Ҩ-хҭыс ҿыцк: Агәабзиарахьчара аминистрра адырра ҟанаҵоит COVID-19 зыхьыз шыҟоу

© Sputnik / Рамиль Ситдиков / Амедиаҵәахырҭахь аиасраТестирование россиян на наличие антител к COVID-19
Тестирование россиян на наличие антител к COVID-19 - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Акоронавирустә чымазара ҿкы зыдбалоу ауаа ирыҿцаауаз рышьақәыргылара иаҿуп уажәы, ахәышәтәырҭақәа рҿы асанитартә рыцқьарақәа мҩаԥысуеит.

АҞӘА, ԥхынгәы 22 - Sputnik. Аҟәатәи ақлаақьтә хәышәтәырҭаҿы ишьҭаз Аԥсны атәылауаҩ акоронавирус шимоу ааԥшит, иара убас Шәачатәи ахәышәтәырҭаҿы COVID-19 идбалоуп Аԥсны иҟаз Ермантәыла атәылауаҩ ҳәа адырра ҟарҵоит Аԥсны Агәабзиарахьчара аминистрраҿы.

Центр тестирования на коронавирус в Санкт-Петербурге - Sputnik Аҧсны
Роспотребнадзор аекспертцәа Аԥсны русура хацдыркуеит ԥхынгәы 23 рзы

Аминистрра апресс-маҵзураҿы ишырҳәаз ала, акоронавирус зыдбалоу Аԥсны атәылауаҩ Краснодар ахәышәтәра дахысуан. Аԥсныҟа дааит жәамшҟа раԥхьа, аха иаалырҟьаны игәы рахәымкәа дҟалан, ахәышәтәырҭахь дааргеит. Акоронавирус шимоу шьақәырӷәӷәахеит ақалақьтә хәышәтәырҭаҿы.

Егьи аҩбатәи ачымазаҩ Аԥсныҟа дааит аԥарарҳаразы. Ареспубликатә хәышәтәырҭахь дааргеит уажәаԥхьа илаҽыз ачымазара ахы анцәырнага, уи ашьҭахь иуацәа иҟарҵаз аҳәарала Шәачаҟа дышьҭын, иара уброуп COVID-19 шимоу ахьаарԥшхазгьы.

Акоронавирус иазку егьырҭ ажәабжьқәа шәрыԥхьар ҟалоит абра>>

Ажәабжьқәа зегьы
0