Гамалеи ихьӡ зху Ацентр Урыстәыла ауааԥсыра алаҵа анырзыҟарҵо иалацәажәеит

Нанҳәамзазы Урыстәыла ашәҟәы иҭаргалеит акоронавирустә ҿкы чымазара ҿыц (COVID-19) апрофилактиказы адунеи аҿы ираԥхьаӡатәиу алаҵа. Алаҵа аԥырҵеит Гамалеи ихьӡ зху аепидемиологиеи амикробиологиеи рыҭҵаарадырратә центр аҟны. Алаҵа хьӡыс иарҭеит "Спутник V".
Sputnik

АҞӘА, цәыббра 8 – Sputnik. Урыстәыла ауааԥсыра реиҳараҩык алаҵа рзыҟаҵахар алшоит иааиуа ашықәс аԥхынразы ҳәа РИА Новости иазеиҭеиҳәеит Гамалеи ицентр адиректор Александр Гинцбург.

Израильтәи аиммунолог COVID-19 азы урыстәылатәи алаҵа ахә ҳаракны ишьеит

Иара иҳәеит аҭагылазаашьа хылаԥшраҵәҟьа ауҭарц азы ауааԥсыра ҩба ахԥатәи рыхәҭа алаҵа рзутәуп. Уи 70-75 миллионҩык рҟынӡа инаӡоит, убри аан авирус уаиааит ҳәагьы узҳәом.

Алаҵа аԥышәараан иззыҟаҵаз рҟынтәи 100% агуморалтәии ахацтәии иммуннатә ҭак цәырнагеит. Уи ауаҩԥсы аҽазнык COVID-19 аиура дацәнахьчоит.

Алаҵа ззыҟарҵаз рцәеижьҿагылақәа рыҩаӡара 1,4-1,5 рыла еиҳан ачымазара зхызгаз раасҭа.

COVID-19 иазку актуалтә дыррақәа - апортал стопкоронавирус.рф. аҿы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: