Аурыс-аԥсуа ҳәаа закәаншьаҭада ахысра зҽазызшәоз ахаҵа даанкылоуп

Аурыс-аԥсуа ҳәаа закәаншьаҭада ахысра зҽазызшәоз ахаҵа ҩышықәса харадҵаны иқәырҵар алшоит.
Sputnik

АҞӘА, жьҭаара 1 - Sputnik. Краснодартәи атәылаҿацә аҟны Урыстәыла АШәМ Аҳәаахьчаратә усбарҭа аусзуҩцәа аурыс-аԥсуа ҳәаа закәаншьаҭада ахысра зҽазызшәоз ахаҵа Аԥсны атәылауаҩ дааныркылеит. Абри атәы аанацҳауеит аусбарҭа апресс-маҵзура.

Ахаҵа даанкылан аиланхарҭа Аладатәи Шиловка аҿы.

Краснодартәи атәылаҿацә аҟны Урыстәыла АШәМ Аҳәаахьчаратә усбарҭа адокументқәа зцымыз аҳәаа аилагаҩ иганахь ала ашьаус хацнаркит.

Аурыс-аԥсуа ҳәаа закәаншьаҭада ахысра зҽазызшәоз ахаҵа ҩышықәса харадҵаны иқәырҵар алшоит.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: