АҞӘА, жьҭаара 4 - Sputnik. Адиагноз COVID-19 ззышьақәыргылаз Аԥсны атәылауаҩ иԥсҭазаара далҵит Шәачатәи аҿкчымазаратә хәышәтәырҭаҿы ҳәа адырра ҟанаҵоит Краснодартәи атәылаҿацә ахадара апресс-маҵзура.
38 шықәса зхыҵуаз апациент ахәышәтәырҭахь данааргоз даара дхьанҭан.
Аҳақьымцәа ирылшоз зегь шыҟарҵазгьы, ахаҵа изимыхәеит. Ачымазаҩ акоронавирус аформа ӷәӷәа иман, иара убас ҩ-ганкахьалатәи агәаҵәкреи ашьақәыӷәӷәара ҳараки шимаз шьақәырӷәӷәан.
Аҵыхәтәантәи уахыки-ҽнаки рыла Краснодартәи атәылаҿацә аҟны рыԥсҭазаара иалҵит акоронавирус зцәа иалаз ҩыџьа апациентцәа. апандемиа ҟалеижьҭеи Ҟәбан иахьаҵанакуа COVID-19 иахҟьаз аԥсыҭбарақәа 291 ыҟоуп.
Иахьазы Аԥсны иахьаҵанакуа акоронавирус рыдырбалахьеит 1659-ҩык ауааԥсыра. Урҭ рахьтә ргәы бзиахеит 602-ҩык, 13-ҩык рыԥсҭазаара иалҵит.
Акоронавирус иадҳәалоу ажәабжьқәа зегьы шәрыԥхьар ҟалоит абра>>