Арадио

Ахсалԥҳа Гәдоуҭатәи агоспиталь аҟны ишьҭоу рыкрыфаразы: излаҳалшо ала ак рыгҳажьуам

Аацытәи афельдшертә пункт амедиаҳәшьа Марина Ахсалԥҳа арадио Sputnik аефир аҟны еиҭалҳәеит Гәдоуҭатәи агоспиталь аҟны ишьҭоу COVID-19 змоу ачымазцәа рыкрыфара шеиҿкаау атәы.
Sputnik

 

Ахсалԥҳа Гәдоуҭатәи агоспиталь аҟны ишьҭоу рыкрыфаразы: излаҳалшо ала ак рыгҳажьуам

"Ақыҭақәа рҟны аус зуа амедиаҳәшьцәа шәҳацхраа излашәылшо ала анырҳәа, ҳаизеит. Сара ахроникатә бронхит зласымоу ала, аинфекциатә ҟәшахьы сзымцаӡеит, аха ахәыҟаҵараҟны ацхыраара аҭахын азы, иҳалшо ала иҟаҵаны ачымазцәа рхәы ҳҭиуеит. Амедиаҳәшьцәа ааиуеит ирзызго. Ахәы зегьы ирзеиԥшны иузыҟаҵаӡом, ашьақар чымазара змоу рзы хазы афатә ҟаҵатәуп, ацклаԥшра аҭахуп. Ашьыжь еиуеиԥшым ақашьқәа ҟаҳҵоит, уи мацара раҳҭаӡом, ахаақәа, ргәы иаҭаху ачаи, акаҳуа, излаҳалшо ала ак рыгҳажьуам", - лҳәеит Ахсалԥҳа.

 

Шәазыӡырҩы аудио. Иаҳа инеиҵыху анҵамҭа шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik аефир аҟны.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: