Иԥыххаа, мамзар бнасыԥдахоит: ачанах аԥҽра ақьабз азы

© Sputnik / Томас ТхайцукСвадьба
Свадьба  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсуа ҭацацәа рыԥхашьаԥхаҵара, рхымҩаԥгашьа иазкны ирацәоуп иҳәоу, иҩу. Иахьатәи анҵамҭа аззырхиаз Аинар Ҷыҭанаа длыҿцәажәеит Аԥсуаҭҵааратә институт аетнологиа аҟәша аусзуҩ, аԥсуа чара ажәытәи аҿатәи ҭызҵаауа Елисо Сангәлиаԥҳа. Лара дазааҭгылеит ачанах аԥҽра ақьабз.

Аинар Ҷыҭанаа, Sputnik

- Ишԥамҩаԥыргоз аԥсуа чара жәытәнатә аахыс, иаҳа иналукааша ақьабзқәа арбану?

- Аԥсуа чара жәытәнатә аахыс ирацәаӡаны ақьабзқәеи, аҳәамҭақәеи, анцәахаҵарақәеи адҳәалан. Урҭ зегьы аԥсуаа иҷыдоу аишьҭагылашьа рыҭаны ирықәныҟәон, ирзаман иԥшьоу аҵакы. Ачара иадҳәалоу аусмҩаԥгатәқәа ирсакьаҳәымҭоуп аҭаца аҩныҟа лаагара. Акасы еиқәаҵәа лҿаршәны, аҽы дақәыртәаны, аҵх далакны акәын ажәытәан аҭаца дшыргоз. Ахысыбжьқәеи аҭацаагаратә ашәа "Радедеи" бжьыкны еилалон аҭаца ашҭа данҭаргалоз аамҭазы.

Аԥсуа чара - Sputnik Аҧсны
Амреи Амзеи реиԥш еидажәлааит, ма ачара шчароу злаудыруа

Ашҭа агәҭаны аҭаца ланхәа дылԥыланы хынтә длыкәшон, ацхагьы лқьышә инықәылшьуан, лыбз архаауеит ҳәа агәра ганы. Абжьыуаа рахь аусмҩаԥгатәқәа ахьеилашуаз "аҩну ду" аҟны аҭаца дыҩнагаланы ашырӡ зныз ачанах лнапы иаркны, хынтә ахәышҭаара дакәдыршон. Уи аан аҭаца лчанах ианыз ашырӡ лаԥхьаҟа икалыԥсалар акәын. Уи ашьҭахь акәын аҭаца амҳарахьы даныргоз. Бзыԥаа рҟны акәзар, аҭаца иаразнак амҳара дыҩнаргалон. Ашәхымс аҟны анхәа араӡын ԥареи ахаамыхаақәеи лҭаца илықәлыԥсон. Уи ашьҭахь аҭаца лхаҟны амгьал ԥыҽҽны еилагылаз ирзыршон.

Аҩны ашәхымс аҟны икадыршәуан аџьма, мамзаргьы ауаса ацәа. Аҭаца, хыхь еихданы иркыз аҳәызбақәа дрыҵысны, ашәхымс иларшәыз ацәа дылсны лыҩн ҿыц дныҩналон. Уи ашьҭахь, ҿыц еибагаз раԥхьатәи рыхҭылҵ дыҷкәынхарц азы, абжьыуаа рҟны аҭаца лшьамхы ҷкәына хәыҷык дықәдыртәон. Арҭ аҵасқәа зегьы еиламырҩашьакәа изымҩаԥыргоз, ҿыц еибагаз рыԥсҭазаара беианы, ихааны имҩаԥысырц, аҭаацәара алахәыла ҿыц алаԥш цәгьақәа лҟәыблаазарц азы акәын.

- Арҭ аҵасқәа рахьтә иахьанӡа имааизгьы ыҟоуп, аха ҳаԥсҭазаашьаҟны здацқәа ҵауланы изышьҭхьоу аҵасқәа иреиуоу ачанах аԥҽра абантәиаауеи?

Обручальные кольца - Sputnik Аҧсны
Ахкаршәра, агараҿаҟәара: аԥсуаа ржәытә ҭаацәараԥҵара иазку згәаҭақәак

- Урҭ рахьтә акы-ҩба иахьатәи аамҭазгьы еиқәырханы иаагоуп, аха урҭ ирыҵаз анашанатә ҵакы ажәлар ирхашҭижьҭеи акрааҵуеит. Ажәытә ҵасқәа еиҳа-еиҳа иԥсаххоит ҳаамҭазтәи аԥсҭазаашьа иашьашәалоу ақьабз ҿыцқәа рыла. Ҳаамҭазтәи аилазаарагьы иамоуп ахатәы гәрагарақәа. Лассы-лассы аинтернет аҟны ицәырҵуа, аԥсуа ҭацацәа иреиӷьу аган ала иаазмырԥшуа авидеонҵамҭақәа рҵыхәала ари азҵаара иазҿлымҳау рацәаҩуп. Егьырҭ акультурақәа рҟынтәи аԥсуа милаҭтә культура иаланагалаз ачанах аԥҽра аритуал шамахамзар ҳаамҭазтәи ачарақәа зегьы рҟны имҩаԥыргоит.

Ачараҟны акҿаҩрамаҭәа аԥҽра амилаҭқәа жәпакы рзы ижәытәӡатәиу қьабзуп. Арҭ аҿырԥштәқәа еиуеиԥшым ажәларқәа рҟны еиуеиԥшым азнеишьақәа рыманы иаҳԥылоит. Аԥхьан акәзар, ачанах аԥҽра аҭаца лыцқьара арҵабыргуеит ҳәа иԥхьаӡан. Иаҳҳәап, Ажәытә Урыстәыла ачара адырҩаҽны анышәаԥшь иалхыз акҿаҩрамаҭәа ԥырҽуан. Аԥҳалқәа ԥыхха ицар – аҭаца дыцқьоуп ҳәа аанагон. Иԥымҽыр, лҭынхацәа рыӡӷаб ҿыхтәыс дроуан. Ажәытәуаа ртеориа ала, аԥҽыхақәа заҟа ирацәахо аҟара, ҿыц еибагаз рынасыԥгьы анҵыра аиуеит. Аԥҽыха ҟәазқәа рхыԥхьаӡара еиҳа ирацәазар – аҵеи иира шәазыԥшыз. Аԥҽыха ссақәа еиҳа ирацәазар – раԥхьатәи ахҭылҵ дыӡӷабхоит. Даҽа зныкгьы – ари атеориа излаҳәо ала. Апрактикаҿы алҵшәақәа даҽакхар ауеит.

Иԥырҽуаз акҿаҩрамаҭәа ақәгара зуалыз аҭаца лакәын, уи аангьы асасцәа аҵәы лылхуа лара илԥырхагахон. Аха аҭаца лакәзар, урҭ ирҳәозгьы, ируазгьы хьаас имкыкәа, ишахәҭоу лус налыгӡар лыхәҭан. Аҭаца адҵа шыналыгӡоз ала асасцәа еилыркаауан лара анхара-анҵыра дахьынӡазыманшәалоу. Ажәакала, ари апроцесс зегьы ашколхәыҷқәа ирымоу аԥышәарақәа акала иреиԥшнаҳшьалар ауеит.

Ажәытә аԥсуа ҩны, Гагра араион - Sputnik Аҧсны
Аҳаҷашь, аҭацамҳара: аԥсуаа рынхашьеи рысасдкылашьеи акәамаҵамақәа

Уажәакәзар, анышәаԥшь ԥсаххеит ахьыҵәцаратә бокал дуқәа рыла. Ҿыц еибагаз урҭ рҟынтәи арыжәтә еицыржәуеит.

Адунеи аҟны еиуеиԥшым амилаҭқәа ари аҵас еиуеиԥшым авариантқәа ҳадыргалоит. Иаҳҳәап, Германиа ахаҵа иԥҳәыс ишылбо акҿаҩрамаҭәа ԥиҽуеит. Заҟа чанах ԥиҽуа еиҳагьы еиӷьуп ҳәа ирыԥхьаӡоит. Великобританиа акәзар, амаҳә ачаџьқәа, мамзаргьы амгьалхаа зну ачанах аҭаца лхы иакәыршаны иршәуеит. Амаҳә иршәыз ачанах ԥымҽыр, амаҳә иҩызеи иареи еицхырааны, шьапыла иақәԥало, ачанах ҟәыбаса ишьҭарҵар ауп. Ус ауп ишҵасу. Ирызԥымҽыр – иҵасым.

Ажәакала, ари аҵас ажәытәан аԥсуаа рҟны иныҟәыргомызт, уажәааигәоуп аԥсуа культура ианаланагала. Ачараҿы ачанах аԥҽра анасыԥ иатәуп ҳәа иԥхьаӡоуп иахьагьы.

- Иахьатәи аамҭазы ари аҵас амҩаԥгашьа шәара шәышԥахәаԥшуеи?

- Аҭаца лзы кыр аҵанакуеит аҭаацәара иалало иаҳәшьа амардуан ашьапаҟны ишьҭалҵо ачанах аԥҽра. Усҟан еизаз зегьы, еиҳаракгьы аҳәса, амардуанахь ауп рылаԥш ахьхо, "илзыԥҽрымашь зныкҟьарала?!" Ари аҵас арсҟак азҿлымҳара замоу, ажәлар рҳәамҭа ала, ачанах ԥымҽыр, аҭаацәараҟны аҳәоуеиқәымшәара ҟалоит азоуп. Изныкымкәа аҭацацәа рхаҭа имӡакәа ирҳәахьеит заҟа агәыхыҭхыҭра ацу амардуан азааигәахара – "издыруада иалымҵыр?!" Анцәа иумҳәан, ус иҟалаӡазаргьы, аҭаца ҩнуҵҟала лҭаацәара ҿыц аҟны ицәырҵраны иҟоу аиқәымшәарақәа лҽырзыҟалҵо далагоит.

Спектакль Софичка в рамках фестиваля искусств Фазиля Искандера Стоянка человека. - Sputnik Аҧсны
Аҭацаагарашәа "Радеда" шыҟалаз

Убри аҟнытә аҭаца лзы ихымԥадатәиу дҵоуп ишыҟазаалакгьы ачанах аԥыххаара. Уи аамҭазы ари збо, ачараҟны еизаз ауаа инеиларҵоит: "Ҳаи, абааԥсы! Заҟа иӷәӷәаны дасзеи!?" Уаҳа иҟалҵари? Иԥҽтәуп, акәымзар нас аусқәа ҽеимхар ҟалоит. Убри аҟнытә аҭаца иалылхуеит актәи авариант. Аамҭала аԥхашьара лхаршҭны, лыҵкы аанкыланы ишлымчу дыкшоит. Иҟоуп убас еиԥш аҿырԥштәқкәа, имариам ари адҵа анагӡараан аҭацацәа реимаа аҵа анаҵырхуагьы. Уигьы ихәарҭам "жәлар разгәаҭара" ҳәа иԥхьаӡоуп. Ачанах "аиааира" злымшаз аҭацацәа џьоукы-џьоукы изыниаз даараӡа ргәы днархьуеит, иҟоуп аӡҭаҽҽа еиԥш зылаӷырӡ хнажьуагьы.

Зны ҭаца гәымшәак илыԥшааит ари аҭагылазаашьа уадаҩ алҵшьа. Шьапыла ачанах шлызԥымҽуаз анылба, иаашьҭыхны иҩкыдылҟьан, иԥылыххааит. Ачараҟны еизаз ауаа ачанах аԥҽыхақәа анрылаԥса, аҭаца лгәымшәара напеинҟьарала ирыдыркылазаап. Нас иаԥсоума аԥсуа милаҭтә ҵасқәа ирыцәтәыму ари аҵас ҿыц аҵыхәала гәык-ԥсыкала уи аҵакы агәра зго аҭацацәа рылахь аиқәҵара, иманшәалам аҭагылазаашьа рҭаргылара?! Иҟамлари маҷк ҳхы ҳааҭахәыцны, ачанахԥҽра мап ацәкны, аҭаца лыҩнаҭа ҿыц ахь лшьапаҟны икаршәу ауарҳал шкәакәа дылсны лгәы раҳаҭны анеира азин лаҳҭар!?

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

 

Ажәабжьқәа зегьы
0