Ҳәаа змам агәырӷьара: аҳәынҭқарратә бираҟ амш азгәарҭеит Аҟәа

Ԥхынгәы 23 рзы Аԥсны иазгәарҭоит Аҳәынҭқарратә бираҟ амш. Сынтәа Аԥсны Аҳәынҭқарратә бираҟ иахыҵуеит 28 шықәса. Атәылаҿ иара ныҳәатә усуратә мшны ирылаҳәоуп.
Sputnik

Ҳаамҭазтәи Аԥсны Аҳәынҭқарратә бираҟ шьақәырӷәӷәан 1992 шықәса ԥхынгәы 23 рзы, Аԥснытәи АССР Иреиҳаӡоу Асовет аилатәараҟны, 1978 шықәсатәи Аԥснытәи АССР Аконституциа аусура аанкыларази 1925 шықәсазтәи Аԥснытәи ССР Аконституциа аиҭашьақәыргыларази аӡбара анрыдыркыла ашьҭахь.

Аескиз азирхиеит аԥсуа сахьаҭыхыҩ Валери Гамгьиа. Аҟәатәи "Амодақәа рыҩны" аҟны ирӡахуан.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: