Сусанна Ҭаниаԥҳа, Sputnik
Адунеи аҿы иқәынхо ажәларқәа изқәынхо адгьыл шыҟалаз, ишеиҿартәу, аԥсабаратә цәырҵрақәа ирызку уҳәа еиуеиԥшым амифқәа аԥырҵахьеит. Аԥсуаа рмифологиагьы беиоуп ас еиԥш иҟоу аҳәамҭақәа рыла. Лымкаала ажәытә ауаа рзыҳәан иџьашьатәын ажәҩан аҟны ирбоз амра, амза, аеҵәақәа, адыд-амацәыс, аҵәаҟәа реиԥш иҟаз аԥсабаратә цәырҵрақәа.
Аԥсуаа рҿы жәҩантә цәырцрақәа рахьтә ҷыдала ҳаҭыр рықәны иҟан амреи амзеи рынцәахәқәа. Ажәытә акәым иахьатәи ҳаԥсҭазаара ухаҿы иузаагом арҭ наџьнатә аахыс изымҵаныҳәоз, жәҩантә цәырҵраны иҟоу амреи амзеи рыда. Ашьыжь ашара уанаԥыло мҩашьарада иудыруеит амра зқьышәахәала адгьыл шаҩычо, ишарԥхо, ауаа адгьыл иқәаарыхыртә, ихандеиртә, рхы ныҟәыргартә аҭагылазаашьа шрынаҭо. Амра анҭашәалак, ахәлара иалыҷҷаауа, иԥшӡакәакәараӡа умҩа ырлашо ажәҩан иаакыдлоит амза. Даҽакала иаҳҳәозар, амреи амзеи ахьыҟам нхареи бзазареи зыҟалом.
Аԥсуа мифқәа реиҳараӡак изларҳәо ала, амреи амзеи рыԥсы ҭоуп, уимоу, аетнолог Н. С. Џьанашьиа иусумҭақәа руак аҟны излазгәеиҭоз ала, Амза дхаҵоуп, Амра дыԥҳәысуп. Арҭ аҩ-нцәахәык рыхьӡала иҳаҩсыз аҩажәатәи ашәышықәса аҽеиҩшамҭанӡа аԥсуаа шықәсык ахь знык амзаныҳәеи амраныҳәеи мҩаԥыргон.
Амзаныҳәа амҩаԥгараан амза асахьа змаз акәакәар аанкылан иныҳәоз аҭаацәа реиҳабы иакәын. Амзаныҳәараан аҳәса алахәӡамызт, избан акәзар, амза анцәахәы дхаҵоуп ҳәа дыԥхьаӡан. Амзаныҳәа ашьҭахь амра ныҳәа мҩаԥыргон. Ари аныҳәара зызкыз аҳәса ракәын, аныҳәара амҩаԥгаразы иаҭахын амра асахьа змаз (игьажьыз) акәакәарқәа.
Жәлар рҳәамҭақәа рҟны амра иблахкыгоу ԥҳәызбоуп, амза дыҷкәыноуп. Вариантқәак рҿы амреи амзеи иашьеи иаҳәшьеи роуп, даҽа вариантқәак ирнубаалоит – урҭ бзиа еибабо арԥызбеи аԥҳәызбеи роуп ҳәа.
Аԥсуаа амзаҿа анырбалак, ицқьоуп ҳәа иԥхьаӡаны, ахьы мацәаз, аџыр, аиха, асаркьа цқьа ма араӡын ԥара иахәаԥшуан. Уи ус аҟаҵара амагиатә мчы амоуп ҳәа ирыԥхьаӡон, уи амза нҵәаанӡа даргьы рыԥсҭазаара цқьаны, гәырҩада ирхыргоит ҳәа ирыԥхьаӡон. "Амза хьаҩаҿа, улабара ҳазгәырӷьахааит!" - рҳәон. Ажәакала, амзаҿа анубо ицқьоу акы уахәаԥшыр, уи ацқьара уара уахь ииасуеит ҳәа ирыԥхьаӡон.
Аԥсуаа рдунеихәаԥшраҿы амреи амзеи ирыдырҳәалоз азгәаҭарақәа жәпакы ыҟоуп. Ҳарзааҭгылап урҭ:
- Амра ҭашәаанӡа аҩнашәқәа ауркыроуп, мамзар ачымазарақәа, иԥсхьоу иԥсы ҩналоит ҳәа ирыԥхьаӡон.
- Амра ҭашәаанӡа аԥшқа имаҭәақәа аҩныҟа иҩнаумгалар, ахәыҷы джьамкуеит рҳәоит.
- Амрагь амзагь атыҩ ианеицыркуа, адунеи аҿы рыцҳарак ҟалоит.
- Амзаҿа анубалак араӡны ԥара мамзаргьы ахьымацәаз арбаны "амзаҿа ахьаҩаҿа ублабара ҳазгәырӷьахьааит" ҳәа уҳәар бзиоуп.
- Амза ангыло ауха аԥсыӡ иабоит, адырҩауха ала иабоит, адырхауха ауп ауаа ианырбо рҳәоит.
- Амза игьежьӡа амацәаз еиԥш аҽыкәаҳа акәшан иҟазар, уаҩ дук дыԥсуеит рҳәоит.
- Амза, ма амра атыҩ ианакуа, ала алымҳа ырҵәины иурҵәаар бзиоуп рҳәоит.
- Амза, ма амра атыҩ ианакуа ухысыр бзиоуп "шәкы рахьтә ак неиуеит" рҳәоит.
- Амрагыларахь шьыжьымҭан ашәаԥшь анхыла, амш цәгьахоит.
- Амраҭашәарахь ашәаԥшь ыҟазар, ақәа ауӡом лассы.
- Аԥхын амра мыцхәы иӷьызар, ақәоура иазҳәоуп.
- Амраҭашәарахь ашәаԥшь ыҟазар, ақәа ауӡом.
- Ахәылбыҽха асы аура иалагазар, лассы иаҟәыҵуам ҳәа рҳәоит.
- Амза агәы ҩарханы, аныга ахьушьыртә ианкыду, ашықәсан иаарҩарахоит рҳәоит.
- Аныга узахьымшьыртә амзаҿа агәы ларханы ианкыду иӡысаамҭахоит.
- Хәылбыҽхан укаҳазар, анышә "ҿаҵак" аашьҭыхны ухы иакәыршан "сыхьша-мыхьша аҩсҭаа иахь ицааит" ҳәа амраҭашәарахь ирханы идыршәуан.
- Амза аҭахамҭазы аԥҳәыс дааугар бзиам, аҿиараҿы уманшәалахом.
- Амра анҭашәалак аты ашҭаҿы иааины абжьы аргар хәарҭам, уи зҟны инеиз аԥсра, амашәыр иақәшәоит ҳәа ирыԥхьаӡоит.
- Ахәылбыҽха аӡы уҭалар ҟалом, "Ӡыӡлан" лылахь ухьыԥшуеит рҳәоит.
- Амза аҭәымҭазы ацәара уадаҩхоит рҳәоит.
- Амра анҭашәалак унацәхыԥқәа хыусар ҟалом, ҵасым, избан акәзар, унасыԥ "уа иавҵоуп" рҳәоит аԥсуаа.
Афольклор ажанр ссақәа ирыҵаркуа ажәаԥҟақәа ҳанрызхьаԥшуагьы, иаҳԥымларц залшом зыӡбахә ҳамоу жәҩан цәырҵрақәа рыӡбахә. Амала иазгәаҭатәуп, еиҳарак ажәаԥҟақәа рҟны зыӡбахә ҳәоу амра шакәу. Иаагап аҿырԥштәқәа:
- Амра анҭашәо абаҩдан (аашьаҩ) дгәырӷьоит.
Ауаҩы аашьа аус аниуа ианбахәло, аусура саҟәыҵны санбашьҭало ҳәа ажәҩан даҵаԥшуеит. Убри ауп ари ажәаԥҟа иҳанаҳәо.
- Амра ицәылаз ахьаа аҳақьым даҭахӡам.
Ари ажәаԥҟа иазышьҭоуп абас еиԥш иҟоу агәаанагара, ианаамҭоу амра ицәыло, зҽазырбылуа, игәабзиарагьы иазеиӷьхоит, аӡын ахьҭа илалаӡом.
Иара убас амра иазкны иҟоу ажәаԥҟақәа иреиуоуп:
- Амра аԥшандагала иузырхьшәашәом; Амра уахәаԥшцәар, ашәшьыра узбом; Амра аҟынгьы џьара шәытарак ҟалоит; Амрагьы зны-зынла ԥҭа хәыҷык иаҵәахуеит; Амрагьы уара узы игылашәа убалароуп, даҽа шьоукы рзы игылошәа убар – ԥхара унаҭом.
Амреи амзеи ирызкны аҵарауаҩ Чурсин иусумҭақәа руак аҿы излаиҩуаз ала, аԥсуаа рҿы амра акульт еиҳа ижәытәтәин амза акульт аасҭа. Адгьылқәаарыхразы амра еиҳа аҵанакуан азы, уи еиҳа ҳаҭыр ақәырҵон. Убри аҟнытә ауп аԥсуаа рҵасқәеи, рқьабзқәеи, рлегендақәеи рҿы амра ахаҿсахьа аԥыжәара загаз амза аасҭа.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
- Аҵхи амши реиҟарара – амра агылара иазку аныҳәа
"Афы усааит": адыд-амацәыс заахаз рныҳәара