Даҽа хҩык: Аԥсны акоронавирустә хҭыс ҿыцқәа аарԥшуп

© Foto / Давид БжинаваСотрудники гудаутской ЦРБ за работой
Сотрудники гудаутской ЦРБ за работой  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Иҳаҩсыз уахыки-ҽнаки рыла акоронавирус рылоу ирыламу гәарҭарц азы 69-ҩык ауааԥсыра атестқәа ирхыжьын.

АҞӘА, ԥхынгәы 25 - Sputnik. Аконоравирус адиагноз шьақәырӷәӷәахеит иҳаҩсыз уахыки-ҽнаки рыла игәаҭаз 69-ҩык ауааԥсыра рахьтә хҩык рҟны, абри атәы аанацҳауеит Аԥсны ауааԥсыра COVID-19 рацәыхьчаразы аоперативтә штаб.

Ичмазаҩхаз рахьтә ҩыџьа - Аҟәа ахәышәтәырҭақәа руак иапациентцәоуп, даҽаӡәы - Шәачантәи иааз Аԥсны атәылауаҩ иоуп.

Аоперштаб иазгәанаҭоит ачымазцәа ирныруаз ауаа ргәаҭара ишацырҵо.

Арҭ амшқәа рзы ҿыц иаарԥшыз ачымазцәа рахьтә ԥшьҩык Гәдоуҭатәи араионтә хәышәтәырҭа хадаҿы ишьҭаҵоуп, ҩыџьа Аҟәатәи ахәышәтәырҭақәа руак аҿы ишьҭоуп, хҩык рыҩны рҽыԥхьакны иҟоуп.

Апандемиа ааҟалеижьҭеи Аԥсны иахьаҵанакуа акоронавирус зыхьыз 48-ҩык ыҟоуп, урҭ рахьтә 37-ҩык ргәы бзиахеит, аӡәы лыԥсҭазаара далҵит.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0