The Lancet аҟны икьыԥхьуп Covid-19 хызҽуа урыстәылатәи алаҵа аҭҵаара алҵшәақәа

© Пресс-служба АФК "Система" / Амедиаҵәахырҭахь аиасраПроизводство вакцины от COVID-19 на фармацевтическом заводе "Биннофарм"
Производство вакцины от COVID-19 на фармацевтическом заводе Биннофарм - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Еицырдыруа амедицинатә журнал The Lancet аҟны икьыԥхьуп Covid-19 хызҽуа урыстәылатәи алаҵа Sputnik V аҭҵаара алҵшәақәа.

Ажурнал The Lancet иакьыԥхьуеит урыстәылатәи алаҵа аҭҵаарақәа раԥхьатәи аетапқәа ҩба рылҵшәақәа. Алаҵа аус адызулаз Гамалеиа ихьӡ зху ацентр аҵарауаа Александр Гинцбурги Денис Логунови, иара убасгьы аинвестициақәа рзы Урыстәылатәи афонд адиректор хада Кирилл Дмитриеви Sputnik иазеиҭарҳәеит ажурнал астатиа ҵакыс иамоу атәы.

Производство вакцины от COVID-19 на фармацевтическом заводе Биннофарм - Sputnik Аҧсны
COVID-19 азы Урыстәылатәи алаҵа абыргцәа рҟны ахымҩаԥгашьа гәарҭоит

Урыстәыла алаҵа Sputnik V ашәҟәы ианҭаргала ашьҭахь аҭҵаарадырратә журнал The Lancet иакьыԥхьит урыстәылатәи алаҵа аҭҵаарақәа раԥхьатәи аетапқәа ҩба рылҵшәақәа. Икьыԥхьу аматериал аҳәаанырцәтәи аекспертцәа ркритика ҿаԥнаҽуеит, акоронавирустә инфекциа аҽацәыхьчаразы раԥхьаӡа акәны адунеи аҿы аус зыдуло алаҵа ачымазара иахьаҿагыло адагьы ишәарҭадоуп ҳәа азгәанаҭоит.

Акьыԥхьымҭақәа рсериа

The Lancet афазақәа 1, 2 рылҵшәақәа акьыԥхьуеит. Гамалеиа ихьӡ зху НИЦЕМ аҵарауаа уи раԥхьатәи шьаҿаны иазырыԥхьаӡоит Спутник V иазкны иҟалаша акьыԥхьымҭақәа рыбжьара.

"Цәыббрамзазы акьыԥхьразы иазырхиахоит алаҵа аԥстәқәа рҟны ахымҩаԥгашьа аҭҵаара. Алаҵа 100% хра аманы ахы аанарԥшит. 40 нызқьҩык злахәыз аҭҵаарақәа раԥхьатәи рылҵшәақәа жьҭаара-абҵара амзақәа рзы икьыԥхьхоит", - рҳәеит Гамалеиа Ицентр аҿы.

Ишәарҭадоу алаҵа

Гамалеиа ихьӡ зху НИЦЕМ аҟазауаа ирылкаа хаданы иҟоу ируакуп алаҵа Спутник V ашәарҭадара. Афазақәа 1 - 2 раантәи аклиникатә ҭҵаарақәа иаадмырԥшит изакәызаалак иахәҭам ҟазшьак. Ари аҩыза аҭагылазаашьа иалаҽхәартә иҟам жәпакы алаҵақәа. Урҭ реиҳарак ицәырырго ахҟьа-ԥҟьақәа 25% ишәарҭоуп.

Акраамҭатәи аиммунитет

The Lancet акьыԥхьымҭаҿы иара убасгьы иӡыргоуп алаҵа Спутник V хра шамоу зырҵабыргуа адыррақәа. Иаҳҳәап, акраамҭатәи, 100% аиммунитет шцәырнаго азы аршаҳаҭгақәа ыҟоуп. Денис Логунов, Гамалеиа ихьӡ зху Ацентр адиректор ихаҭыԥуаҩ, ишьақәирӷәӷәоит алаҵа ззыҟаҵоу рҟынтәи 100% агуморалтәии ахацтәии иммуннатә ҭак шцәырнагаз. Уи ауаҩԥсы аҽазнык COVID-19 аиура дацәнахьчоит.

Брифинг, посвященный первой в мире зарегистрированной вакцине от COVID-19 - Sputnik Аҧсны
"Спутник V" Урыстәыла ахәышәтәырҭақәа рахь инаргеит

"Алаҵа ззыҟарҵаз рцәеижьҿагылақәа рыҩаӡара 1,4-1,5 рыла еиҳан ачымазара зхызгаз раасҭа. Аиҿырԥшразы британиатәи афармацевттә компаниа AstraZeneca алаҵаҿы алаҵа зызуыз рцәеижьҿагылеи ачымазара зхызгаз рцәеижьҿагылеи еиҟаран", - азгәарҭоит урыстәылатәи аҟазауаа.

Гамалеиа ихьӡ зху НИЦЕМ аҟны ишьақәдырӷәӷәоит хатәгәаԥхарала алаҵа Sputnik V ҟазҵаз зегьы Т-хыцтә иммунитет шроуз, CD4 + хыцқәа реиԥш CD8 + хыцқәа рылагьы. Арҭ ахыцқәа ирылшоит акоронавирустә хыцқәа рықәгара.

Алаҵа аус ауеит 100%

Аҭҵаарадырратә еилазаара зыцәшәоны иҟаз ауаҩԥсы иаденовирустә вектор алаҵа шьаҭас амазаара акәын.

Аҽа ажәала иуҳәозар, ауаҩԥсы ииммунитет иахәҭаны иҟоу ауаҩы иаденовирус аднамкылар ауеит ҳәа акәын. Ауаа лассы-лассы аденовирус роуеит (ахьҭалаларатә чымазара), риммунитет аҽышьақәнакуеит. Уи иалнаршоит аденовирустә лаҵа алшара аларҟәра. Аха Гамалеиа ихьӡ зху Ацентр акоманда иаҿаԥырҽит ари агәаанагара: ауаҩы имоу аиммунитет алаҵа алшара иаԥырхагам.

Первая в мире вакцина от коронавируса - Sputnik Аҧсны
Урыстәыла Агәабзиарахьчара аминистрра "Спутник V" алаҵа ԥызшәарц зҭаху еизнагоит

"Иалкаан ишәарҭадоу ахышәаҵышәа, ааигәа аденовирустә инфекциа змаз ауаагьы налаҵаны. Аиммунттә ҭак 100% инаӡеит", - рҳәоит Ацентр аҿы.

Мраҭашәаратәи еилахәырақәак аус здыруло алаҵақәа иаҳҳәап атехнологиа мРНК (аилахәыра Moderna алаҵа) шьаҭас измоу мамзаргьы амаамын аденовирус (аилахәыра AstraZeneca алаҵа) шьаҭас измоу , никогда не были ранее использованы для создания зареуаанӡа ахархәара рмоуцызт алаҵаҟаҵаразы. Арҭ ахархәагақәа акраамҭа аԥышәара иахыжьлатәуп ауаҩы ирепродуктивтә функциа ма акьыбачымазара еиԥырҟьар ахьалшо азы.

Ажурнал The Lancet аҟны урыстәылатәи аҵарауаа Спутник V шшәарҭадоу азы аҵаҵӷәыркырақәа ааргоит.

"1953 шықәса раахыс адунеи аҿы имҩаԥган 250 рҟынӡа клиникатә ҭҵаара, икьыԥхьын 75 усумҭа, иаагаз аҵаҵӷәала алаҵеи ахәшәқәеи шәарҭара шрылам аазырԥшуа", - иҳәоит Денис Логунов.

"Ауаҩы иаденовирустә вектор апрактикаҿы ахархәара арҭоит 15 шықәса инарзынаԥшуа. Арахь иаҵанакуеит авирус Ебола хызҽуа алаҵеи акьыбачымазара зырԥсыҽуа ахәшә "Гендицини".

Первая в мире вакцина от коронавируса - Sputnik Аҧсны
"Спутник V": COVID-19 иаҿагылоу урыстәылатәи алаҵа ҿыц иазкны

Иуникалу ҩ-вектортә технологиа

Алаҵа Спутник V иуникалтә ҟазшьаны иамоу, академик Александр Гинцбург иажәақәа рыла, ҩ-аденивируск – 5, 26 асеротипқәа хаз иго ҩ-лаҵак иахьрыҵаркуоуп. Иахьазы ҩ-лаҵак рыҟаҵара аҵарауаа иазгәарҭоит коронавирус иаҿагылоу аиммунитет дырҿиоит ҳәа. Аха векторк ҩ-лаҵак рҿы ухы иауырхәар, аиммунтә система аҽыхьчаратә механизм аусура иаланаргоит, аҩбатәи алаҵаан мап ацәнакуеит. Спутник V аҿы аҩбатәи авектор ахархәара ари апроблема аӡбоит.

Алаҵа аҭҵаараан акандидатцәа рхыԥхьаӡара маҷуп ҳәа иҟарҵо акритика аҭакс ҳҵарауаа иазгәарҭоит, ари асистема еиҳа ауаа рацәа адыԥхьалан аилахәыра AstraZeneca имҩаԥнагоз аусурақәа рҿы аасҭа ҳәа. Британиатәи афармацевтикатә еилахәыра ду ԥшьынтә еиҵаны ауаа аднаԥхьалеит алаҵа аԥышәара.

"Урыстәылатәи алаҵа Sputnik V аклиникатә ҭҵаарақәа ԥшьынтә еиҳаны хатәгәаԥхарала иҟарҵеит AstraZeneca аҟны аасҭа", - иҳәоит Кирилл Дмитриев.

Изаҵәыку, ишәарҭадоу атехнологиа

Ииасыз амчыбжь азы ЕАА афатәаалыҵи ахәшәқәеи рхылаԥшразы Аусбарҭа ирыланаҳәеит иҟоу аепидемиологиатә ҭагылазаашьа инадҳәаланы алаҵа-кандидатқәа ргәаҭара ахԥатәи афаза аҟынӡа инамыгӡакәа ахархәара аҭахоит ҳәа. Асеиԥш ацәажәарақәа ыҟан Британиа ду.

"Иахьазы иахәҭаны иҟоу акритериқәа ирықәшәо иҟоу технологиа заҵәык ауп - ауаҩы иаденовирустә вектор шьаҭас измоу аплатформа. Иара иаанарԥшит ашәарҭадара хыԥхьаӡара рацәала агәаҭарақәа ирхысны", - иҳәоит Кирилл Дмитриев.

Кирилл Дмитриев иазгәеиҭоит The Lancet иҟанаҵаз ахыркәшаратә кьыԥхьра Урыстәыла иаҿагыло азҵаарақәа жәпакы ирҭакуп ҳәа.

"Уажәшьҭа Урыстәыла иалшоит адунеижәларбжьаратә еилазаара азҵаарақәа рзықәыргылара. Ааԥхьара ҟаҳҵоит аофициалтә дыррақәа кьыԥхьзарц амаамын аденовирус ма мРНК шәарҭара шрымам азы. Иеилкаазар ҳҭахуп AstraZeneca алаҵа иахәҭам анырра ҟанаҵар аҭакԥхықәра аҵагылара мап зацәнакуа", - иҳәоит иара.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0