COVID-19 здырбалаз Ермантәыла ауаҩы Аԥсны иҟазаара ахҳәаа анаҭоит Аԥсны АШәМ

Аԥсны аҽа ҩыџьа акоронавирустә инфекциа рцәа иалоуп ҳәа адырра ҟалеит ԥхынгәы 22 рзы, руаӡәк, Ермантәыла атәылауаҩ аԥарарҳаразы Аԥсны дааны дыҟан.
Sputnik

АҞӘА, ԥхынгәы 23– Sputnik, Сариа Кәарцхьиаԥҳа. COVID-19 имоуп ҳәа ззышьақәдыргылаз Ермантәыла атәылауаҩ Аԥсны анхараз азин имоуп ҳәа иҳәеит Sputnik акорреспондент дзыҿцәажәаз Аԥсны АШәМ Аҳәаахьчаратә отриад аиҳабы Рустам Латипов.

Аԥсны иҟоу акоронавирус хҭыс ҿыцқәа рзы аепидемиологиатә ҭҵаара мҩаԥысуеит

"Ԥхынгәы 8 рзы ишьақәыргылоу аԥҟарала Ермантәыла атәылауаҩ Аԥсны аҵакырахь иалалара азгәаҭоуп. Убри аан иара ицын иааиԥмырҟьаӡакәа Аԥсны анхара алзыршо азиншәҟәи Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра инаҭаз ахынҳәразы азини", - ҳәа азгәеиҭеит Латипов.

Ареспубликатә хәышәтәырҭахь дааргеит уаанӡа илаҽыз ачымазара ахы анцәырнага, уи ашьҭахь иуацәа иҟарҵаз аҳәарала Шәачаҟа дышьҭын, иара уброуп COVID-19 шимоу ахьаарԥшхазгьы.

Аԥсны аҽа ҩыџьа акоронавирустә инфекциа рцәа иалоуп ҳәа адырра ҟалеит ԥхынгәы 22 рзы, руаӡәк, Аԥсны атәылауаҩ уаанӡа Краснодар дышьҭан, аҩбатәи, Ермантәыла атәылауаҩ аԥарарҳаразы Аԥсны дааны дыҟан.

Аԥсны асанитартә-епидемиологиатә маҵзура "аепидемҭҵаара" мҩаԥнагоит, авирус змоу ахаҿқәа ирныруаз рышьақәыргылара иаҿуп.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: