Бжьаниа: аурыс-аԥсуа ҳәаа аиҭаркразы цәажәара ыҟаӡам

Бжьаниа инаҵшьны иазгәеиҭеит, акоронавирус чымазара ахыԥхьаӡара аизҳара аиҳарак зыдҳәало Аҟәа ақалақь ахәышәтәырҭақәа руак аҿы асанитартә нормақәа рықәымныҟәароуп ҳәа.
Sputnik

АҞӘА, нанҳәа 11 - Sputnik. Аурыс-аԥсуа ҳәаа аиҭаркраз цәажәара ыҟаӡам COVID-19 ареспубликаҿ аҟазаара атуристцәа раара иахьадҳәалам азы, иҳәеит агазеҭ "Известия" аинтервиу аҭо Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа.

Бжьаниа инаҵшьны иазгәеиҭеит акоронавирус чымазара ахыԥхьаӡара аизҳара аиҳарак зыдҳәало Аҟәа ақалақь ахәышәтәырҭақәа руак аҿы асанитартә нормақәа рықәымныҟәароуп ҳәа.

Урыстәылатәи аҳақьымцәа Гәдоуҭатәи агоспиталь аусура шьахәуп ҳәа ахырҳәааит

"Аҟазауаа роперативтә хымҩаԥгашьа иалнаршеит авирус аламырҵәара, Аԥсны ауааԥсыра реиԥш асасцәагьы ршәарҭадара аиҿкаара", - иҳәеит иара.

Бжьаниа иҳәеит нанҳәа 9 рзы Аԥсныҟа ишааз Сеченов ихьӡ зху амедицинатә университет аҳақьымцәа ргәыԥ, урҭ Гәдоуҭатәи COVID-центр аҿы аҭагылазаашьа шҭырҵаауа, абжьгарақәа шышьақәдыргыло.

"Урыстәылатәи Афедерациеи ҳареи ҳаицәажәарала адиагноз COVID-19 ззықәыргыло атуристцәа Краснодартәи атәылаҿацә ахәышәтәырҭақәа рахь инагахоит", - иҳәеит Бжьаниа.

Нанҳәа 1 азы аурыс-аԥсуа ҳәаа анаадырт инаркны нанҳәа 10 рҟынӡа 230 000-ҩык ахысхьеит.

Аԥсны иахьаҵанакуа иахьатәи аамҭазы авирус рыдбалоуп 143-ҩык. Урҭ рҟынтәи 45-ҩык ргәы бзиахеит, хҩык рыԥсҭазаара иалҵит.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

  • Аԥснынтә COVID-19 зманы инанаго апациентцәа рзы адкыларҭа дырхиоит Шәача