АҞӘА, жьҭаара 1 - Sputnik. Краснодартәи атәылаҿацә аҟны Урыстәыла АШәМ Аҳәаахьчаратә усбарҭа аусзуҩцәа аурыс-аԥсуа ҳәаа закәаншьаҭада ахысра зҽазызшәоз ахаҵа Аԥсны атәылауаҩ дааныркылеит. Абри атәы аанацҳауеит аусбарҭа апресс-маҵзура.
Ахаҵа даанкылан аиланхарҭа Аладатәи Шиловка аҿы.
Краснодартәи атәылаҿацә аҟны Урыстәыла АШәМ Аҳәаахьчаратә усбарҭа адокументқәа зцымыз аҳәаа аилагаҩ иганахь ала ашьаус хацнаркит.
Аурыс-аԥсуа ҳәаа закәаншьаҭада ахысра зҽазызшәоз ахаҵа ҩышықәса харадҵаны иқәырҵар алшоит.