Акурорт аҭыԥантәиқәа ҳзы: аныҟәарақәа аԥсышәала имҩаԥырго иалагеит

Аԥсны иҟоу атуристтә хеилакқәа руак анапхгаҩы Руслана Гьергьедааԥҳа аҭыԥантәи ауааԥсыра рзы аԥсышәала аныҟәарақәа реиҿкаара нап алыркит.
Sputnik

Саида Жьиԥҳа, Sputnik

Мызқәак раԥхьа иаартыз атуристтә хеилак "Визит Абхазия" анапхгаҩы Руслана Гьергьедааԥҳа акурорттә сезон дақәгәыӷуан ҳтәылауаа зегь реиԥш. Аха апандемиа иахырҟьаны аԥсшьаҩцәа раара аамҭала иаанкылахеит аҟнытә, аԥҳәызба илыӡбеит аҭыԥантәи ауааԥсыра Аԥсны аҭыԥ ԥшӡарақәа рахь рхьарԥшра, уимоу аԥсышәала аныҟәарақәа рзымҩаԥгара.

Акурорттә аамҭа иақәгәыӷуаз: ауаа ргәабзиара аԥхьа игылоуп

"Атуризм ауаа рыла ауп ишышьақәгылоу, аҭыԥантәиқәа, мамзаргьы аҳәаанхыҵынтә иааз ҳәа ишатәым. Убри инамаданы исыӡбеит ҳауаажәлар алархәны аҩнуҵҟатәи атуризм аҿы схы ԥысшәарц. Насгьы скомпаниа сынтәа ауп ианаасырт, аус мукәа сынхар сҭахымхеит", - лҳәоит аҩнуҵҟатәи атуризм арҿиараҿы раԥхьатәи ашьаҿақәа ҟазҵо Руслана.

Зегь раасҭа ари аус аҟны аинтерес зҵоу, аныҟәарақәа аԥсышәала иахьымҩаԥысуа ауп. Аекскурсиамҩаԥгаҩцәа ишьақәырӷәӷәаны ирымоу атекстқәа еиҭаганы еиҭарҳәоит.

Хә-хырхарҭак рыла ишьақәгылаз аекскурсиа мҩаԥызгоз, занааҭла иҭоурыхҭҵааҩу Ҳаџьараҭ Џьыкырба, ԥхынгәы 25 рзы раԥхьаӡакәны 40-ҩык аҭыԥантәи аекскурсантцәа рзы аныҟәара аҵаки, иахьаанҿасуаз аҭыԥқәа рҭоурыхқәеи еиҭеиҳәеит. Уахь иаҵанакуан Афон, Аԥсаратәи ашьха ашьапаҟны илеиуа аӡхыҽҽа, Гагра анаԥшырҭатә дәы, Ҳашԥсытәи аиҩхааҭшәақәа рыҩбагьы, адуи, ахәыҷи, убас Цандрыԥшь, "Ахра шкәакәа".

Аекскурсиа шымҩаԥысыз авидеонҵамҭа шәаҳәаԥшыр ҟалоит абра>>

Аныҟәара зҽанызҵаз, зегь раасҭа аинтерес рыман Ҳашԥсытәи аиҩхааҭшәақәа рбара. Урҭ Руслана Гьергьедааԥҳа аинтернет аҿы иӡырылгахьан аҟнытә, исахьаркыз афотоқәа збаз акырӡа ихнахит.

Акурорт аҭыԥантәиқәа ҳзы: аныҟәарақәа аԥсышәала имҩаԥырго иалагеит

"Аныҟәара аиҿкаара сацклаԥшны ахырхарҭақәа шьақәсыргылеит. Сара исҭаххеит аҭыԥантәи ауааԥсыра реиҳараҩык ирымбац аҭыԥқәа дырбара. Иаҳҳәап Афон, Аԥсаратәи ашьха ашьапаҟны илеиуа аӡхыҽҽеи, Ҳашԥсытәи аиҩхааҭшәақәеи. Ирацәаӡоуп Аԥсны мрагыларатәи аган аҿгьы ирыдызгалаша", - еиҭалҳәоит лара.

Ҳашԥсытәи аиҩхааҭшәа ду ҳәа изышьҭоу километрак инаӡоит, аҵаулара ҩ-метракынӡа инеиуеит, аха еснагь еиԥшым, ақәа аур аӡы иацлоит, акраамҭа имлеир иагхоит. Аиҩхааҭшәа маҷ ҳәа изышьҭоу 30 метра аура амоуп, аҵауларагьы еиҳа ихәыҷуп.

Акурорт аҭыԥантәиқәа ҳзы: аныҟәарақәа аԥсышәала имҩаԥырго иалагеит

"Ҭоурыхтә хыҵхырҭақәак изларҳәо ала, аурым император Адриан 1207 шықәсазы иҳәынҭқар амаҵ азызуаз Кавказҟа дааишьҭуеит. Иара инҵамҭақәа рҟны уажәы ҳахьгылоу Ҳашԥсытәи аӡиас ахықә абазгааи, санигааи рҳәаа акәын ҳәа иарбоуп", - инаҵишьит аекскурсиамҩаԥгаҩ Ҳаџьараҭ Џьыкырба.

Аинтерес зҵаз афактқәа ирылыскааит Ҳашԥсы ақыҭа ахьӡ ахьынтәаауазгьы. Ҳаџьараҭ еиҭеиҳәеит араҟа, амҳаџьырра ҟалаанӡа асаӡ хылҵшьҭрақәа Хышхаа шынхоз, дара рҿынтә ауп ақыҭеи, аӡиаси ахьӡ шырхылаз ҳәа.

Ҳаџьараҭ Џьыкырба аԥсышәала имҩаԥиго аныҟәаразы дацклаԥшны ауп атексқәа шеиҭеиго. Аҭыԥхьыӡқәа рҿы еилагарак ҟамларц азы В. Кәарҷиа атопонимиказы имоу аусумҭақәа ихы иаирхәоит.

Аԥсуа гәыԥ сацны арҭ аҭыԥ ԥшӡарақәа збарц азы сааит саргьы, аха уӡара аҟынӡа инеиуаз аӡиас шьапыла аҭысра сацәшәан, аҟәараҿы стәаны снаԥшааԥшуан. Сааҭк инеиҳаны исымаз аамҭа иалагӡаны ауаа мҩанызгоз амашьынарныҟәцаҩцәа срацәажәон. Аиҩхааҭшәа ахь инеиуа амҩа ҭаҟәаҭаҿуп, насгьы аӡы уҭысроуп. Убри аҟнытә "УАЗ Патриот" ҳәа изышьҭоу амашьынақәа роуп арахь иаарц зылшо. Сара сызқәтәаз атранспорт аԥшәма Левон Шебелиан иҳәеит аҭыԥантәи атуризм арҿиара акырӡа агәахәара шинаҭо, насгьы иуаажәлар рымҩаԥгара еиҳа ишизыманшәалоу.

Ҳара ҳауп зегь раԥхьа ҳаԥсабара ссир збаша: аҩнуҵҟатәи атуризми Ҳабҩи ирызкны

"Атуризм аганахь ала аус зуоижьҭеи аашықәса ҵуеит. Макьаназы аӡәы акы игәамԥхо, мамзаргьы даргәамҵуа иҟамлацт сԥышәаҿы. Аҵыхәтәантәи аамҭазы аҭыԥантәи аекскурсантцәа рымҩаԥгара салагеит. Аиаша шәасҳәап еиҳагьы еиӷьасшьеит, избанзар ҳаилибакаауеит, ҳинтересқәа еиқәшәоит", - ҳәа азгәеиҭеит амашьынарныҟәцаҩ.

"Аԥсуа гәыԥ" еиднакылоз 40-ҩык аекскурсантцәа рахьтә иҟан Аԥсны мрагылареи мраҭашәареи аганқәа рхаҭарнакцәа. Очамчырантә иааз Мате Цкәитариа џьашьатәыс иоуит аҭыԥантәи атуризм азҿлымҳара азҭо ауаа ахьырцәаз.

"Ҳара Аԥсны ҳанхоит, аха ҳҭыԥқәа зегьы ҳаздырӡом. Абри аус аԥшьызгаз Руслана Гьергьедааԥҳа иҭабуп ҳәа ласҳәоит ҳаԥсы ҳшьартә, иҿыцу акы ҳбартә, уимоу аԥсышәала аҭоурых ҳазнаргартә еиԥш алшара ахьҳалҭаз", - инаҵишьит Мате.

Ҳашԥсытәи аиҩхааҭшәа акарсттә цәырҵрақәа ирыбзоураны иҟалеит. Уи аԥсабара ианаҭаз аиҿартәра убла хнакуеит, ибжьысуа ажәҩан ԥштәы аазхәо аӡы ихьшәашәамзар аҭыҵрагьы уҭаххом. Аиҩхааҭшәа акәша-мыкәша ашәаԥыџьаԥ еилашьшьы џьанаҭ ҭыԥны ублаҿы иааиуеит.

Аныҟәара ихнахыз аиҩызцәа Салима Џьыкырԥҳаи Лана Чкадуаԥҳаи рҩызцәагьы ишрабжьырго рҳәеит ҳтәыла аҩнуҵҟа еимдаларц.

Акурорт аҭыԥантәиқәа ҳзы: аныҟәарақәа аԥсышәала имҩаԥырго иалагеит

Ҳашԥсытәи аиҩхааҭшәа макьана мҽхакыҭбаала атуристтә ныҟәарақәа ахьымҩаԥысуа ҭыԥым. Аха аҵыхәтәантәи аамҭазы иаиуз аӡыргара иалҵшәахеит аҭыԥантәи ауааԥсыра арахь рааира. Агәра умгарц залшом аҳәаа шаартхалак, сахьаркырала акы иаламҩашьо ари ахырхарҭа ҳасасцәагьы бзиа ибаны иахьныҟәало ҭыԥны ишыҟало.

"Аԥсуа гәыԥ" аҩныҟа ианыхынҳәуаз амилаҭ цәа зыҟәныз рныҟәара агьама еихарҳарц азы чеиџьыкала ихдырқәшеит.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: