Аҩнатә ԥсаатә удларц: Лиудмила Цымцԥҳа аҟәарҭ шхылҵо

© Foto / предоставлено Вандой Хагуш Лиудмила Цымцԥҳа
Лиудмила Цымцԥҳа  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсуаа рыбзазараҟны аҭыԥ ҷыда ааныркылоит жәлар разгәаҭарақәа. Иҟоуп урҭ хазымҵо, аха убас аԥсҭазаараҟны изныкымкәа иԥызшәахьоугьы. "Акы ахьырҳәо акы ыҟоуп" ҳәа зыԥхьаӡо Калдахәара ақыҭан инхо Лиудмила Цымцԥҳа аҩнатә ԥсаатә лыдларц азы иҟалҵо Саида Жьиԥҳа илзеиҭалҳәеит.

Саида Жьиԥҳа, Sputnik

Аҩнатә ԥсаатә анхаҩы изы ималуп. Уи иманаҵы амла дакӡом. Инаҭоит акәтаӷь, ифоит ажьы. Ацәгьеи абзиеи рахь инаигоит, иҭаххар - иҭиуеит. Убри аҟнытә аҩнатә ԥсаатә рацәа ыҟам, шаҟа нуҵо аҟара убарақьаҭхоит.

Калдахәара ақыҭан инхо Лиудмила Цымцԥҳа иаҳзеиҭалҳәеит жәытә аахыс, ауаҩы инхара, инҵыра амшьҭа цәгьа иаҟәыгазарц азы жәлар разгәаҭарақәа ишрықәныҟәоз, уи аҭыԥ аман аҩнатә ԥсаатә ааӡараҿгьы. Лара иахьагьы дшыхәыҷызнатә леиҳабацәа ирҿылҵааз алоуп аҟәарҭ шхылҵо.

"Аҟәарҭ ахҵара аамҭа анааилак, аҩнԥҳәыс (анхәа дыҟазар - лара), аӡәгьы лыбжьы имырҳакәа, иалхны илымоу аҭыԥ аҟны дныҳәаныԥхьаны акәтаӷь аҵалҵоит, иахьҭатәоу акы нахалыршәуеит. Уи ашьҭахь, иахьынӡахтәалоу 21 мшы, аҭаацәара аҩныҟа, убас ашҭахь иааргаӡом аҩежь ԥшшәы змоу изакәызаалак шәҭык. Избанзар уи мышқәак рашьҭахь ихбалоит. Акәтагь агәы ҩежьуп, ашәҭ шканӡо еиԥш иаргьы ҩашьахоит ҳәа ирԥхьаӡоит. Убас ашҭаҿы ашәшәра ҟалаӡом, акәтаӷьқәа шаҟәоит", - жәлар разгәаҭарақәа дрылацәажәоит аԥҳәыс бырг.

Лиудмила Цымцԥҳа лыҩнахьы Бзыԥ аӡиас иху ацҳа уқәсны ауп ушнеиуа. Аҟәарҭ ахҵара аамҭа анааилакгьы, абри ахырхарҭагьы аҵакы анамоу ыҟоуп.

© Foto / предоставлено Вандой Хагуш Калдахәара ақыҭан инхо Лиудмила Цымцԥҳа
Аҩнатә ԥсаатә удларц: Лиудмила Цымцԥҳа аҟәарҭ шхылҵо - Sputnik Аҧсны
Калдахәара ақыҭан инхо Лиудмила Цымцԥҳа

"Иаҳҳәап, аҟәарҭ иаҵасҵо акәтаӷь сымамзар, иаасхәоит, мамзаргьы сыуа-сҭынха исырҭоит. Аха ҳара ҳамҩа хада Бзыԥ аӡиас иху ацҳа ауп. Убри аҟнытә акәтаӷь аазгозар, изҭоу амакәан снапала ишьҭыхны, схагәҭ иарбаны ишыску мацара ауп ацҳа сшықәсуа. Акәтаӷь аҵа аӡы ихурԥшылар, акәҷышь ылҵӡом рҳәоит. Аӡиас, мамзар икәаразааит, ишаҟь-шаҟьо ишцо еиԥш, акәтаӷьгьы аԥхарра аналслак убри иаҩызахоит рҳәон адуцәа", - лажәа иацылҵоит Лиудмила Цымцԥҳа.

Аԥҳәыс бырг иазгәалҭеит, акәтаӷь аагатәны илымазар, лхаҭа дзымцар, илшьҭуа аҭаацәара датәума, дҭынхоума, дгәылоума, имшьҭа бзиоуп ҳәа иԥышәаны илымоу иоуп.

© Foto / предоставлено Вандой Хагуш Лиудмила Цымцԥҳа лҟәарҭи уи ихнахыз ақәҷарақәеи
Лиудмила Цымцԥҳа лҟәарҭи уи ихнахыз ақәҷарақәеи - Sputnik Аҧсны
1/3
Лиудмила Цымцԥҳа лҟәарҭи уи ихнахыз ақәҷарақәеи
© Foto / предоставлено Вандой Хагуш Индейка
Лиудмила Цымцԥҳа илзануп ашәишәиқәа - Sputnik Аҧсны
2/3
Лиудмила Цымцԥҳа илзануп ашәишәиқәа
© Foto / предоставлено Вандой ХагушИара убас аҟызқәагьы лзануп
Иара убас аҟызқәагьы лзануп  - Sputnik Аҧсны
3/3
Иара убас аҟызқәагьы лзануп
1/3
Лиудмила Цымцԥҳа лҟәарҭи уи ихнахыз ақәҷарақәеи
2/3
Лиудмила Цымцԥҳа илзануп ашәишәиқәа
3/3
Иара убас аҟызқәагьы лзануп

Аҟәарҭ ахьху дазусҭазаалакгьы аӡәы днеины дыхԥшылошәа абар, ихыҵуеит. Акәтаӷь аҵазҵас лыда, атәым данаднамкыло ыҟоуп.

21 мшы рышьҭахь, акәҷарақәа анылҵлак, аҩнԥҳәыс, агәараҿы, ма рашҭа акәша-мыкәша ирху аҭәа рыҭра инҭаҵаны, уи аҵаҟа амшьҭа цәгьа шәҟәыгазааит ҳәа махәык ахәаци (крапива) ҵәымаӷ цыраки аҵаҵаны инҭалыртәоит.

"Иҟалалоит зны-зынла аԥшәма лхала лылаԥш шыцәгьоу анылзымдыруа. Убри аҽацәыхьчаразы ауп, акәҷарақәа ирыҵоу аҭәа ахәаци аҵәымаӷи шаҵарҵо", - инаҵылшьит Лиудмила Цымцԥҳа.

Арҭ азгәаҭарақәа хазҵо аҳәса, аҟәарҭ адагьы, ашәишәи, акәата, аҟыз уҳәа ихырҵозаалакгьы ирықәныҟәоит.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0