Аладатәи арратә округ акинологцәа амаҵуратә лақәа разыҟаҵара иалагеит

© Foto / Пресс-служба ЮВОКинологи ЮВО провели комплексную проверку функциональных навыков караульных служебных собак в Абхазии
Кинологи ЮВО провели комплексную проверку функциональных навыков караульных служебных собак в Абхазии - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҽазыҟаҵарақәа рышьҭахь амаҵуратә лақәа аобиектқәа рыхьчара иаладыргоит иара убасгьы аполигонқәа рҿы арԥжәагақәа рыԥшаалоит.

АҞӘА, ԥхынгәы 23 - Sputnik. Аладатәи арратә округ аррамаҵзурауаа – акинологцәа амаҵзуратә лақәа разыҟаҵара иалагеит ҳәа аанацҳауеит арратә округ апресс-маҵзура.

Аруаа-акинологцәа алақәа амаҵуратә командақәа, аԥкырақәа рхысшьа ддырҵоит.

"Настәи аетап аан азыҟаҵара ҷыдақәа мҩаԥгахоит амина-ԥшааратәи аҷаԥшьаратәи маҵзурала. Идырҵахоит аилагара зуз иаанкылара, имҩангара, атәымуаҩ ишьҭеиҵаз афатә мап ацәкра, арратә обиектқәа рыхьчара, аиланхаратә ҭыԥқәеи аобиектқәеи, амина зҵоу адәқәеи амина рыҵхра", - аҳәоит адырраҭараҿы.

Ашықәс анынҵәо Урыстәылатәи Афедерациаҿы иҟоу Арбџьар мчқәа амаҵуратә лааӡара ацентрқәа 470 рҟынтәи арратә базахь иааргоит.

Арратә базаҿы амаҵуратә лақәа рыҟазааразы иргылоуп ҳаамҭазтәи акинологиатә қалақьмаҷ. 150 -100 метрԥшьыркца иҟоу аҭыԥ аҿы 10 инареиҳаны атренажиорқәа – амардуан, ацҳа, аанда ҳарак ыҟоуп, иргылоуп аволиерқәа.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0