Акурорттә аамҭа иақәгәыӷуаз: ауаа ргәабзиара аԥхьа игылоуп

© Foto / instagram: konnie_progulki_abhaziaКонные прогулки в Абхазии
Конные прогулки в Абхазии - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аӡәгьы изы имаӡаӡам ҳтәылауаа реиҳараҩык акурорттә аамҭа иалагӡаны идырҳауа ала рхы шныҟәырго. Аха сынтәа ари аҩыза алшара змауз гәыԥҩыуаак зегь акоуп ргәы карыжьуам, акрырҳара шырҭахугьы, рыуаажәлар ргәабзиара аԥхьа идыргылоит.

Саида Жьиԥҳа, Sputnik

Ҽыла аныҟәара аанкылоуп

Дмитри Чамагәуа 16 шықәса ҵуеит Пицунда-Мысратәи аҳәырԥсарра иахьаҵанакуа, Рҩаԥшь аиҩхааҟны ҽыла аныҟәарақәа еиҿкааны имоуижьҭеи. Апандемиа ҟалаанӡа, акурорттә сезон маншәалан ҳәа анырҳәо аамҭазы, ҽнак иалагӡаны 4-5 ныҟәара мҩаԥигон. Иахьа аԥхын абжа ииасхьеит, аҽқәа рныҟәгареи аусзуҩцәа ауалафахәы арыҭареи рҿы ауадаҩрақәа цәырҵит.

"Сара аныҟәарақәа рымҩаԥгаразы жәа-ҽык иреиҳамкәа инҵаны исымоуп, аҟабардақәеи аԥсуааи рыҽқәа ҳәа ззырҳәо ажәлақәа иртәу. Есышықәса лаҵарамза аламҭалазы, акурорттә сезон сақәгәыӷны аԥстәқәа рзы х-тоннак ақьар (овес) аҵәах аасхәозҭгьы, сынтәа ус исзыҟамҵаӡеит. Хымԥада аҽқәа амла иасыркӡом, аха уаҵәтәи амш ақәгәыӷра уадаҩхеит. Уимоу ирхылаԥшуа ҩыџьа аусзуҩцәагьы ауалафахәы рыҭатәуп. Даргьы ҭаацәак-ҭаацәак ныҟәыргоит, асезон ҟалар, ишәзысшәоит ҳәа раҳәашьас исымои. Макьана изласылшо ала снапы рыгсыжьуам", - иҳәоит Дмитри Чамагәуа.

© Foto / instagram: konnie_progulki_abhaziaДмитри Чамагәуа ҽыла аныҟәарақәа мҩаԥигоит 16 шықәса инарзынаԥшуа
Акурорттә аамҭа иақәгәыӷуаз: ауаа ргәабзиара аԥхьа игылоуп - Sputnik Аҧсны
Дмитри Чамагәуа ҽыла аныҟәарақәа мҩаԥигоит 16 шықәса инарзынаԥшуа

Убас иара иазгәеиҭеит мызкы иадамхаргьы аус руртә еиԥш изыҟалар, аӡынра иусзуҩцәеи иҽқәеи рныҟәгараҿы ауадаҩрақәа шмаҷхоз.

Аҩнуҵҟатәи атуризм далацәажәо, Дмитри инаҵишьит, аԥсуаа рҟынтә аԥара шыимго. Апандемиа ҟалаанӡа уи ихахьы иааигомызт, уажәы зынӡагьы дазхәыцӡом.

"Абжьааԥны жәаҩык ныҟәара исшьҭуазар, ҩыџьа-хҩы аҭыԥантәиқәагьы рыгәҭа иалан. Сара аԥсуаа рыԥсадгьыл цқьа иҭырҵааит, иҿыцу акы рбааит, ирдырааит, уи гәыбылроуп ҳәа иԥхьаӡаны аԥара рымсхӡом. Ус ҟазҵогьы сҩызцәа рацәаҩуп. Убри аҟнытә ҳара-ҳара ҳабжьара атуризм арҿиара мариам, уи дунеихәаԥшышьала ҳазыҟаҵаӡам", - иажәа иациҵоит иара.

Ҽыла аныҟәарақәа аамҭала ишаанкылоугьы, Дмитри инҵаны имоу аԥстәқәа рыфатә, рыжәтә адагьы ргәабзиарагьы хылаԥшра ҷыда аиҭоит. Еиуеиԥшым амаҵақәа рҟнытә ахәшәқәа рхьыршьуеит. Ачымазарақәа раԥырҟәҟәааразы алаҵақәа рзыҟарҵоит.

"Аӡиа Риҵеи Афони роуп сныҟәызгоз"

Апандемиа иахырҟьаны усурҭада даанхеит Аԥсны аҭыԥ ԥшӡарақәа рахь асасцәа ҩажәа шықәса раахыс ныҟәара изгоз Цандрыԥшь аҳаблан инхо Дмитри Ҷанба. Иара фирмак дадҳәаланы акәымкәа, хаҭала ауаа мҩаԥигон.

Форд Чичба - Sputnik Аҧсны
Знык Аԥсны збаз еиҭа даҭаар сҭахуп: аекскурсиамҩаԥгаҩ Форд Чычба иҭоурых

"Аиаша шәасҳәап, хаҭала сара акырӡа иснырит акурорттә сезон аҟамзаара. Ҭаацәара дук рныҟәгара, насгьы ҳара ацәгьеи абзиеи рахь ҳцара, ҳаара уҳәа ирыдҳәалоу аныхрақәа рацәахеит. Хымԥада аҽынкылара ҳалагеит, аха, егьаумҳәан, уааи ахьырҳәо уԥхашьоит, иԥсахны акәзаргьы уцоит. Аамҭа аҽамԥсахыр, сара сзы мацара акәым, зџьабаа иахьатәи амш азы иақәгәыӷуагьы ауадаҩрақәа изцәырҵуеит", - иҳәоит иара.

Ҩажәа шықәса раахыс Дмитри Ҷанба Аӡиа Риҵеи Афони зқьынтә даҭаахьеит, уажәшьҭа ибла хҩаноуп амҩа дшақәшәо. Арҭ ахырхарҭақәа ҽнак иалеигӡоит, насгьы ирыдҳәалоу аҭоурыхқәа, алегендақәа, акәша-мыкәша изызҳауа аҵиаақәа, илоу аԥстәқәа, аԥсаатәқәа уҳәа бзиаӡаны идыруеит азы аиҳарак уахь ауп асасцәа ахьиго.

Иахьазы Дмитри иҭаацәара зланыҟәиго такси ҳасабла дахьныҟәо ауп. Аха уигьы чак ахә зҳәаз еиԥш ауп иаҭнихо, ауаа аԥара рымаӡам уаанӡеиԥш инеиааиртә.

Ацха анбзиоу акгьы ахьӡом

Зегьы иаҳдыруеит ацха ауаҩы игәабзиара ишазеиӷьу, убри аҟнытә дыҟамзар ҟалап аӡәы, аҩны ҵәахык аҳасабала ацха змам. Аха аҭиразы изԥшшо, насгьы уи ала зхы ныҟәызго иабаигари. Ари азҵаара аҭак ҟаиҵеит ашьхааӡара знапы алаку, Алаҳаӡыхь ақыҭанхаҩы Рудольф Петросиан.

Дмитри Кокосқьериа - Sputnik Аҧсны
Кокосқьериа: раԥхьатәи ашьхаҭаацәара анысҵеит ахәбатәи акласс аҿы сантәаз

"Ашьхааӡара абиԥарала иааҳго акоуп. Раԥхьанатә ҳхазы иаҳԥшшон, ашьхымзақәа ианрыцла, аибашьра ашьҭахь ҳауа-ҳҭынха ирзаҳшон, аԥсшьаҩцәа андәықәла маҷ-маҷ иаҳҭиуа ҳалагеит. Иахьа Бзыԥҭа аиҩхааҟны ашьхаҭаацәарақәа маҷымкәа исымоуп. Ацха аҭиира иазсырхиеит, аха иҟалаз жәбоит. Хымԥада ацха акраамҭа иԥхасҭахаӡом. Ашьақар асҭом, ахимиа алам. Сыцха агьама згәаԥхо аҭыԥантәи аахәаҩцәа иргоит азы, атауар нхар ҳәа сшәаӡом. Иахәҭоу агәаҭарақәа ирхыжьны аџьармыкьаҿы ирыдызгалоит. Аха абизнес змоу, тоннала изԥшшуа хымԥада ауадаҩрақәа иныруеит. Ииашоуп аамҭа хьанҭахеит, аха еицәаз ҳхаҳгеит аибашьраани уи ашьҭахьи. Млакы ҳҽаҳмыркып, егьырахь ачҳара ааҳарԥшып", - иҳәоит Рудольф Петросиан.

Акурорттә сезон амҩаԥгара акәу, ауаа ргәабзиара аиқәырхара акәу ҳәа узызҵаауа зегьы рҭак акоуп – агәабзиара, аха ахныҟәгара атемагьы ахы цәырнаго иалагеит.

Ажәабжьқәа зегьы
0