Даҽа мчыбжьык аҿҳәара инахоуп: ААУ аҟны аҵара иалагоит цәыббра 21 рзы

Аԥснытәи Аҳәынҭқарратә университет аректор Алеко Гәарамиа идҵа инақәыршәаны ААУ аҟны аҵаратә процесс хацыркхараны иҟан цәыббра 14 рзы.
Sputnik

АҞӘА, цәыббра 11 – Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Аԥснытәи Аҳәынҭқарратә университет аҟны аҵаратә процесс хацыркхараны иҟоуп цәыббра 21 рзы ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит ААУ аректор ихаҭыԥуаҩ Виктор Маланӡиа.

ААУ ахь ԥышәарада абитуриентцәа рыдыркылеит

Маланӡиа иазгәеиҭеит ари аӡбамҭа атәылаҿ иҟалар зылшо аепидемиологиатә ҭагылазаашьа иаҿырԥшны иԥсаххаргьы шалшо. Аректор ихаҭыԥуаҩ иҳәеит ауниверситет аҿы асанитартә нормақәа зегьы ишрықәныҟәо, иазыԥхьагәаҭоуп адәылҵырҭақәа рырхазы-хазра, адистанциатә ма ҩ-сменактәи аусуратә режимқәа.

"Ҳара аҵаратә программақәа зегьы ианраамҭоу ҳҽырхьаҳагӡоит. Урҭ рынагӡаразы еиуеиԥшым аформақәа ҳхы иаҳархәар ҟалоит – ахала усура, адистанциатә усура. Иалшоит асеместрқәа рыҿҳәара ароура. Еиҳа хра змоу аформақәа алкаахоит", - иҳәеит иара.

Уаанӡа Аԥснытәи Аҳәынҭқарратә университет аректор Алеко Гәарамиа идҵа инақәыршәаны, ААУ аҟны аҵаратә процесс хацыркхараны иҟан цәыббра 14 рзы, актәи асеместр ҩымчыбжь иркьаҿны.

Аусдҵа инақәыршәаны I асеместр 16 мчыбжь ишьақәнартәон, ихыркәшахарц иазԥхьагәаҭан ԥхынҷкәын 31 рзы.

Аҩбатәи аҵаратә семестр мҩаԥгахоит ҳәа иазгәаҭан 2021 шықәса жәабран 10 инаркны рашәара 3 рҟынӡа.

Актәи аӡынтә сессиа мҩаԥысуеит ажьырныҳәа 11 - 30, 2021 шықәса рзы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: