Аԥснынтәи Урыстәылаҟа закәаншьаҭада аҭаҭын ииаргарц иаҿын

Азакәан еилазгаз Аԥсны Аҳәынҭқарра атәылауаҩԥҳәыс лганахьала административтә зинеилагарақәа рзы ашьаусқәа ҩба хацыркуп.
Sputnik

АҞӘА, нанҳәа 21 - Sputnik. Шәачатәи аҳазалхыҩцәа аҳәаахьчаҩцәа рыцырхырааны Аԥснынтәи Урыстәылаҟа закәаншьаҭада аҭаҭын аиагаразы аҽазышәара аԥырҟәҟәаан, абри атәы аанацҳауеит Шәачатәи аҳазалхырҭа апресс-маҵзура. 

Аԥсни Урыстәылеи рҳәааҿ шықәсыбжак аҩнуҵҟа 259 ҳәаа еилагаҩцәа аанкылоуп

Аҳазалхратә ҭыԥ "Адлер" ашьаҟауаа рымҩаҿы агәаҭара ахысраан даанкылан Аԥсны атәылауаҩԥҳәыс, уи лгәаҭараан лыҵкы иаҵәахуаны илышьаз ақалԥадқәа 50 ҭоԥ аҭаҭын шырҭаз рбеит.  

32 шықәса зхыҵуа Аԥсны атәылауаҩԥҳәыс аҭаҭын Урыстәылаҟа аҭиразы ишиалгоз лҳәеит, аха аҳәаа аҭаҭын аалыҵ аиагара шыҟамлозгьы лдыруан, убри азоуп изылҵәахыз ҳәагьы азгәалҭеит.

Ари аԥҳәыс уажәадагьы ари аҩыза азакәанеилагара ҟалҵахьан, иахьа жәохәынтә раан ауп ацәгьа анылуа. Уажәшьҭа ахараԥса лдыршәоит.

Аҭаҭын аалыҵ лымхуп, атауаргәаҭаратә експертизахь инашьҭуп. Атәылауаҩԥҳәыс лганахьала административтә зинеилагарақәа рзы ашьаусқәа ҩба хацыркуп.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: