Аамҭақәа зегьы ирзыхиоу: Бабышьира инхо Наҭелла Џьынџьал лнапы шлыцааиуа

Бабышьира инхо Наҭелла Џьынџьал ауҭра лнапаҿы ибзианы иааиуеит, уи адагьы аԥҳәыс ус зегьы лықәманшәалахоит. Ишәыдаагалоит Sputnik аколумнист Есма Ҭодуаԥҳа ари аԥсуа ԥҳәыс сасра данылҭааз ашьҭахь иазлырхиаз анҵамҭа.
Sputnik

Есма Ҭодуаԥҳа, Sputnik

Тҟәарчал араион, Бедиа ақыҭа ииз Наҭелла Џьынџьал дхәыҷызар аахыс анхашәатә бзазара далааӡан. Лара лаби лаб иашьеи Аџыри Мышәи Џьынџьалаа зыхьӡи зыжәлеи еидкыланы ирҳәоз ауаа иреиуан, Нхыҵи Аахыҵи шьхала иахьымныҟәацыз ыҟамызт, ақәыларақәа ирылахәын, ишәарыцон.

"Саб Аџыр ихьӡын. Аџыри Мышәи аишьцәа ракәын. Ҽыла иныҟәон, қәылара ицон, аҽқәа ааргон. Усҟан аҽқәа пату рықәын. Дара есымша ԥсыуа маҭәала еилаҳәан, рыхҭарԥақәа рхаршәны. Абарҭ анхамҩа усгьы иаҿын. Усҟан даҽакала иҟан, даҽа гьамак аман. Ауааҳә ҟарҵон. Амхы иҭагыланы ианырашәоз ашәа ҳәо, абри аџьабаа змо акы акәны акәымкәа, рыԥсы аларшьозшәа акәын ишазыҟаз. Убри иаҳбаз ауп ҳаргьы иахьа иааҳго", – ҳәа еиҭалҳәоит Наҭелла, луҭра далсны днеиуа, лаарыхрақәа лнапы налыршьуа.

Аамҭақәа зегьы ирзыхиоу: Бабышьира инхо Наҭелла Џьынџьал лнапы шлыцааиуа

Лара аҭаацәара даналала нахысгьы лыԥшәма Пиотр Џьапуеи лареи Тҟәарчал ақыҭан рхатә џьабаала анхара напы адыркит. Урҭ ирааӡеит хәҩык ахшареи зежәҩык амоҭацәеи. Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра ашьҭахь, рынхара зегьы аныблы, Тҟәарчал иқәҵын, иахьа иахьынхо Бабышьира иааит. Араҟагьы ҿыц анхара иалагеит, ирымоу зегьы дара рнапала иҟарҵаз ауп, рхатә џьабаа мацарала, адгьыл ақәаарыхрала рхы-рыхшара рааӡеит.

Наҭелла луҭраҿы иҟам ҳәа акы ыҟам: ҳзышьцылоу анаша, апомидор инаркны, апырпыл, апатырџьан, ахәыл, апырпыл хаа, акырпыжә, ашьынка, аҟаб уҳәа, зеиуахк уҭаху афатә архаагақәа. Урҭ инарҷыдангьы сылаԥш иҵашәеит ауҭра иалагылаз, зыбӷьқәа џарџаруаз ҵиаак. Ари закәызеи ҳәа сахьҵааз, аҭаҭын ауп ҳәа салҳәеит.

"Абри аԥхьа абра ҳанаа анхара, иҳадырҵеит аҟаҵара, ақыҭа зегьы иҟарҵеит. Убас иҟалеит, агарҭа ҳмоуа. Уи ауҭраҭых шыҟабҵо еиԥш, абас ибрашәеит, ибцәаӷәеит, ибчалтит, еиҭабҳаит. Нас икнаҳан иҳарҩеит, ианҩа нахыс абас иаҳҷаҷуеит. Уи агәыр ыҟамзи абас, идуу, убри ала еихаԥсаны, иаҳҷаҷуеит. Нас иҳарҩеит, икнаҳҳаит, анаҩс аҭирахь ирысҭеит. Уи ашьҭахь иҟаҳамҵеижьҭеи акырҵуан. Уажәы абас цырақәак ауҭра иалеиҭаҳан иҟасҵеит, ауҭразы ибзиоуп иара", – ҳәа еиҭалҳәоит лара.

Аамҭақәа зегьы ирзыхиоу: Бабышьира инхо Наҭелла Џьынџьал лнапы шлыцааиуа

Ауҭраҭых инаҷыдангьы амх дугьы ҟаҵаны ирымоуп, аџьықәреи аҟәыди ахьрызҳауа. Адгьыл заҟа бҭаху ыҟоуп, иузыҟаҵозар лҳәоит лара. Наҭелла Џьынџьал ишазгәалҭо ала, лара лзын аарыхра ааԥсароуп ҳәа лызҳәом, уимоу акы данаҿым ауп лгәы ианазымчҳауагьы. Иаалрыхуа акәзар, лхазы мацара акәым, лҭаацәа зегьы ирхьылгӡоит, ақалақьқәа рахь ирзылшьҭуеит, лгәылацәа ракәзар, урҭ рыда схала стәаны иагьысзыфом лҳәоит.

Аамҭақәа зегьы ирзыхиоу: Бабышьира инхо Наҭелла Џьынџьал лнапы шлыцааиуа

Лыҩцараҟны уажәнатә иалыркхьоу аӡынтәи аҵәахқәа ахы убар, аҵыхәа узымбо иҭәуп. Иара убас ақыҭанхаҩ нага ишиҷыдаҟазшьоу еиԥш лыҩнаҭа ахш-харҵәы агым. Иара уигьы ашә рҩаны аӡын азы иахьылҵәахуа адагьы, ашә-аӡагьы аркқәа ирыланы сылаԥш иҵашәеит.

Аамҭақәа зегьы ирзыхиоу: Бабышьира инхо Наҭелла Џьынџьал лнапы шлыцааиуа

Уи шыҟалҵо атәгьы сзеиҭалҳәеит абас:

"Ашә аӡа абас иара злахысхыз аӡы ала еиҵаҵаны, аџьыкхыш агьамала инаҭаны абас иасыркуеит. Ашә рҩа усгьы иҟаҳҵоит, абригьы абас. Аибашьраангьы абри ҳаарыхра иҟаҳҵоз ала акәын ҳазланхоз, аӡәы акы иҭаххаргьы ҳаицхыраауан, уажәгьы ак ҟаларгьы, абри ҳхала ҳтәаны иаҳфаӡом, схала сара сыгәгьы иаҭахӡам, аӡәы акы иҭахума, зегьы сызрыхьӡандаз ҳәоуп сшыҟоу. Нас сара иҿыцу акы ахәыцрагьы бзиа избоит, схатә гьамала. Уажәы акониак иарҭо архаагақәагьы аарыхны, уигьы снапала иҟасҵоит. Ажәакала, иҳалшо ала ҳанхоит", – ҳәа еиҭалҳәоит лара, аибашьраантәи ауадаҩрақәа уажәгьы лхы-лгәы ишҭоу мҩашьо.

Аамҭақәа зегьы ирзыхиоу: Бабышьира инхо Наҭелла Џьынџьал лнапы шлыцааиуа

Лашҭа акәытқәеи ашәишәиқәеи рыла иҭәуп. Урҭ ирыцуп акәатақәагь, ачақәагьы. Ачақәа лмаҭа Алмас Џьапуа иоуп иаазгаз лҳәоит, убри иара азҿлымҳара иоун, рааӡара далагеит ҳәа ҳалҳәеит. Ажәакала, ақыҭанхамҩа агьама лара лмаҭацәагьы ишьҭыркааит.

Зхатә џьабаала инхо аҭаацәара ауадаҩрақәагьы маҷымкәа ирымам, аха уи рындырԥшӡом, акы ҳагуп ҳәагьы рҳәом, ргәы аартуп, доуҳалагьы ибеиоуп. Ари анҵамҭак алагьы иузҳәом урҭ рнапы злаку аусхкқәа зегьы.

Ҳаицәажәараан Наҭелла исзеиҭалҳәеит имаҷымкәа ажәытә ажәабжь ссирқәагьы. Лара лыбаҩ ҷыда шыҟоу ала, алаф азгьы лыбз хуп. Изыхәҭоу лафла дзыԥсоугьы иалҳәоит, ажәа азы хара ицо лакәым. Лыҩнаҭа иаҭаауа зегьы напы рҭәыла ишоулышьҭуа еиԥш, саргьы, ишысымуазгьы, напыда сылмышьҭит.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: