Сырма Ашәԥҳа, Sputnik
Џыр иԥацәа ирхылҵшьҭроу, амҳаџьырра аамҭазы забацәа Аԥснынтә Ҭырқәтәылаҟа ихырҵәаз Џьамалеҭҭин Арӡынба аԥсҭазаара гәылырҭәааны дахысыртә еиԥш ҳазшаз Анцәа иаҭәеишьеит. Зажәеи зуси еибагаз, зыхшыҩҵак ҵаулаз, ҳажәлар рыцәгьеи рыбзиеи зхьааз, ҭоурыхтә хҭыск зыбжьы ақәыргамкәа иаанызмыжьуаз, Аԥсни Ҭырқәтәылеи реимадара аус аҿы зџьабаа ӷәӷәаз ауаҩы лаша дахьҳагхаз даараӡа ихьаауп. Аԥсабара иланаҵаз аҟәыӷара инаваргыланы, абаҩхатәразгьы дхәыдамнатәит, зеиӷьыҟамыз ҳақьымын, даара уаҩы аамысҭашәан.
Хаҭала ибзианы исгәалашәоит Џьамалеҭҭин Арӡынба аҭоурыхтә хҭысқәа ирыдҳәалаз аизарақәа рҿы иқәгыларақәа, аԥсышәа цқьала ицәажәара. Убас еиԥш, шықәсқәак раԥхьа ҳтәылаҿы имҩаԥысуаз Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза жәлар рконгресс аҟны Џьамалеҭҭин Арӡынба иуаажәлар рҿаԥхьа абас еиԥш иҟаз ахшыҩҵак ааирԥшит:
"Иахьа абра ҳаизызгаз амч, Аԥсназы аԥсуаразы ҳгәы иҭоу агәыбылра иахылҵуа амцабз ауп. Анцәа ду убас сазиҳәоит, абри ҳазлоу аԥсабара еилабгаанӡа ҳгәы иҭоу абри агәыбылра амцабз ҿымцәааит. Аԥсни аԥсуааи еигымхааит, еиԥымхааит. Аԥсуа иԥсҭазаара мҩаԥигарц абри аԥсабараҿы дгьылс имоу Аԥсноуп, убри азы иахьа уажәраанӡеиԥш, уажәы нахысгьы аԥсуа иԥсадгьыл иԥсы ақәҵаны ихьчеит, ихьчараны дыҟоуп, дахыбаамхааит", - ҳәа азгәеиҭеит Џьамалеҭҭин Арӡынба.
Забацәа забдуцәа зныҵыз Аԥсадгьыл аԥеиԥш еснагь гәыҵхас измаз, уи аизҳазыӷьара еснагь иазықәԥоз, еиҵагылоз абиԥарақәа забжьгарақәа рымаздоз Џьамалеҭҭин Арӡынба ҳҭоурых ишьҭа азынижьит, иааԥсара шьарда ыҟоуп.
"Аԥсуа, аԥсабараҿы иқәынхоз зегьы ауаҩра дирбеит. Аԥсуа даҽа фырхаҵаракгьы ҟаиҵеит. Аҳәаанӡа даннеигьы, аԥсуа шьаҿак аҳәаа дахымсӡеит. Избанзар, аԥсуа иԥсадгьыл ӡакы аӡәы ииҭар шиҭахым еиԥш, тәым дгьыл ӡакы иара егьиҭахым. Аԥсуа иԥсадгьыл иара изхоит", - абас еиԥш ихәыцрақәа ҳзынижьит Џьамалеҭҭин Арӡынба.
"Жәытә-натә аахыс ҳажәлар раԥхьа игылаз аиҳабацәа дыруаӡәкуп. Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра ианалага, Аԥсны адгыларазы Кавказтәи акомитет анаԥырҵа, убра активла далахәын. Усҟан напхгара азҭоз Аҭаи Ацәышба инаҩс, иара иакәын аиҳабра азызуаз. Арҭқәа зегьы машәыршақә иҟалаӡом, ҳмилаҭ рҟазшьа аҷыдарақәа ҳамдыруеи, уаԥсамзар, иухәҭамзар, уи аҩыза аҭыԥқәа рҿы уала-ҭахыла узнеиӡом, уи уаԥсазароуп. Шамиль ифонд ҳәа иаԥҵазгьы акыршықәса еиҳабыс даман, аԥсуа-адыгьақәа еидызкылоз хеидкылоуп", - иҳәеит аиҳаб ду дигәаларшәауа Октаи Ҷкотуа.
Џьамалеҭҭин Арӡынба Аԥсны гәыла-ԥсыла дамадан. Иқәгыларақәа, ицәажәарақәа, инапы иҵиххьаз аусумҭақәа акырӡа рҵакы дууп, уи умбарц зылшом.
"Аԥсуа зны ақәылара дақәшәеит, аԥсуа хыԥхьаӡарала дмаҷын. Абџьар имамызт, амаҭәахә имамызт, аибашьра дазыҟаҵаӡамызт. Ҳаӷагьы убри дақәгәыӷны ауп дызҳақәла. Аха, ҳаӷа изымдыруаз аԥсуа бџьар дук иман - ҳаԥсадгьыл агәыбылра. Аԥсуа убри амч ихы иархәаны иаӷа диҿагылеит, ишьамхы арсны диабашьит. Нхыҵ-Кавказаа ҳашьцәа, иара убас егьырҭ аҳәынҭқаррақәа рҟынтәи ацхыраара ҳарҭеит, иҭабуп ҳәа раҳҳәоит. Убарҭ рҟынтәи иҭахақәаз ҟалеит, рызегьы рахраҭ бзиахааит, хашҭра рықәӡам", - ҳәа азгәеиҭахьан Џьамалеҭҭин Арӡынба иқәгыларақәа руак аҿы.
"Аԥсуара нарҵауланы идыруан, дҟәыӷан, аҵара ду иман, еицырдыруаз ҳақьымын. Ииҳәашаз идыруан, иажәа наӡон, убри азы ҳажәлар есымша раԥхьа ддыргылон. Ҟазшьала зегьы дырзааигәан, ахәыҷы ила дхәыҷхон, аҿар дрыдтәаларгьы дара ртәы аҳәашьа дақәшәон, аиҳабацәа усгьы дырҩызан, ажәакала зегьы дырнаалон. Цәыӡ дууп даараӡа дахьҳагхаз абас еиԥш иҟаз ауаҩы лаша", - ҳәа азгәеиҭеит Џьамалеҭҭин Арӡынба ибзианы дыздыруаз Октаи Ҷкотуа.
Октаи Ҷкотуа излаиҳәо ала, Џьамалеҭҭин Арӡынба еиԥш иҟоу ауаа изыԥсоу нагӡаны еилаҳкаанӡа, ирылоу ҳазрылхаанӡа инаҳампыҵаӡаа ицоит абас. Џьыр иԥацәа рхылҵшьҭра Ԥсхәы иҭыҵқәаз роуп, аԥсуа гәаӷь зызҭоу, зыламыс ҳараку уаауп.
"Џьамалеҭҭин Арӡынба ихылҵшьҭра еихазҳаша аҵеира имоуп. Ҳазшаз илахь ианиҵаз ашықәсынҵыра ԥшӡаны ихигеит, даԥсыуаҵәҟьан. Ҭырқәтәыла, Гәыма ақыҭахь уанхало аԥсыуа қыҭак ыҟоуп, Џьамалеҭҭин Арӡынба иабду иакәын иаԥызҵахьаз, ажәытә уаҟа акәын иахьынхоз", - иҳәеит Октаи Ҷкотуа.
Ауаҩ хатәра, ауаҩ нага, зыхьӡи-зыԥшеи ҳаракыз Џьамалеҭҭин Арӡынба еснагь аныҳәаԥхьыӡқәа ицын, икәгыларақәа рҟны ҳажәлари ҳаԥсадгьыли рԥеиԥш дақәныҳәон, Аԥсадгьыл ҳаиднакыларц гәаҳәарас иман, уи иԥсҭазаара иагәылсуаз цәаҳәаҟаԥшьын.
"Ҳара ҳшамкәа ҳазшаз, ацәгьеи абзиеи, аԥшӡеи агәымхеи еиԥшны иаҳзызшаз, еиӷьу иԥшӡоу алхны аныҟәгаразы ахи ахшыҩи ҳазҭаз Анцәа ду, уажәынахыс, ҳажәҩахыр ааидкыланы ҳамч еибаҳҭо, ҳхы еидкыланы ҳгәаанагарақәа еимаҳдо, гәала ҳаманы ҳгәыхь ҳаламцәажәо, гәахәа ҳаманы ҳгәырӷьарақәа еиҩаҳшо, ҳаагәыдибакыланы ҳаибабара Анцәа ду ҳразҟы иалеиҵааит. Хаигымхааит, ҳаиԥымхааит!", - абас еиԥш Џьамалеҭҭин Арӡынба иныҳәаԥхьыӡ ҳара ҳҟынӡагьы иааӡеит.
Аԥсуа патриот ду Џьамалеҭҭин Арӡынба идунеи иԥсахит 88 шықәса дшырҭагылаз. Анышә дамардеит Ҭырқәтәыла, Дузџьа иахьаҵанакуа. Аԥсадгьыл аҿаԥхьа илшамҭақәа наунагӡа хашҭра рықәымкәа иаанхоит, игәалашәара лаша ҳацзаауеит.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
- Аслан Бжьаниа зыдунеи зыԥсахыз Џьамалеҭҭин Арӡынба иҭынхацәа дрыдышшылеит