Сырма Ашәԥҳа, Sputnik.
Аконгресс аҟны ажәа зҳәаз, Ҭырқәтәылеи Аԥсни акыр шықәса раахыс цҳас ибжьоу, зажәеи зуси акырԥхылнадо, ҳаҭыр ду зқәу ауаҩ хатәра, занааҭла иҳақьыму Џьемаллеҭҭин Арӡынба дырзааҭгылоит ажәытәи аҿатәи раамҭа, иара убас аконгресс аҵакы.
Аԥсуа иԥсадгьыл Аԥсноуп.
"Иҳаԥну аамҭазы зыла ҳгәы дуу ҳҿар. Аҭырқәцәа ирымоуп абас еиԥш хшыҩзцарак: " Иацтәи ахҭыс бзианы иззымдыруа, иԥну аамҭа имҩа изырҽеиӡом", — ҳәа. Убри азы, иацтәи амш салацәажәаны, иахьатәи аамҭа сазааир сҭахуп. Убри аԥхьа зҵаарак ықәсыргылоит. Иахьа, ҳара абра аконгресс мҩаԥаҳгоит ҳәа Аладантә, Аҩадантә, Амрагыларантә, Амраҭашәарҭантә ҳаизеит. Абас ҳаизызгаз мыч дук ыҟоуп ҳәа сазхәыцуеит. Изакәузеи убри амч? Азин сышәҭозар, шәхаҭыԥаны иқәсыргылаз азҵаара аҭак сара иҟасҵоит. Иахьа абра ҳаизызгаз амч, Аԥсназы, аԥсуаразы ҳгәы иҭоу агәыбылра иахылҵуа амцабз ауп. Анцәа ду сызиҳәоит, ҳазну апсабара хыла-гәыла еилыбгаанӡа, ҳгәы иҭоу агәыбылра иагымхааит, ҳаигымхааит, ҳаиԥымхааит!", — иажәахә абас ихациркит Арӡынба.
Аԥсуа иԥсадгьыл еснагь ахьчара дазыхиоуп. Уи наџьнатә аахыс ишьа иалоуп ида иалоуп. Уи ус шакәу шьақәирӷәӷәоит ҳџьынџьуаҩ.
"Аԥсуа иахьа уажәраанӡа ихы ақәҵа, иԥсы ақәҵа иԥсадгьыл ихьчеит, уажәынахысгьы ихьчараны дыҟоп. Аԥсуа зны ақәылара дақәшәеит, аԥсуа хыԥхьаӡарала дмаҷын. Абџьар имамызт, амаҭәахә имамызт, аибашьра дазыҟаҵаӡамызт. Ҳаӷагьы убри дақәгәыӷны ауп дызҳақәла. Аха, ҳаӷа изымдыруаз аԥсуа бџьар дук иман-ҳаԥсадгьыл агәыбылра. Аԥсуа убри амч ихы иархәаны иаӷа диҿагылеит, ишьамхы арсны диабашьит. Нхыҵ-Кавказаа ҳашьцәа, иара убас егьырҭ аҳәынҭқаррақәа рҟынтәи ацхыраара ҳарҭеит, иҭабуп ҳәа раҳҳәоит. Убарҭ рҟынтәи иҭахақәаз ҟалеит. Аибашьраҿы иҭахаз ҳашьцәа рызегьы рахраҭ бзиахааит, хашҭра рықәӡам. Убарҭ инарываргыланы, ҳаԥсадгьыл амаҵ азызуаз, иҳаԥхаз ҳҳәынҭқарра ахадацәа, ҳашьцәа Владислав Арӡынбеи, Сергеи Багаԥшьи рахраҭ бзиахааит, наӡаӡа хашҭра рықәӡам. Ҳаӷа хыԥхьаӡарла акыр дҳеиҳан. Ԥсыуак 45-ҩык рҟынӡа хаҭа-хаҭала рабашьра иқәын. Убас ишыҟазгьы, аԥсуа Аиааира игеит. Иаӷа диаԥцаны аҳәааҟынӡа дыԥхеиҵеит. Аԥсуа, аԥсабараҿы иқәынхоз зегьы ауаҩра дирбеит. Аԥсуа даҽа фырхаҵаракгьы ҟаиҵеит. Аҳәаанӡа даннеигьы, аԥсуа шьаҿак аҳәаа дахымсӡеит. Избанзар, аԥсуа иԥсадгьыл ӡакы аӡәы ииҭар шиҭахым еиԥш, тәым дгьыл ӡакы иара егьиҭахым. Аԥсуа иԥсадгьыл иара изхоит", — ҳәа азгәеиҭеит Џьемаллеҭин Арӡынба.
Аԥсны Аҳәынҭқарра иахьатәи аҭагылазаашьа дазааҭгыло, ҭырқәтәыла инхо ҳџьынџьуаҩ иҳәеит:
"Аԥсуа жәлар, ааӡара ахьчара згу сабик даҳгәыдкылоуп. Уи-Ихьыԥшым зхы иақәиҭуа Аԥсны Аҳәынҭқарроуп. Уара уҟаӡам, сара сыҟаӡам, иахьа иҟоу-ҳара ҳауп. Ҳнапқәа еибаркны, ҳамч еибыҭаны, ҳасаби дҳааӡароуп, дҳахьчароуп. Уи атәы здыруа аҳәынҭқарра анапхгара ҳаԥхьа игылоуп. Урҭ амҩа ҳдырбоит, ҳара ҳақәныҟәоит. 25 шықәса раахыс хыла, хшыҩла ҳаидгылара аус аҟны, сашьа Тарас Шамба ибзоурала, иҳазкашәаз ҟаҳҵеит, инаҳагӡеит, уажәынахысгьы агәыӷра сымоуп амҩа иаша ишықәло".
Џьемаллеҭин Арӡынба иажәахә хиркәшеит ныҳәаԥхьыӡла.
" Ҳара ҳшамкәа ҳазшаз, ацәгьеи абзиеи, аԥшӡеи агәымхеи еиԥшны иаҳзызшаз, еиӷьу иԥшӡоу иалхны аныҟәгаразы ахи ахшыҩи ҳазҭа, Анцәа ду, уажәынахыс, ҳажәҩахыр ааидкыланы ҳамч еибаҳҭо, ҳхы еидкыланы ҳгәаанагарақәа еимаҳдо, гәала ҳаманы ҳгәыхь ҳаламцәажәо, гәахәа ҳаманы ҳгәырӷьарақәа еиҩаҳшо, ианаҳҭаху, иахьаҳҭаху, ишаҳҭаху ҳаагәыдибакыланы аибабар, Анцәа ду ҳразҟы иалеиҵааит. Хаигымхааит, ҳаиԥымхааит! Раԥхьа ҳаҭыр зқәу аҳәынҭқар днаргыланы, иԥсаҟьаны аԥсабара иқәыԥсоу аԥсуа жәлар, шәара Аԥсны иқәынхо сашьцәа, саҳәшьцәа, шәызегьы, Ҭырқәтәыла иқәынхо аԥсуа жәлар рыхьӡала гәыла-ԥсыла схы ларҟәны салам шәысҭоит!", — ҳәа азгәеиҭеит Арӡынба.