Ахыц, ахәымпал, ахҿа, асарақьа: ажурналист Амра Аџьынџьал дышхыцуаҩхаз

© Sputnik / Томас ТхайцукАмра Аџьынџьал
Амра Аџьынџьал - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Занааҭла ижурналисту, ахыци ахəымпали рыла ихысуа Амра Аџьынџьал лбаҩхатəра ҷыда иазкуп Сырма Ашəԥҳа ишəыдылгало анҵамҭа.

Сырма Ашәԥҳа, Sputnik

- Амра, бара занааҭла бжурналиступ. Убри инаҷыданы, ибылоуп абаҩхатəра шьахə, "бхымҭа кашəаӡом" - рҳəоит, ахыци ахəымпали рыла иҭаршәны бхысуеит. Жəытəаахыс аԥсуаа патула иныҟəырго абри аҟыбаҩ аҵаки, шəхеидкыла "Афырхи" рыӡбахə базааҭгыларц сҭахуп.

- Ахыци ахəымпали, асахьаҭыхҩы Баҭал Џьапуа иҳадигалаз усуп. Сара излаздыруа ала, иара иоуп Аԥсны раҧхьаӡа акəны ажəытə аԥсуа хыц ҭоурыхла иҭҵааны, дазнеины иаԥызҵаз. Ахыц анаҩсгьы иара инапала иҟаиҵеит ахҿақəа, иара убасгьы ахҿаҭра - асарақьа ҳəа изышьҭоу. Абарҭқəа зегьы иара инапала ианыҟаиҵа ашьҭахь, Аԥсны Аҵареи аҭҵаарадырреи рминистр Адгəыр Какобеи иареи ирыӡбоит аклуб "Афырхы" ҳəа ахьӡҵаны аԥҵара.

© Foto / предоставлено Амрой АджинджалАмра Аџьынџьал Лыхнашҭа имҩаԥысуаз атурнир аан
Ахыц, ахәымпал, ахҿа, асарақьа: ажурналист Амра Аџьынџьал дышхыцуаҩхаз - Sputnik Аҧсны
Амра Аџьынџьал Лыхнашҭа имҩаԥысуаз атурнир аан

- Иарбан шықəсаз ианаԥҵаз ас еиԥш аклуб?

- Ари ахҭыс заанаҵы ихациркхьан Баҭал, аха иара аклуб аԥҵаны ҷыдала Аԥсны аиустициа аминистрраҟны ашəҟəы иҭагаланы, Аԥҟаԥҵәа шьақəыргыланы ианыҟалаз 2016 шықəса рзоуп. Усҟан имҩаԥысит раҧхьатəи аилатəарагьы.

- Аклуб "Афырхы" напхгара азҭода, насгьы алахəцəа шəхыԥхьаӡара рацəоума?

- Аклуб напхгара азҭо иахьа Адгəыр Какоба иоуп, хықəкыла иалоу 20-ҩык рҟынӡа ҳаҟоуп, иаднаԥхьалугьы рхыԥхьаӡара маҷҩым. Аклуб иалоу рахьтə иҟоуп зыхшара адзыԥхьало, аӡəы иҩызак дааигоит, даҽаӡəы иуак дааигоит, изгəаԥхо даара ирацəаҩхеит. Аклуб аԥҵара инаҷыданы, Аԥсны ашколқəа рҟны ахəмаррақəа иҟоу рахь иаларҵеит абри ахкгьы - ахыц ала ахысра. Аҵарашықəс анынҵəо азоуп аицлабрақəа анымҩаԥырго, убасҟан абри ахəмаррагьы ыҟоуп, ашколхəыҷқəа иргəарԥханы ихысуеит. Иара убасгьы иазгəасҭарц сҭахуп, аклуб иалоу рхаҭарнакцəа аҵарашықəс иалагӡаны Аԥсны ашколқəа ирҭааны амастер-класс ҳəа изышьҭоу ахəыҷқəа рзы ишымҩаԥырго. Амҩаԥгара анаҩсгьы ахəыҷқəа ирзеиҭарҳəоит аԥҵашьа шыҟалаз, иахьынтəиаанагаз, аԥсуаа рхыц ҷыдарақəас иамоу, избан уи заԥсыуа хыцу, иаҳҳəап, Ҭырқəтəылатəи, мамзаргьы даҽа милаҭк рхыцқəа излареиԥшым.

- Аклуб "Афырхы" аилазаараҟны иаԥҵоума уи аҭоурых еиҳа инарҭбааны иуеилзыркааша анҵамҭа, аҭоурыхтə згəаҭа?

- Аклуб "Афырхы" аилазаараҟны Баҭал Џьапуа иаԥиҵеит афильм, аԥсуа хыц шыҟарҵо. Убра ахы инаркны аҵыхəанӡа ахыц аҟаҵара аетапқəа зегьы ҭыхны идирбоит, 40 минуҭ еиҳаны ицоит афильм, аҟазара злоу ауаҩы дахəаԥшыр, ихала иҟаиҵартə еиԥш иҟоуп, убраанӡа еилкааны иаарԥшуп.

- Шəара шəхеидкыла иалоу сара излаздыруа ала, еиҳарак ахацəа роуп, аҳəса раасҭа. Уи еиҳарак изцааиуа, иныҟəызго ахацəа роуп ҳəа иԥхьаӡоума, мамзаргьы ари ахəмарра ахкы аҭыԥҳацəагьы ирыцааиуоу?

© Foto / предоставлено Амрой АджинджалЕлена Лабахəуаԥҳаи Амра Аџьынџьали
Ахыц, ахәымпал, ахҿа, асарақьа: ажурналист Амра Аџьынџьал дышхыцуаҩхаз - Sputnik Аҧсны
Елена Лабахəуаԥҳаи Амра Аџьынџьали

- Аклуб иалахəу рахьтə официалла сара излаздыруа ала хҩык ҳауп иҟоу: Елена Лабахəуаԥҳа, Диана Хынҭəԥҳа, сара. Диана Хынҭəԥҳа Аԥсны анҭыҵ дыҟоуп, аха ус аицлабрақəа дрылахəхахьеит. Елена Лабахəуаԥҳаи сареи ҳауп еиҳарак зҽазҵəылхны абри аус иашьҭоу. Аԥсны аҭоурых аҿы аԥсуа ҭыԥҳацəа-афырԥхəызбацəа ыҟан, урҭ схы сара ирыдкыланы исҳəом, аха ихысуан, аԥсуа "амазонкацəа" ҳəагьы ирышьҭан. Аԥсуа ԥҳəыс лҽааилаҳəаны хаҵаҵас дцаны деибашьыргьы лылшон. Убри аҟынтə, абри аус аԥсуа ҭыԥҳацəа ирыцəтəымын ҳəа сахəаԥшуам, даара исгəаԥхоит, уагьаланагалаҵəҟьоит иара.

- Амра, абри ахəмаррахкы бышԥаднаԥхьалеи, аханатə агəыбылра бызцəырызгеи?

- 2016 шықəса рзы абри аклуб аԥаҳҵаанӡагьы ҳарҭ ҳаиқəшəалон. Баҭал усҟан ахыцқəа ҟаиҵахьан. Иазгəасҭарц сҭахуп, хыхкык ахыцқəа шаԥиҵаз. Аԥсуаа злахысуаз ахыцқəа хыхкык ыҟан. Уи мсала-дала ичаԥаз ҳəа иҟан, ахларҵə мамзаргьы ахламц иалхыз ҳəа иҟан, ахԥатəи англыз хыц ҳəа изышьҭоугьы аԥсуаа рхы иадырхəон. Абарҭ ахыхкык рыла иара иҟаиҵеит ахыци ахəымпалқəеи. Иаҭахыз зегьы еизганы ианыҟаиҵа ашьҭахь, ус еилкаахеит Ҭырқəтəыла есышықəса ахыцуаа злахəу атурнир дуқəа шымҩаԥырго. Иазгəаҭатəуп, ҷыдала ишыҟоу хыцла ихысуа аспорттə хкы, иҟоуп традициала абри аус иазнеиуа. Иара еиҳарак Ҭырқəтəыла иҟоу дзазҿлымҳахаз, атрадициатə хыцқəа рыла ахысра убра иазгəаҭан. Даҽа ҷыдаракгьы, иара убри Ҭырқəтəыла еиҿызкаауаз хылҵшьҭрала Кавказ иатəу роуп.

© Sputnik / Илона ХварцкияБаҭал Џьапуа Лыхнашҭа аныҳәа аан
Ахыц, ахәымпал, ахҿа, асарақьа: ажурналист Амра Аџьынџьал дышхыцуаҩхаз - Sputnik Аҧсны
Баҭал Џьапуа Лыхнашҭа аныҳәа аан

- Ҭырқəтəыла имҩаԥысуаз атурнир балахəра шԥаҟалеи?

- Арантə ашəҟəы рзырҩит, Адана араион Иуреир ахада Фатих Генели уи иашьа Сами Генели, дара роуп абарҭ аицлабрақəа еиҿызкаауа, хылҵшьҭрала дара ҟабардақəоуп. Иалахəхарц шырҭаху ала ашəҟəы анырзырҩы, ааԥхьара ҳзаарышьҭит 2016 шықəса рзы имҩаԥысуаз атурнир ашҟа. Абри атурнир 600-ҩык ахысыҩцəа Ҭырқəтəылантəи иалахəын, иара убас, даҽа 20 ҳəынҭқарра рҟынтəигьы, ажəлар даара ирацəаҩны иҟан, убарҭ рхыԥхьаӡараҿы ҳаргьы ҳҟалеит. Усҟан сара ахыцала схысуа сыҟаӡамызт, Аԥсуа телехəаԥшраҟынтəи журналистк лаҳасаб ала срыцын. Аԥснынтə ицаз зегьы аԥсыуа маҭəала еилаҳəан, рхыцқəа, рхəымпалқəа зегьы ишахəҭоу еиԥш аԥсуа цəа рҟəынны иҟан. Акыр шықəса ари аус знапы алаку ажəлар иџьашьаны ирыхəаԥшуан, иразҵаауан.

Жəаҳəарада, Адгəыр Какобеи Баҭал Џьапуеи аԥсуаа рҿы уи ҭыԥс иааннакыло ажəабжь рзеиҭарҳəеит, аҭоурых реилдыркааит, даара аинтерес ркит. Алахəхара ахаҭа анаҩсангьы, Аԥсны аӡбахə анагаразы ихҭыс духеит ҳəа сгəы иаанагоит. Абрысҟаҩык ажəлар ахьалахəыз, сахыҽхəангьы исҳəарц сылшоит аԥсуаа зегьы ирылыҷҷаауа иҟан ҳəа. Избанзар, дара реилаҳəашьоума, рхымҩаԥгашьоума, зегь рыла иџьаушьаратəы иҟан. Атурнир аҟны аԥсуаа раԥхьаӡа акəны излалахəыз ала, аԥхьатəи аҭыԥқəа рзымгазаргьы, рхы даара ибзианы иаадырԥшит, зегьы иреицəамыз аҭыԥқəагьы нкыланы ҳааит. Абри агəаҳəара убасҟан исоуз ала акəзаргьы ҟалап ахыци ахəымпали ала ахысра сшалагаз. Насгьы, Баҭал инапала иҟаҵаны ахыци ахəымпали ҳамҭас исиҭеит. Ари аҩыза аҳамҭа ансоу, ус баша иқəҵаны ахəаԥшра иашамызт.

- Аҽазыҟаҵарақəа лассы-лассы имҩаԥыжəгома, насгьы ҭыԥк азалхны ишəымоума? Ишԥамҩаԥысуеи шəыхəмаррақəа?

- Зегь раԥхьа иазгəасҭарц исҭаху, аклуб иалахəу зегьы аԥсуа маҭəақəа рымазароуп, мамзаргьы аԥсуа маҭəа елементқəак. Ахҿаҭроума, асарақь аума, ахҿақəа, ахыц, абарҭқəа зегьы имазароуп аклуб иалоу, досу иара ихыцқəа рыла дхысуазароуп.

© Sputnik / Томас ТхайцукАклуб "Афырхы" иалоу имазароуп иақәнагоу амаҭәарқәа: ахыц, ахәымпал, ахҿа, асарақьа, аԥсуа маҭәа
Ахыц, ахәымпал, ахҿа, асарақьа: ажурналист Амра Аџьынџьал дышхыцуаҩхаз - Sputnik Аҧсны
Аклуб "Афырхы" иалоу имазароуп иақәнагоу амаҭәарқәа: ахыц, ахәымпал, ахҿа, асарақьа, аԥсуа маҭәа

Аҽазыҟаҵарақəа мҩаԥаҳгоит Гəымсҭа ахықəан, Гəыма ашҭа, уа иахəҭоу зегь рыла еиқəыршəоуп, убри аҟынтə уахь ҳцоит хəылбыҽхала, аусура анаҩсан, нас аԥсшьарамшқəа раан, ҳаигəныҩны аҭел ҳаизасны ҳаззегьы ҳаиццоит, ҳхысуеит.

 

- Аӡбахə заҳаны инеиуа ишəыдҵаало ыҟоума?

- Ирацəаҩуп, есыҽны инеиуеит уҳəар алшоит иҿыцу ауаа. Иазҵаауеит ахыци ахəымпали ахьҿарҵаша, иахьаархəаша. Сара сызлахəаԥшуа ала, еиҳа-еиҳа иаднаԥхьало ауаа рхыԥхьаӡара рацəоуп. Ҳашьцəа абазақəа рҿы дыҟоуп иҟазҵо ауаҩы, аҭыӡҭыԥ ахьыҟоу рарҳəоит, нас уаҟа иҿарҵоит, иҟаҵаны иааргоит. Адəқьанқəа рҿгьы иахьырҭиқəо ыҟоуп, аҭырқəа хыцгьы ҳара ҳтəы еиԥшшəа иҟоуп азы.

Турнир лучников Афырхы  - Sputnik Аҧсны
Адгәыр Какоба: ахыцуаҩхара зҭаху рацәаҩуп

Баҭал саниацəажəо, исаҳалоит, алакациа иалырхуа ыҟоуп, амжəа иалырхуа ыҟоуп. Избанзар, иӷəӷəазароуп, итыруазароуп, ус зегьы иузрылхӡом. Ианурххогьы, еиуеиҧшым амчрақəа аҭаны иҟарҵоит. Ахацəа ртəқəа еиҳа иџьбароуп, аҭыԥҳацəа ртәы раасҭа, избанзар унапы зырааԥсо ыҟоуп, уигь иара ахатə ҷыдарақəа амоуп, иҟазҵо аҟаза иоуп издыруа. Уаанӡа ызлахысуаз ахыц еиҳа имариан алахысра, иласын.

Аҵыхəтəаны имҩаԥаҳгаз аицлабраҿы ахацəа злахысуаз ала схысуан, маҷк иџьбароуп, аха уи еиҳа гьамак аҵоуп уҳəар алшоит. Знык уанхыслак, нас шьҭахьҟа ацашьа ыҟаӡам, есҽны ухыслар уҭаххоит.

Аклуб "Афырхы" атурнирқəа мҩаԥнагоит. Ашколхəыҷқəа рыбжьара анаҩсангьы, аклуб аилазаара иалоу рыбжьарагьы атурнирқəа еиҿнакаауеит. Сара хаҭала ԥшьынтəуп атурнир салахəуижьҭеи. Аԥсны Аџьынџьтəылатə еибашьраҿы иҭахаз Валери Делба игəалашəара иазку атурнир мҩаԥаҳгоит есышықəса, ԥхынгəы 15 рзы, иара дахьҭахаз ахаҳə ахьышьҭоу Гəыма ақыҭа ҳцаны. Иҭаацəагьы алахəуп, иҷкəынзаҵə дыҟоуп. Валери ихаҭа дтанкистын. Ахыцала дхысуамызт иара, аха дхысҩы ӷəӷəан, Баҭалрааи иареи еиҩызцəан, ихьӡала имҩаԥыргоит есышықəса.

© Sputnik / Томас ТхайцукВалери Делба ақыҭа Гәыма дахьҭахаз аҭыԥ аҿы ишьҭоу ахаҳә ааигәара имҩаԥыргоит ахыцуаа ртурнир
Ахыц, ахәымпал, ахҿа, асарақьа: ажурналист Амра Аџьынџьал дышхыцуаҩхаз - Sputnik Аҧсны
Валери Делба ақыҭа Гәыма дахьҭахаз аҭыԥ аҿы ишьҭоу ахаҳә ааигәара имҩаԥыргоит ахыцуаа ртурнир

Иара убасгьы, жьҭаарамзазы Лыхнашҭа аҽаҩра иазку аныҳəа анеиҿыркаауа, атурнир уаҟагьы имҩаҧаҳгоит. Ҵыԥхгьы ҳалахəын, сынтəагьы уахь ацара азгəаҭаны иҳамоуп, атурнир мҩаԥысраны иҟоуп. Анаҟəаԥиатəи абааш аҵаҟа ҳцаны ахысрақəа мҩаԥаҳгахьеит, иаиааиуа еснагь аҳамҭақəа ирҭоит, абас еиԥш аицлабрақəа уахьрылахəугьы агəыбылра унаркуеит.

Ахыци ахәымпали: Гәыма имҩаԥысит ахыцуаа реиндаҭлара>>

- Араҟа излазгəабҭаз ала, аклуб иалахəу зегьы аԥсуа маҭəақəа рыла еибыҭоуп, бара беиқəшəоума ус еиԥш?

- Сара сахыҽхəаны исҳəарц сылшоит сабду Шугьан Џьынџьал иԥсы анҭаз иныҟəигоз амаҭəақəа уажəшьҭа 60 шықəса инареиҳаны ирхыҵуеит. Сара урҭ срызгəыдуны иныҟəызгоит. Иара идунеи иԥсахижьҭеи 30 шықəса ирықəуп. Иуапа, ихҭарԥа, икəымжəы, икаба - зегьы ҵəыхны иҳамоуп, уи, хымԥада, игəаларшəагоуп. Ихҭарԥеи икабеи сара исымоуп, убри сышəҵаноуп сышхысуа, иара убригьы мчык унаҭозар ҟалап, доуҳак ацзар ҟалап, сабду имч убра исыцушəа, исныруашəа сгəы иабоит. Иара еснагь аԥсыуа маҭəала иеилаҳəаз, абжьыуаа рҿы ашəа зҳəоз, насгьы дажəабжьҳəаҩ дуны деицырдыруеит. Иԥсы ҭаны иара имаҭəақəа сара ишныҟəызго ибазҭгьы, иаргьы игəы иахəон ҳəа сгəы иаанагоит.

© Foto / предоставлено Амрой АджинджалАмра Аџьынџьал лабду Шугьан иаԥсуа маҭәа лышәҵаны ахыцуаа ртурнир далахәуп
Ахыц, ахәымпал, ахҿа, асарақьа: ажурналист Амра Аџьынџьал дышхыцуаҩхаз - Sputnik Аҧсны
Амра Аџьынџьал лабду Шугьан иаԥсуа маҭәа лышәҵаны ахыцуаа ртурнир далахәуп

- Аԥсуаа жəытəаахыс иныҟəыргоз, иртəышьҭраз аҭоурых еихаҳауа иаажəгоит, ҳгəы иахəоит ас еиԥш ари ахəмарра аҿиара ахьамоу, аԥсынҵры ахьаиуз Аԥсынтəыла. Ҭабуп ҳəа шəаҳҳəоит уи аԥызҵаз, еиҿызкааз, иалахəу, згəыбылра аду, зџьабаа-зылша алоу зегьы. Аихьӡарақəа шəзеиӷьасшьоит аԥхьаҟа.

- Иҭабуп. Сгəы иаанагоит ахыцуаа рклуб аԥхьаҟа иҵегьы аҿиара аиуп, иаднаԥхьало ауаа иҵегьы ирацəаҩхап ҳəа. Аԥсуа қьабз аҿиара-аԥсуарагьы Аԥсынрагьы аҿиара иазкуп ҳəа сгəы иаанагоит. Ауаҩы данхəыҷу аума, дандуу аума, аԥсуара иазку, аԥсуа ҵакы змоу данаднаԥхьало, иҩнуҵҟатəи идунеихəаԥшышьагьы аҽаԥсахуеит, убри азы ас еиԥш иҟоу аспорттə хкы ҳҳəаргьы, атрадициатə хəмаррақəа ҳҳəаргьы, даара аҵакы рымоуп ҳəа сгəы иаанагоит, аҿиарагьы аиуп ҳəа агəыӷрагьы сымоуп.

Иара убас шәаԥхьар шәалшоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0