Есма Ҭодуаԥҳа, Sputnik
Изныкымкәа аҵарауаа, ашәҟәыҩҩцәа, аинтеллигенциа рхаҭарнакцәа алацәажәахьеит аԥсуа чара азҵаатәқәа, аха уи актуалра шамац иаанхоит. Аҵыхәтәантәи амшқәа рзы иҟаз аԥсуа чарақәа рыхҭысқәа дырҩегь иҿыцны ицәырыргеит азҵаарақәа. Урҭ иреиуоуп асаан аԥҽра.
Аҿар азҵаауеит асаан аԥҽра аԥсуаа иртәума, иабантәааи, ҵакыс иамои, иузԥымҽыр иҟалои уҳәа. Раԥхьа иргыланы иҳәатәуп, аҭаца аҩны даныҩнало ашәхымс аҿы анхәа илзышьҭалҵо асаан аԥҽра аҵас аԥсуаа рчара аҵас-қьабзқәа ишрыцәтәыму. Уи ус шакәу дырҵабыргуеит афольклортә-етнографиатә анҵамҭақәа. Иахьа 80-шықәса ирҭысхьоу уанрызҵаауа "шәара аҭаацәара шәаналаз, аҩны шәаныҩналоз асаан ԥышәҽуазма?" ҳәа – "мап, уи ҳхаан иҳамбацызт", – ҳәа аҭак ҟарҵоит. Убасҵәҟьа салҳәеит 85 шықәса зхыҵуа, Оҭҳара ақыҭа инхо Ламара Ажьиба.
"Сара аҩнра ҳәа санаа жәибжь шықәса ракәын исхыҵуаз. Усҟан ухы инаркны ушьапы аҟынӡа аиқәаҵәа ушәызар акәын, акасы еиқәаҵәа схан. Дызлыргаз еибарҵәыуоит, дыззааргаз гәырӷьоит рымҳәои, абри аҭаца лхаҵацара аԥсрак еиԥш илбон, илҭахымзаргьы дҵәыуар акәын, мамзар ари лҭаацәа дахьрылҵыз деигәырӷьама рҳәон. Уи агаӡарақәагьы ыҟан, иалыбхи, аха абзиарақәагьы рацәан, уи зегь ҳарӡит. Асаанԥҽра – мап, мап, уи сара схаан исымбеит. Сара схаан иҟаз, акамфеҭқәа ҳақәрыԥсон, аԥара ҿырп, абаз ҳәа иашьҭан, ахышәҭ-мышәҭқәа, аҭаца илықәрыԥсон, нас ахәыҷқәа еимакуа еизыргон. Нас ацха ҳқьышә иқәыршьуан, аҩны уаныҩналалак аиӷ каԥсо уакәшар акәын. Абарҭқәа роуп", – ҳәа ҳзеиҭалҳәеит ҳинформант.
Аԥсуа чара: атрадициақәеи иахьатәи аамҭеи реиҿыбаара>>
Аӡәырҩы ажәларқәа рҟны иазгәаҭоуп ачара ауаҩы изыҿҳәароу аамҭатә циклк аҟынтәи даҽа аамҭатә циклк ахь ииасра акәны ишрыдыркылоз, убри аҟнытә аҭаца "иԥсны ибзахаз" диеиԥшныршьалон, убри ауп шьаҭас иамоу аиқәаҵәа шәҵатәгьы аҭаца лылаӷырӡгьы. Аха ауаҩы исоциалтә ҭагылазаашьа аҽаԥсахыцыԥхьаӡа иҵасқәа, иқьабзқәагьы аиҭакрақәа рнубаалоит. Асаан аԥҽра аҵас акәзар, Европантәи иаауа традициоуп, иара аҭаца лышәҵатәы еиԥшгьы.
Англиа инхо рҵас ишаҳәо ала, асаанԥҽра аҭаца лыцқьара аанарԥшуеит, асаан лызԥымҽыр, дыцқьам ҳәа дыԥхьаӡан, уи акыр дарԥхашьон. Зныкла аҭаца асаан анлызԥымҽлак, уи илывагылаз ахаҵаҩыза асаан ԥыххааса иқәиҵон, нас уи аԥҽыхақәагьы еизызгоз иара иакәын, избанзар аҭаца лыхьӡи лыхьымӡӷи ахаҵаҩыза идуп. Аԥсуаа ҳҟны ари цәырҵит ҳанҵамҭақәа ишаҳдырбо ала, 60-70 шықәса раԥхьа, ари ашықәсхыҵра иаҵанакуа ауаа зегьы ракәымзаргьы иҟоуп урҭ рҟынтәи асаан ԥаҳҽуан ҳәа зҳәо. Тәылақәак рҟны, асаан иану ахаа-мыхаақәа аҭаца ианлықәрыԥсалак ашьҭахь, иара ахаҭагьы аҭаца лхы иакәыхшан иԥырҽуан. Аурысцәа рҟны асаан ахаҭыԥан арыжәтә зларжәыз аҵәцақәа ԥырҽуеит. Урҭ рҟны ишазгәарҭо ала, аҵәца, асаан аԥҽра абзиара, анасыԥ иатәуп. Иара ус машәыршәагьы аӡәы акы аницәыԥҽлак "абзиара иазҳәоуп" рҳәоит, ари аҵыхәтәантәи азгәаҭара аԥсуаагьы иҳалаҵәоуп.
Иаагоу аҿырԥштәқәа реихшьаала ҟауҵозар, даҽаџьарантә иаагоу аҵас, иаҵанакуа ҳзымдыруа, ишахәҭоугьы инаҳагӡом (иаҳҳәап, аҭаца илызԥымҽыз асаан иааԥылымҽыкәа давсуам, убри аан лҩыза аниакәу уи ҟазҵаша). Аҿыцрақәа ҳаԥсҭазаара ралагалара зегь мап рыцәктәымзаргьы ауеит, аха урҭ рҵакы инагӡаны иудыруазароуп, ишақәнагоу аныҟәгаразы. Убри аан аҿыц уашьҭаланы ухатәы ухамышҭуазароуп.
Жәлар рдоуҳа: Ҭодуаԥҳа еиҿлырԥшит аԥсуа чара ажәытәани иахьеи>>
Абарақьаҭреи аизҳазыӷьареи ирсимволу аԥсуа инхашәа иагым ашьхааӡара иадҳәалоу ақьабз аҭаца лқьышә ацха ақәшьра еиҭашьақәыргылатәу қьабзуп ҳәа сахәаԥшуеит сара. Иҟалап уи аӡра зыхҟьаз ақыҭаԥсҭазаараҟынтәи ақалақьԥсҭазаарахь аиасра акәзар, насгьы ашьхааӡара знапы алаку ахьмаҷхаз. Егьа ус шакәугьы, уи урҿыцыр ҟалоит аҿыц ҵакы аҭаны, урҭ иреиуоуп ацха аҭаца лқьышә ақәшьра лыбз хаахааит ҳәа ауп ҵакыс иамоу ҳәа ирҳәо.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
- "Шәеидымшылахааит", ма аԥсуа чараҿы аныҳәаҿақәа реишьҭагылашьа
Аԥсуа чарахь абилеҭ: ажәытәи аҿатәи реиҿырԥшра амҩала