатәуп, аҭыԥҳацәа рхысшьа ҽакала ишеиҿкаау, иаҳа ирлас ишрыцааиуа. Иҭышәынҭәалоуп аҟнытә, ироуа аинформациа иаҳа лассы ирыдыркылоит, аԥаҭԥаҭра рылаӡам, ҭынч ихысуеит", - ҳәа азгәеиҭеит Аҩӡба.

Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩы аудио аҿы, мамзаргьы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: