Аԥсны АҶА аквадроцикл аҟынтәи аӡы иагаз атуристка лыԥшаара иацырҵоит

Ҩыџьа атуристцәа зықәтәаз аквадроцикл Риҵаҟа узгоз амҩа иаҿҟьеит нанҳәа 12 рзы.
Sputnik

АҞӘА, нанҳәа 13 – Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Аквадроцикл аҟынтәи Бзыԥ аӡы иагеит ҳәа иршьо атуристка лыԥшаара иацырҵоит. Абри атәы Sputnik иазаарыцҳаит Аԥсны Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рминистрра апресс-маҵзураҟынтә.

Атуристцәа зықәтәаз аквадроцикл Бзыԥ аӡиас иалаҳаит

"Макьаназы аԥшаарақәа лҵшәадоуп. Аԥшаарақәа ирылахәуп Аԥсны АҶА Гагратәи аҟәша аусзуҩцәа", - ҳәа азгәарҭоит аусбарҭаҿы.

1998 шықәса рзы ииз арԥыси аԥҳәызбеи Аԥсныҟа ԥсшьара ҳәа иааит Санкт-Петербургнтә. Аквадроцикл қьырала иргеит.

Аӡиа Риҵахь узго амҩа ажәбатәи акилометр иахьаҵанакуа аҷкәын аԥсҟы импыҵҟьеит, аквадроцикл ааҳәын аӡиас иалаҳаит.

Аҷкәын ибыргәым аахақәа иоуит, аквадроцикл Бзыԥ аҟәараҿы ирбеит.

Аӡӷаб амҩатә машәыр ахьыҟалаз аҭыԥ аҿы дрымбеит, убри азы аӡаҿы лыԥшаара иалагеит.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: