Гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭаҿы COVID-19 злаз аԥҳәыс лыԥсҭазаара далҵит

© SputnikГудаутская ЦРБ
Гудаутская ЦРБ - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Иахьазы Аԥсны иахьаҵанакуа акоронавирус рыдырбалахьеит 1659 -ҩык ауааԥсыра. Урҭ рахьтә ргәы бзиахеит 602-ҩык, 13-ҩык рыԥсҭазаара иалҵит.

АҞӘА, жьҭаара 3 - Sputnik. 1960 шықәса рзы ииз COVID-19 адиагноз змаз аԥҳәыс Гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭаҿы лыԥсҭазаара далҵит жьҭаара 3 рзы, абри атәы аанацҳауеит ауааԥсыра акоронавирус рацәыхьчаразы аоперативтә штаб. 

Апациентка Гәдоуҭатәи араионтә хәышәтәырҭа хада ареанимациатә ҟәша дҭашәеит жьҭаара 1 азы аԥсыԥлагаҩагара акыр илцәыуадаҩны, уи зыхҟьаз ахәышәтәырҭанҭыҵтәи аполисегментартә субтоталтә гәаҵәкра акәын. Иазгәаҭоуп лара егьырҭ асоматикатә чымазара хьанҭақәа шлымаз.

Иҳаҩсыз уахыки-ҽнаки рыла акоровирустә инфекциа рылоу ирыламу азы агәаҭарақәа ирхысит 209-ҩык ауааԥсыра, урҭ рахьтә COVID-19 адиагноз рзышьақәыргылоуп 69-ҩык.

Абыржәтәи аамҭазы Гәдоуҭатәи араионтә хәышәтәырҭа хадаҿы ишьҭоуп 155-ҩык ауааԥсыра, урҭ рахьтә 139-ҩык акоронавирус адиагноз рзышьақәырӷәӷәоуп, рҭагылазаашьа бааԥсуп 18-ҩык, ибжьаратәуп - 47-ҩык, илҩаауп 12-ҩык апациентцәа.

Акоронавирус иазку ажәабжьқәа зегьы шәрыԥхьар ҟалоит абра>>

Ажәабжьқәа зегьы
0