АҞӘА, нанҳәа10 – Sputnik. Урыстәылеи Аԥсни рыбжьара нанҳәа 1 азы аҳәаа аадыртызар аахыс 230 нызқьҩык аҳәаа иахысит ҳәа аанацҳауеит Шәачатәи аҳазалхырҭа апресс-маҵзура.
Иазгәаҭоуп аԥсшьарамшқәа раан аҳәаа уахыки-ҽнаки рыла наҟ-ааҟ 15 нызқь рҟынӡа транспорттә хархәагеи 80 000-ҩык ахатәхаҿқәеи ахысит ҳәа.
Нанҳәа 1 инаркны аҳазалхратә хылаԥшра рызууп 50 000 транспорттә хархәага.
Урҭ рҟынтәи:
- 45 000 автомашьына ласы,
- 1 700 еидарамҩангага,
- 1 600 автобус.
Наҟ-ааҟ аус руеит 23 цәаҳәа, арезервтә цәаҳәагьы налаҵаны. Убри аан еизҳауеит апассаџьырцәеи атранспорти рхыԥхьаӡара.
Аҳазалхра аушьҭырҭатә ҭыԥқәа рҟынтәи аҳәаахь иадыԥхьалоуп амаҵзуратә хаҿқәа аштаттә ак аизырҳаразы.