- Оқтаи шәеиҳабацәа Аԥснынтәи Ҭырқәтәылаҟа амҳаџьырра иагеит. Аԥсны шәџьынџь дгьылуп ҳәа анбашәаҳа, уи аӡбахә шәазҳәодаз?
— Сара сиит Ҭырқәтәыла 1962 шықәсазы Адаԥазара азааигәара Ақҭафеқь захьӡ ақыҭаҿы. Ари ақыҭаҿы инхоит амҳаџьырра иахнагаз аԥсуаа. Атәым дгьылаҿы аԥсуаа рынхарҭа ҿыц аҵакырадгьыл иахьӡырҵеит Аԥснынтәи иахьыхарҵәахаз ақыҭа Џьгьарда. Сабду Қарбеқь ихьӡын уи иаб Хадам Чқотуа иоуп иҭаацәеи иареи роуп ихырҵәахаз. Абжьаратә школ саналга Стамԥылтәи ауниверситет салгеит азинхьчаҩ изанааҭ ала.
Схәыҷаахыс исаҳауан Аԥсны аӡбахә, есымша исҭахын сыԥсадгьыл ахь саарц. Аԥсныҟа нхара ҳәа саанӡа Алина Ачԥҳаи, Руслан Гәажәбеи, Инна Ҳаџьымԥҳаи, Фениа Аҩӡԥҳаи сареи аимадара ҳабжьан.
- Раԥхьаӡа Аԥсныҟа шәаара шԥаҟалеи? Иахьынӡаздыруа шәаареи Аԥсны аџьынџьтәылатәи еибашьра аналага аамҭеит еиқәшәит ҳәа.
— Аԥсны Жәлар рартист Кандид Ҭарба еиҿикааит ансамбль "Кавказ" ҳәа, уи аӡбахә змаҳахьац аӡәгьы дыҟаӡам. Убри ансамбль сацны сааит раԥхьаӡа акәны. Аҩбатәи аҟны санаа акәзар, Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аҽазыҟаҵаратә курсқәа рахь сцеит. Аԥсшьрамшқәа рзы сара аҭаацәара салалалеит, сыԥшәма дсыманы Ҭырқәтәылаҟа сцеит.
Уи аамҭазы Аԥсны раԥхьатәи ахада Владислав Арӡынба Ҭырқәтәылаҟа днеит, счара адырҩаҽны акәын. Ус Ҭырқәтәыла сшыҟаз Аԥсны аибашьра иалагеит. Аџьабаа дуӡӡа баны арахь схынҳәит. Амала сыԥшәма уахь даансыжьит. Гагра ақалақь ахақәиҭра ашьҭахь сыԥшәмагьы арахь дааит.
Иҳәатәуп сҭаацәа ишырҭахымыз, ахәыҷы даазгоит ҳәа. Насгьы иаԥым ус аиҳабацәа рҿаԥхьа ацәажәара, саб иашьа ус иҳәоит "уара иугәыиҭои, ахәыҷы уахь дабаугои, аибшьра цоит ҳәа", сара исҳәеит "Аԥсны аибашьра цоит, аха ҳџьынџьуаа рыхшара рыманы иаауеит, ари афакт аԥсуаа ргәы шьҭнахуеит", ҳәа. Иҳәатәуп аибашьра алагаанӡа мызкы шыбжьаз Владислав Арӡынба Ҭырқәтәылаҟа сшыишьҭыз ҳџьынџьуаа рыҿцәажәараз, адернеқьқәа сырҭааны аҿар ргәы рҽанысҵон Аԥсны аибашьра алагар алшоит ҳәа. Сезаи Папбеи, Миумзаҭ Шамбеи сареи Аԥсныҟа агәыҳалалратә цхыраара ҳәа иааҳашьҭуан, акциақәа мҩаԥаагон.
- Аԥсны арепатриациазы аҳәынҭкарратә еилакы анаԥырҵа ашьҭахь шәара уа аусура шәалагеит. Анаҩс Аԥсны Жәлар реизара депутатс шәалхын. Иуҳәар ауама аибашьра ашьҭахь егьа ишыцәгьазгьы, шәара ишәылшеит Аԥсны шәҭыԥ аԥшаара, араҟа аанхара?
— Марттәи ажәылара ашьҭахь иаԥҵан арепатриациазы аҳәынҭқарратә еилакы, напгхара аиҭеит Нугзар Ашәба, сара Гагратәи аҟәша сеиҳабын. Аибашьра анеилга ашьҭахь сҭаацәара сыманы Аҟәаҟа нхара ҳәа сиасит, Нугзар Ашәба ихаҭыԥуаҩс ауз зуан. 1997 шықәсазы Аԥсны Жәлар реизара депутатс салхын. Уаатәи сусура зызкыз зегьы арепатриациа азҵаарақәа ракәын. Ҳџьынџьуаа Аԥсныҟа раагара, иахьааиуагьы рырманшәалара. Аиаша шәҭахызар, иуадаҩын аибашьра ашьҭахьтәи аамҭа, сара сымацара сзы акәым, аԥсуа жәлар зегьы рзы еиԥш. Аха зныкгьы сгәы иҭамшәеит Ҭырқәтәылаҟа схынҳәып ҳәа. Сара уи аҟара исҭахын арахь аара, знык сшьапы анықәгыла сышԥахынҳәуаз.
- Оқҭаи шәара ашәҟәқәа реиҭагара шәнапы рылакуп, аиҭагара шәзанааҭ шакәымгьы. Иарбан еиҭажәгахьоу, уажәы шәнапы злакыуи?
— Аԥсшәантә аҭырқәшәахь раԥхьатәи ашәҟәы еиҭазгеит 2008 шықәсазы. Адилле Абас-оглы лгәалашәарақәа ракәын. Уи ашьҭахь исыцааиуазшәа анызба Ҳаири Қәҭарба ишәҟәқәа ҩба аҭырқәшәахьынтә аԥсшәахь еиҭазгеит. Анаҩсан, Мысҭафа Быҭәба "Кавказ иазку игәлашәарақәа", уи ашьҭахь Беқир Ашәба ишәҟәы "Сыхьчауеит" Аԥсны аџьынџьтәылатәи еибашьра ашықәсқәа рзы игәалашәарақәа. Абызшәадырыҩ Сариа Амҷԥҳаи сареи еиқәҳаршәеит аҭырқәа-аԥсшәа жәар, аицәажәага.
Аԥсшәахь еиҭазгеит ҳџьынџьуаа ргәалашәарақәа еидызкылоз Альпа Хуандџьа ишәҟәы "Аԥсуа Фуаҭ", ашәҟәыҩҩы ду Иашар Кемал ишәәҟы "Чақьырџьалы Ефе", аԥсшәахьынтә аҭырқәшәахь Вахтанг Абҳазоу иҩымҭа "Амцахара аамҭа". Мушьни Лашәриа ипоема "Ахьтәы уасцәа", Миха Лакрба иновеллақәа ирылху "Аламыс", Ҭемур Ачагәба иҩымҭақәа "Мамед Бадиа", "Аԥсуа ҭоурых Ахронологиа", Рушьбеи Смыр ипоема "Семра" уҳәа.
- Шәхәыҷқәа аԥсшәа рҳәартә еиԥш, рыԥсадгьыл аҿы ирызҳарцаз ишәылшоз зегьы ҟашәҵеит. Иахьа шәнапы злакыи?
— Сыԥҳа аиҳабы Мрамза Ҭырқәтәыла Жәларбжьаратәи аизыҟазаашьа иазкны иреиҳаӡоу аҵара дҭоуп, аиҵбы Гәранда а-4-тәи аԥсуа школ дҭоуп. Ҭырқәтәыла инхоит сан, сашьа, саҳәшьа. Мрамза сан лҿы дыҟоуп, лгәы аалхашҭоит, лассы-лассы ҳара ҳалбоушәа лгәы ыҟоуп. Сонер Гогәуа еиҿикааз "Жәларбжьаратәи афонд Аԥсны" аҟны аус зуеит. Сгәы аздууп схәыҷқәа аԥсшәа аҷҷаҳәа иахьырдыруа, рыԥсадгьыл аҿы ҭынч иахьынхауа.