Атуристцәа зықәтәаз аквадроцикл Бзыԥ аӡиас иалаҳаит

© Foto / пресс-служба МЧС РАСотрудники МЧС ведут поиски
Сотрудники МЧС ведут поиски  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Гагреи Гәдоуҭеи араионқәа рымцарцәара-еиқәырхаратә бригадақәеи Аҳәынҭқарратә инспекциа аӡыҵалаҩцәеи Санкт-Петербург инхоз аҭыԥҳа Бзыԥ аӡиас аҿы лыԥшаара иаҿуп.

АҞӘА, нанҳәа 12 – Sputnik. Ҩыџьа атуристцәа зықәтәаз аквадроцикл Риҵаҟа узгоз амҩа иаҿҟьеит ҳәа аанацҳауеит Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рминистрра апресс-маҵзура.

1998 шықәса рзы ииз арԥыси аԥҳәызбеи Аԥсныҟа ԥсшьара ҳәа иааит Санкт-Петербургнтә. Аквадроцикл қьырала иргеит.

Аӡиа Риҵахь узго амҩа ажәбатәи акилометр иахьаҵанакуа аҷкәын аԥсҟы импыҵҟьеит, аквадроцикл ааҳәын аӡиас иалаҳаит.

Аҷкәын ибыргәым аахақәа иоуит, аквадроцикл Бзыԥ аҟәараҿы ирбеит.

"Аӡӷаб амҩатә машәыр аҭыԥ аҿы дрымбеит, убри азы аӡаҿы лыԥшаара иалагеит. Аԥшаарақәа ирылахәуп Гагреи Гәдоуҭеи араионқәа рымцарцәара-еиқәырхаратә бригадақәеи Аҳәынҭқарратә инспекциа аӡыҵалаҩцәеи", - ҳәа аҳәоит Аԥсны АҶА апресс-маҵзура.

Аԥшаарақәа макьаназ илҵшәадоуп.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0