"Аллигаторқәа" рыцхыраарала "аӷа" иршьаҟа ҭархоуп

Атактикатә еицҽазыҟаҵарақәа мҩаԥгахоит Амшынеиқәа аԥшаҳәа еиуеиԥшым аҭыԥқәа рҿы. Иааидкыланы аҽазыҟаҵарақәа ирылахәуп зықьҩык рҟынӡа аруаа, 200 ак арратә техника.
Sputnik

АҞӘА, нанҳәа 6 - Sputnik. Аԥсны иҟоу урыстәылатәи арратә база атактикатә десант аполигон Нагвалоу аҟны иӡхыҵит амшынԥшаҳәа "аӷа" имшынтәшьаҟауаа рҿагыларазы ҳәа аанацҳауеит аокруг апресс-маҵзура.

Аррамаҵзурауаа амшынԥшаҳәаҿы апозициақәа аанкыланы "аӷа" иҽыхьчарҭақәа дырхәашеит, еиҿыркааит адиверсиа-ԥшыхәратә гәыԥқәа рҿагыларазы аҭабиақәа.

Аҳауаҟынтәи ацхыраара ҟарҵон аибашьыга вертолиотқәа Ка-52 "Аллигатор".

Атактикатә еицҽазыҟаҵарақәа мҩаԥгахоит Амшынеиқәа аԥшаҳәа еиуеиԥшым аҭыԥқәа рҿы. Иааидкыланы аҽазыҟаҵарақәа ирылахәуп зықьҩык рҟынӡа аруаа, 200 ак арратә техника.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: