Израильтәи аиммунолог COVID-19 азы урыстәылатәи алаҵа ахә ҳаракны ишьеит

© Пресс-служба АФК "Система" / Амедиаҵәахырҭахь аиасраПроизводство вакцины от COVID-19 на фармацевтическом заводе "Биннофарм"
Производство вакцины от COVID-19 на фармацевтическом заводе Биннофарм - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ииасыз амчыбжь азы Урыстәыла Агәабзиарахьчара аминистрра ашәҟәы иҭанагалеит адунеи аҟны ираԥхьатәиу акоронавирустә инфекциазы алаҵа.

АҞӘА, нанҳәа 17 - Sputnik. Акоронавирустә инфекциазы урыстәылатәи алаҵа егьырҭ атәылақәа рҿы аус зыдулоу алаҵақәа раасҭа акыр хра амоуп, акритика акәзар, аполитикатә ҟазшьа амоуп ҳәа РИА Новости иазеиҭалҳәеит аиммунолог, Хадасс ауниверситеттә клиника атрансплантациеи аиммунотерапиеи рыҟәша аиҳабы, апрофессор Полина Степенскаиа.

"Урыстәылатәи аҵарауааи урыстәылатәи амедикцәеи ирзуҳәар ауеит "браво!". Иаԥырҵаз алаҵа рыҳаҭыр акыр ишьҭнахит. Ҵарауаҩык, ҳақьымк иаҳасаб ала исҳәоит аҭҵаарадырра акыр ԥхьаҟа иргеит ҳәа", - лҳәеит Степенскаиа.

Лара лажәақәа рыла, урыстәылатәи алаҵа аԥҵан уаанӡа ибзианы зхы аазырԥшхьаз атехнологиа ала – шьаҭас ауаҩытәыҩса иаденовирус аҭаны.

Степенскаиа ишылҳәо ала, алаҵа иазыҟарҵо акритика иахьырзеилымкаау ауп изыхҟьо.

Медицинский работник делает укол - Sputnik Аҧсны
"Спутник V" COVID-19 аҿагылараз: еилкаахеит раԥхьатәи алаҵа хьӡыс иарҭаз

Апрофессор-иммунолог излалыԥхьаӡо ала, алаҵа ашәҟәы аҭагалареи излаҵоу еиҳа инарҭбааны рыҭҵаареи еиқәыршәаны рымҩаԥгара акгьы иаԥырхагам. Алаҵа рзыҟаҵахоит аиҳарак авирус иадҳәалахар ауа – арҵаҩцәеи амедицинатә усзуҩцәеи.

Алаҵа аҳәаанырцәтә прессаҿы иазыҟарҵо акритика аполитикатә ҟазшьа амоуп. Иара авторцәа ирыздырам алаҵа зхәыцыз, урҭ русумҭақәа ҳәа азылыԥхьаӡоит апрофессор.

"Акритика политикоуп. Иахьынӡазбо ала, алаҵа акритика азызуа урыстәылатәи апресса иаԥхьом, амедицинатә усумҭақәа рыздырам. Алаҵа хәыцуп Н.Ф. Гамалеи ихьӡ зху аинститут аҿы. Аинститут аԥҵоуп 1891 шықәса рзы. Аҭоурых ду амоуп. Сара аус адызулаз ринтервиуқәа срыԥхьеит. Урҭ ҟазауааҵәҟьоуп. Иарбанызаалак аҵараиурҭа урҭ рызцәа апрофессионалцәа иреигәырӷьаны иаднакылоит", - лҳәеит Степенскаиа.

Апрофессор РИА Новости акорреспондент иалҳәеит лхаҭа акы дацәымшәо алаҵа ҟалҵар шлылшо, амедицинатә центр "Хадасс" РФПИ анапхгаҩы К. Дмитриев иахь аҳәара шыҟанаҵахьоу алаҵа аҭҵаара алахәхаразы.

Первая в мире вакцина от коронавируса - Sputnik Аҧсны
Гамалеи ацентр аҿы еиҭарҳәеит Урыстәыла массала алаҵаҟаҵара ианалаго

Аденовирустә вектор шьаҭас измоу алаҵа нанҳәа 11 рзы Урыстәыла агәабзиарахьчара аминистрра ашәҟәы иҭанагалеит. Абас ала иара адунеи аҿы ираԥхьатәиу акоронавирус SARS-COV-2 иаҿагыло лаҵоуп.

Адунеи аҟны раԥхьатәи ашәҟәы иҭагалоу акоронавирус азы алаҵа "Спутник V" ахьыӡҵоуп, 1957 шықәса рзы аҳауа иалаҵаз Адгьыл иԥсабаратәым аспутник аналогиала.

Агәабзиарахьчара аминистр Михаил Мурашко иҳәеит алаҵа аҭыжьра ишалаго Гамалеи ацентри аилахәыра "Биннофарми".

Алаҵа аҭирҭахь инаргоит 2021 шықәса ажьырныҳәа 1 инаркны.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0