"Шәеидымшылахааит", ма аԥсуа чараҿы аныҳәаҿақәа реишьҭагылашьа

© Sputnik / Томас Тхайцук"Шәеидымшылахааит", ма аԥсуа чараҿы аныҳәаҿақәа реишьҭагылашьа
Шәеидымшылахааит, ма аԥсуа чараҿы аныҳәаҿақәа реишьҭагылашьа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Жәынгьы-ҿангьы аԥсуа чара ухаҿы иузаагом аныҳәаҿақәа рыда. Нас иарбан еишьҭагылашьоу ирымоу ачараҿы аныҳәаҿақәа? Убри атәы Sputnik аматериал аҟны даҳзалацәажәоит Сусанна Ҭаниаԥҳа.

Сусанна Ҭаниаԥҳа, Sputnik

Аԥсуаа ҳҟны ажәаԥҟаны ирҳәоит "Аӡыхь бзиеи ажәа ҟәандеи гәырԥсаҳәагоуп" ҳәа, убри инамаданы ажәаҳәаратә ҟазара ахьԥыршәо, ажәа ахаареи аҟәандареи ахьаадырԥшуа, иахьазыӡырҩуа, иагьахьааӡо аҭыԥқәа иреиуоуп ауаа рацәа иахьыреизарҭоу ачара.

Ачара арԥшӡараҿы, арлахҿыхраҿы акырӡа аҵанакуеит аҭамада ироль. Уи заҟа ажәа ырԥшӡаны иҳәо, зныҳәаҿа шьҭихуа ҳаҭырла дрыхцәажәо, еиҳаракгьы асасцәа, иара усгьы иажәа сахьаркны ишьақәыргылоу, аныҳәаҿақәа аки-аки еиҿыбаауа аишәа-чара еиҿкаароуп хықәкыс имоу. Убри аҟнытә, ачара зуа аԥшәма аҭамадара знапы ианиҵаша иалԥшаараан ҳасаб азиуроуп аҭамада ажәлар рҟны имоу ахьӡ-аԥша, иԥышәа, ицәажәашьа, ауаа рырӡырҩреи рырлахҿыхреи рҟны илшара зеиԥшроу. Абарҭ хыхь еиқәыԥхьаӡоу аҷыдарақәа ирықәшәо уаҳа назҭахым ҭамада нагахоит.

Ҳажәлар рыҩнуҵҟа имаҵӡам зыхьӡ-зыԥша хара инеҩхьоу аҭамадацәа. Урҭ ирылоу аҟыбаҩи аԥышәеи ирыбзоураны џьара иааҿамхакәа, рныҳәаҿақәа еихышәшәа ицоит. Аха иахьыҟазаалакгьы, аԥсуа еишәа-чара иамоуп ахатәы ԥҟара, иҷыдоу аныҳәаҿақәа реишьҭагылашьа.

Аԥсуа чара - Sputnik Аҧсны
Амреи Амзеи реиԥш еидажәлааит, ма ачара шчароу злаудыруа

Ааигәа сымҩахыҵит Ԥақәашь ақыҭан инхо абырг нага Ҭаниа Ардон Џьоџьа-иԥа иҩнаҭашҟа. Ҭаниа Ардон Џьоџьа-иԥа абырг ҳәагьы изыҳәара уадаҩуп, қәрала ԥшьынҩажәи жәаба шықәса дшырҭагылоугьы, иқәра зынӡа инубаалом, деилҟьоуп, ихшыҩ ҵаруп, анхара инапы алакуп.

Иара ԥшьҩык аҭыԥҳацәа драбуп, урҭ рызынтәык ҭаацәарахахьеит, иахьазы жәаҩык амаҭацәа драбдууп. Аԥсуа ҵас иалааӡоу, изгәылыжжуа Ардон Џьоџьа-иԥа акырынтә Аԥсны ахы-аҵыхәа имҩаԥигахьеи аҭамадарақәа. Анаҩс иаазго аныҳәаҿақәа реишьҭагылашьа шьақәыргылоуп иара иҿцәажәара аҟнытәи.

© Foto / предоставлено семьей Тания Аԥсны ахы-аҵыхәа акырынтә ҭамадара ныҟәызгахьоу, ԥшьынҩажәижәаба шықәса ирҭагылоу Ардон Ҭаниа
Шәеидымшылахааит, ма аԥсуа чараҿы аныҳәаҿақәа реишьҭагылашьа - Sputnik Аҧсны
Аԥсны ахы-аҵыхәа акырынтә ҭамадара ныҟәызгахьоу, ԥшьынҩажәижәаба шықәса ирҭагылоу Ардон Ҭаниа

Ачараҿы аныҳәаҿақәа реишьҭагылашьа

  • "Анцәа улԥха ҳаҭ!" - ари актәи аныҳәаҿа аанызкыло ачара зуа аҩнаҭа аԥшәма иоуп. Уи иныҳәаҿаҿы ҳазшаз диҳәоит абзиарақәа ҟалаларц азы.
  • "Ҽаанбзиала!" - "Ҽаанбзиала шәнеилааит, ҽаангьы-цахәгьы ҳаигымхо, еснагь ҳаиқәшәара ачарақәеи абзиарақәеи иртәны" ҳәа аԥшәма ари аныҳәа аанкыланы зегьы еимырдартә рылаиҳәоит. Ҽаанбзиала ҳәа аныҳәаҿа зегьы ианааныркылалак ашьҭахь ицәырҵуеит ахԥатәи аныҳәаҿа. Иазгәаҭатәуп, Бзыԥын "Ҽаанбзиала!" аныҳәаҿа шрымам, уа "Аԥааимбар илԥха ҳамазааит!" ҳәа аныҳәаҿа ркуеит.
Абхазский фестиваль Апсны - Sputnik Аҧсны
Аԥсуа чарахь абилеҭ: ажәытәи аҿатәи реиҿырԥшра амҩала
  • "Аҭамада иныҳәаҿа" - аԥшәма аҵәца аашьҭыхны аҭамада далихуеит, убри иныҳәаҿа инеимда-ааимда зегьы иааныркылоит.
  • Ҭамадас иҟарҵаз данеилкааха, иныҳәаҿа анырҳәа нахыс, уажәшьҭа аишәа-чараҿы аныҳәаҿақәа зҳәо иара иоуп. Аҭамада аныҳәаҿақәа ааникылалар илшоит хәҭа-ҳәҭала. Актәи ахәҭаҿы иааникылараны иҟоу аныҳәаҿақәа иреиуоуп:

    • "Аԥсуа жәлар рныҳәаҿа" - ари аныҳәаҿаҿы аҭамада дрықәныҳәоит аԥсуа жәлар.
    • «Иҳагхахьоу рзы" - аибашьраҿы иҭахаз, амҩатә машәыр иахҟьаны иҭахаз, ҩнаҭала иагхахьоу роума дрыхцәажәаны, "уахь иҟоу иалхымзааит" ҳәаны, иааникылоит абри аҵәцахә.

    Абри зегьы ианааныркылалак, аҭамада диасуеит аҩбатәи ахәҭахьы:

    • "Еибагаз аҷкәыни аӡӷаби" рныҳәаҿа - "Амреи амзеи реиԥш шәеигымзааит", "Шәеидымшылахааит", "Амреи амзеи реиԥш шәеидажәлааит", "Амреи амзеи реиԥш шәгәыкызааит" - абас ажәа лыԥшаахқәа рыла аҭамада аҭаацәара аԥызҵаз дрықәныҳәоит.
    Свадьба  - Sputnik Аҧсны
    Иԥыххаа, мамзар бнасыԥдахоит: ачанах аԥҽра ақьабз азы
  • Аҷкәын иаби иани рныҳәаҿа.
  • Аӡӷаб лаби лани рныҳәаҿа.
  • Еибагаз аҷкәыни аӡӷаби реиҳабацәа (абду, анду) рныҳәаҿа.
  • Ачара ззыруа аӡӷаб лганахьала иааз асасцәа рԥыза иныҳәаҿа.
  • Абра ихыркәшоуп аҩбатәи ахәҭа.

    Уажәшьҭа аҭамада диасуеит ахԥатәи ахәҭахьы:

    • Ачара ахьымҩаԥысуа аиашьара, аижәлантәқәа рныҳәаҿа.
    • Ачара ззыруа аҷкәыни аӡӷаби раншьцәа рныҳәаҿа.
    • Аӡӷаб лганахьала иааз аԥҳәыс еиҳаби илыцу лҩызцәа уахь инадкыланы рныҳәаҿа акны иныркылоит.
    • Аӡӷаб лганахьала иааз ахацәарԥар рныҳәаҿа.
    • Аҩнаҭа иалахәу (аб иашьцәа, аб иаҳәшьцәа, амаҳәцәа, аҭацацәа) рныҳәаҿа.
    Аԥсуа чара - Sputnik Аҧсны
    Скәашом ҳәа ҭоуба шышьҭасҵаз: иахьатәи ҳчарақәа рҟны акәашаратә етикет иазкны
  • Ачара заҳәаз аԥшәма иҩызцәа-иқәлацәа "Иатәны иааиз" рныҳәаҿа.
  • Аҩнраҿы иаанагаз аҭаца лыжәлантә рныҳәаҿа, лашьцәа-лаҳәшьцәа уахь иналаҵаны.
  • Аҭамада дзыхныҳәаз абарҭ аныҳәаҿақәа саси ԥшәымеи неиԥымкрада зегьы ианааныркылалак, аныҳәаҿақәа рҳәара ихәҭоуп асасцәа рԥыза. Уи иааникылоит абас еиԥш иҟоу аныҳәаҿақәа:

    • Иахьа ҳзырԥшӡаз аҭамада иҭабуп ҳәа иаҳәо "Аҭамада иныҳәаҿа" рҳәоит.
    • Ачараҿы амаҵ зуаз рныҳәаҿа.
    • Ҳазҭоу аԥшәмацәа рчара аизҳареи агәырӷьареи амазааит ҳәа аныҳәаҿа. 

    Абарҭ аныҳәаҿақәа анааныркылалак ашьҭахь, аԥшәмацәагьы асасцәагьы леибаргылоит.

    Абырг ишазгәеиҭаз ала, ачаратә еишәаҿы аҩы ажәра шахәҭоу аҵәцақәа рылоуп. Аԥаҭхь анцәырыргоз асасцәа аҩныҟа адәықәлара рҽаназырклак аламҭалазоуп. Ашьаԥа анҭыҵ ашҭа агәаны идырхиоит адәахьтәи астол, убра, аӡӷаб лганахьала иҟоу асас дахьцәа раԥхьа дҩагыланы, аԥшәма аԥаҭхь азна аҩы аашьҭыхны ичара зырԥшӡаз асасцәа иҭабуп ҳәа реиҳәоит. Даргьы ҭакс "шәашҭаҿы абзиара ҟало" ҳәа аԥаҭхь иахныҳәаны, инҭыркәкәаны ижәуеит. Убри ала асасцәа ачараҟнытә аҩныҟа рҿынархоит.

    Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

    Ажәабжьқәа зегьы
    0