Даҽа быжьҩык акоронавирус рыхьит Аԥсны

Аԥсны Аҳәынҭқарра иахьаҵанакуа иахьатәи аамҭазы акоронавирустә инфекциа 55-ҩык ауааԥсыра ирыхьхьеит.
Sputnik

АҞӘА, пхынгәы 25 - Sputnik. Аԥсны даҽа быжь-коронавирустә хҭыск азгәаҭоуп ҳәа аанацҳауеит Ауааԥсыра COVID-19 рацәыхьчаразы аоперативтә штаб.

Иҳаҩсыз уахыки-ҽнаки рыла акоронавирустә инфекциа рылоу ирыламу агәаҭаразы атестқәа ирхыжьын 115-ҩык ауааԥсыра.

Иара убас иазгәаҭоуп ачымазцәа ирныруаз ауаа ргәаҭарақәа шымҩаԥысуа.

Аԥсны акоронавирустә хҭысқәа ҩба ртәы еилкаахеит ԥхынгәы 22 рзы. Убри ашьҭахь урҭ ирныруаз ауаа рахьтә даҽа ааҩык ари ачымазара ҿкы шрыхьыз еилкаахеит.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: