Џьенгиз Ашәба: аԥсуаа ҳахьыҟазаалакгьы ҳаԥсадгьыл амаҵ ҳуроуп

© Фото : Сырма АшубаДженгиз Ашуба
Дженгиз Ашуба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ҭырқәтәыла инхо Џьенгиз Ашәба раԥхьаӡа акәны аԥсуаа рыбжьы иаҳаит аԥсуа радиола, ак ҳцәыбжьахар ҳәа ҳшәаны арадио ҳадтәалан, игәалаиршәоит иара.

Sputnik, Сырма Ашәԥҳа

Џьенгиз Ашәба, дынхоит Ҭырқәтәыла, Бурса ақалақь аҿы. Дииҭ Ефҭениа ақыҭаҿы. Дҭаацәароуп, ҩыџьа ахшара драбуп. Џьенгиз дхәыҷы аахыс иҭоурыхтә ԥсадгьыл дазҿлымҳауп. Уи арҵабыргуеит иара иаҳзеиҭеиҳәаз ахҭыс.

"1970-тәи ашықәсқәа рзы, саб аргылара аганахь ала акриуан Самсун. Чаршьамба ҳәа қыҭак аҿы ҳанхон. Саргьы усҟан 14 шықәса схыҵуан. Аԥсны ахсаала иануп ҳәа егьҳаздыруамызт. Аха, аԥсадгьыл ҳәа џьара ак шҳамаз, џьара ишыҟаз аҟара ҳабацәа, ҳабдуцәа ирдыруан, еснагь аӡбахә рҳәон. Ҳаргьы дара рыла иаҳдыруаз маҷмызт", — дҳацәажәон Џьенгиз.

"Аԥснынтә раԥхьаӡа аԥсуа бжьы анбаҳауеи?" — ҳәа ҳаниазҵаа, Џьенгиз аҭакс абас ҳаиҳәеит:

"Саб рыцҳа иҩызцәа рыла иаҳаит аԥсуа радио абжьы Ҭырқәтәыланӡа ишааӡоз. Адәқьан ахь дцан иреиӷьыз арадио зыӡырҩга аахәан иааигеит. Уи змааназ закәыз ҳаиргьы иҳаилиркааит. Уи нахыс аԥсуа радио абжьы анцәырҵуаз ҳдыруан, ҳлымҳақәа адкыланы ҳадтәалан. Сан рыцҳа лыԥсы ҭан, саҳәшьа, сашьеиҳаб зегь ҳҽеидкыланы ҭаацәала ҳазыӡырҩуан. Раԥхьа аԥсуа бжьы саҳаит аԥсуа радио аефир ала", — ҳәа иҳәеит Џьенгиз Ашәба.

Ардахан Бганба - Sputnik Аҧсны
Ардаҳан Бганба: ахьацаҵлақәа аҭоурых иаҿахәҳәагоуп

Џьенгиз иахьагьы игәалашәоит аԥсуа радио аефир ала дыззыыӡырҩуаз адырраҭарақәа, иҟан иалкаан бзиа иибозгьы.

"Исгәалашәоит аԥсуа радио абжьы хәылбыҽхала ицәырҵуан. Иҟан зны-зынла абжьы ҽеила ианамкуазгьы, ҳар ҳҟынӡа ианымааҩуаз. Аԥсуа радио ала ицоз арадио аспектакльқәа сгәалашәоит, бзиа ибангьы исыдыскылон. Даара ҳгәы ԥшаауа ицоз адырраҭарақәа зегьы, ак ҳцәыбжьахар ҳәа ҳшәаны арадио ҳадтәалан", — игәалаиршәоит иара.

Аԥсуа радио абжьы аиԥҟьара, даара ҳгәы ҳнархьит.

"Ҩышықәсеи бжаки раҟара ҳаҟан саб акрахьиуаз аҭыԥ аҿы. Нас, ҳҭыԥ еиҭаҳкит, Анкараҟа ҳаиасит. Уа ҳашьҭалеит аха иҳаҳартә еиԥш уаҳа егьыҟамлеит, абжьы мааӡозар акәхарын", — иҳәеит Џьенгиз.

Џьенгиз дахьиз аԥсуа ҭаацәараҟны аԥсуара акыр иазҿлымҳан, иахӡыӡаауа иныҟәыргон, апсуа бызшәа акәзар, аҳра ауан.

"Сара аҩнаҭаҟны исаҳаит аԥсшәа, исҵеит, исхамшҭӡеит. Бурса ақалақь ахь 1956 ш. рзы нхара ҳаиасит. Саб аԥсуара цәгьа бзиа ибон, агәамҵра илаӡамызт. Ҳара ҳхәыҷқәаны игәамԥхоз ак ҟаҳҵаргьы ҳипҟаӡомызт, дҳацәҳаӡомызт, ахәылбыҽха ҳанааилатәалак, иҟаҳҵаз шиашамыз аԥсышәала ҳазырхәыцны, алакә ҟазшьа аҭаны иҳаиҳәон. Сан рыцҳагьы пату ҳаҭыр зқәыз лакәын, Ебжьноуԥҳан", — ажәабжь дагәыланахалан дҳацәажәон Џьенгиз.

Џьенгиз иҭаацәа дрыцны раԥхьаӡа акәны Аԥсныҟа дааит 1991 шықәса рзы. Уи амшқәа иԥсҭазаараҿы ихамшҭуа мшқәаны иаанхоит.

"Лакәушәа исзааиуеит уи аамҭа, исхашҭраны сыҟаӡам. Мчыбжьык аҟара ҳаанхеит Аԥсны. Сашьеиҳаб, уинахыс лассы-лассы днеилон Аԥсныҟа. Сара маҷк сусқәа сааныркылеит. 2008 ш. рзы лаҵармзазы, ҩаԥхьа сеиҭанеит. Даара аҽеиҭанакны иҟан Аԥсны. Уи нахыс лассы-лассы анеира, сыуаажәлар рылагылара ҳазшаз исаҭәеишьеит. Аԥсуаа рхеидкыла Афедерациа салахәын, аамҭаказы напхгарагьы асҭон", — ҳәа азгәеиҭеит ҳзыҿцәажәоз.

"Аԥсуаа ҳахьыҟазаалакгьы ҳаԥсадгьыл амаҵ ҳуроуп ҳаԥсы ахьынӡаҭо. Сара сыуаажәлар бзиа избоит. Аидгылара, аибабара, аиҭынҳара, аиашьара аныҟәгара ҳара ҳаԥсуара иҳаднаҵоит", ҳәа иажәа хиркәшеит Џьенгиз.

Ажәабжьқәа зегьы
0